pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Лаҵарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 19 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа административтә усқәеи админитративтә зинеилагарақәеи рзы Акассациатә коллегиаи иаарту аӡбаратә еилатәара аҿы Алеқсандр Анқәаб «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара ианашьара азы  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иусԥҟа азакәанмчы амам ҳәа азхаҵара азы административтә ус ала Иреиҳаӡоу аӡбарҭа хәажәкыра 22, 2023 шықәсазы иаднакылаз аӡбамҭа азы    1992-1993шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа еидызкыло ауаажәларратә еиҿкаара «Аруаа» ахантәаҩы Ҭемыр Гәлиа хазхаҭалатәи изыҳәамҭа иахәаԥшит. Акассациатә коллегиа аилазаараҿы иҟан: ахантәаҩы -  Лииа Адлеиба, аӡбаҩцәа - Мадина Логуеи  Ҭемыр Ҭарбеи.

Аҟәа. Лаҵарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Москваҟа иусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны И. М. Сеченов ихьӡ зху Актәи Москватәи аҳәынҭқарратә медицинатә университет аректор Пиотр Глыбочко диԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Едуард Быҭәбеи Пиотр Глыбочкои Аԥсны азы амедицинатә усзуҩцәа разыҟаҵареи, Аԥснынтәи апациентцәа ихымԥадатәиу амедицинатә бгаԥса аҳәаақәа ирҭагӡаны ауниверситет иатәу ахәышәтәырҭа аҿы рыстационартә хәышәтәреи ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра аҟынтәи Ф.А. Искандер ихьӡ зху Аҳынҭқарратә аурыс драматә театр рашәарамза 24 -25, 2023 шықәсазы Горно-Алтаиск ақалақь аҿы «Агастроль дуқәа» мҩаԥысраны иҟоуп.

П.В. Кучиак ихьӡ зху Амилаҭтә театр асцена аҿы имҩаԥысуеит аспектакльқәа рырбара. Убас: рашәарамза 24, асааҭ 17:00 рзы – «Ишьаарҵәыроу ачара» , рашәарамза 25, асааҭ 16.00 рзы – «Ахаҵа ԥшӡа»,  ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Алтаи акультура Аминистрра.

Ф.А. Искандер ихьӡ зху Аҳынҭқарратә аурыс драматә театр – Аԥсны иҟоу аурыс театр заҵәык ауп. Уи 1981 шықәсазы Аҟәатәи ахәаԥшыҩ қәыԥш итеатр аҳасабала иаԥҵан. 1991 шықәсазы аурыс драматә театр астатус аиуит.  

Аҟәа. Лаҵарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Лаҵарамза 27 рзы Москва ақалақь, П. И. Чаиковски ихьӡ зху Аконцертә зал аҟны имҩаԥысуеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи аҳәынҭқарратә ансамбль аконцерт.    Ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы – Аԥсни Ҟарачы-Черкесиаеи жәлар рартист Валери Ҭаниа.

«Урыстәыла аҳҭнықалақь, адунеи аҿы еицырдыруа азалқәа руак аҿы ақәгылара – ари даара гәырӷьара дууп, акыр аҭакԥхықәрагьы ацуп. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп аԥсуа кәашарақәеи ашәаҳәарақәеи ирыҵоу иҷыдоу акалорит аарԥшра шҳалшо.  Ас еиԥш иҟоу акультуратә проектқәа даара акыр аҵанакуеит. Урҭ ҳтәылақәа рыбжьара егьырҭ аусхкқәагьы рҿы аусеицура аҳәаақәа рырҭбаара азы ашьаҭа ӷәӷәа аԥырҵоит», - ҳәа Феисбук аҿы идаҟьа аҿы ианиҵеит Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба.

Аҟәа. Лаҵарамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахәахәҭра-ааглыхратә Палата Апрезидент Тамила Мерцхәлаа Ареспублика Ҭаҭарсҭан Ахада  Рустам Минниханов иааԥхьарала XIV жәларбжьаратәи аекономикатә Форум «Урыстәыла– Исламтәи адунеи: KazanForum» лхы алалырхәуеит.

Лаҵарамза 17 рзы Афорум «Урыстәыла– Исламтәи адунеи: KazanForum» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ареспублика Ҭаҭарсҭан Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата  аконгресс-зал аҿы Ареспублика Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата апрезидент Сергеи Катырин ихантәаҩрала ахәаахәҭра-ааглыхратә палатақәа жәларбжьаратәи афорум аартра мҩаԥысит. Сынтәа Афорум еизнагеит Урыстәыла арегионқәеи исламтәи аусеицура Аиҿкаара иалаху атәылақәа рҟынтәи 250 инареиҳаны алахәылацәа.

Иара убри аҽныҵәҟьа, лаҵарамза 17 азы, Анапхгара Аҩны аҿы Рустам Минниханови аҳәаанырцәтәи апалатақәа рнапхгаҩцәеи реиԥылара мҩаԥысит. Ҳаҭыр зқәу асас иаҳасабала аҳәаанырцәтәи апалатақәа рнапхгаҩцәа рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата ахада Тамила Мерцхәлаа.  

Аҟәа. Лаҵарамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби Урыстәыла Приволжтәи афедералтә округ ҳаҭыр зқәу аконсул Владимир Литвинчуки Аԥсни Нижегородтәи аобласти рыбжьара еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.  

Ҳаҭыр зқәу аконсул ишазгәеиҭаз ала, аганқәа аҵарадырратә усхкы аҿы русеицура қәҿиара аҿиара мҩаԥысуеит: иахьа Нижегородтәи аҳәынҭқарратә анџьныр-економикатә Университет аҿы аҵара рҵоит Аԥснынтәи 20-ҩык астудентцәа – апрограммаҟаҵара, афатәтә ааглыхра атехнологиақәа, афымца-нџьныр, анџьныр-механикцәа, амаҭәа адизаинерцәа, уҳәа. 17-ҩык ареспублика атәылауаа Нижни Новгород ақалақь аҿы Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Академиа аҿы иҷыдоу иреиҳаӡоу аҵарадырра роуеит, абжьаратәи ашколқәа рҵаҩцәа реиҭныԥсахлара апрограмма ашьақәгылара иаҿуп.  

Аҟәа. Лаҵарамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла агәабзиарахьчара Аминистрра аҿы Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Виктор Фисинкои реиԥылара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Виктор Фисенкои Едуард Быҭәбеи агәабзиарахьчара иадҳәаланы аҩганктәи аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит.  Ирылацәажәеит иара убас иааиуа акурорттә сезонгьы.

Урыстәылатәи аколлегацәа ихадоу азҵаарақәа зегьы рыла ацхыраара аҭара ишазхиоу азгәарҭеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахылаԥшратә абжьараҽҳәаратә хықәкытә программа «2023-2025шш. амҩаҿы аныҟәаратә ԥҟарақәа реилагара автоматтә фиксациа асистема аҿиара»  анагӡаразы аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҭаххрақәа рзы амаругақәа рыла аиқәыршәара азы иаарту аконкурс мҩаԥнагоит.

Аҳәынҭқарратә ҿаҵа зызку - Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҭаххрақәа рзы амаругақәа рыла реиқәыршәара ауп.

Иаарту аконкурс аиҿкаара ахахьы иагоит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны иҟоу аконкурстә комиссиа. Уи аилазаараҿы иҟоуп Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа, афинансқәа Рминистрра, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнакцәа.

Аҟәа. Лаҵарамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба Аџьынџьтәылатәи еибашьра аан Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәреи Аиааира агара Амшныҳәеи 30-шықәса ахыҵра азгәаҭара аламҭалазы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахьхыркәшаз, мамзаргьы иахьымҩаԥысуа аобиектқәа ргәаҭара мҩаԥигеит.  

«Ихьыԥшым аԥсуа ҳәынҭқарра аҳҭнықалақь ақалақьуааи асасцәеи ишахәҭоу ала ахаҿра ԥшӡаны ирԥылароуп. Ареспублика аҿы аӡынтәи аамҭахәҭазы акаҭран ҭзыжьуа азауадқәа рҟынтәи акгьы аус ахьамуаз инамаданы, уажәраанӡа акаҭран ашьҭаҵаразы алшара ыҟамызт. Уажәы Аҳабла Ҿыц, Кьараз имҩаҿы аусурақәа ирылагеит", - ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара аофициалтә саит.

Аҟәа. Лаҵарамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 17 рзы Р.Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы имҩаԥысит Очамчыра ақыалақь аҟынтәи иааз жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи ансамбль «Ерцахә» аҳасабырбатә концерт.   Еицырдыруа ансамбль абзиабаҩцәа рнаҩс Аԥсны иаҭааз асасцәеи злаз ахәаԥшцәа идырбан иԥшӡоу, акыр аемоциа зныԥшуа амузыкатә номерқәа.  

 Акәашарақәа –  аԥсуа, ауаԥс, «Нарҭаа рыкәашара», «Ашарккара», уҳәа егьырҭ – рыбжьара адирижиор, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, Аахыҵ Уаԥстәыла зҽаԥсазтәыз артист Нодар Кәарҷиа инапхгарала инагӡаз ахор ашәаҳәарақәа дырбан. Иара убас, жәаҳәарада, зегьы хызхыз аиқәҿыҭра ацны инагӡаз адаулқәа рыла аномер ԥшӡа.

Сынтәа аколлектив иахыҵит 49 шықәса. 1974 шықәсазы акомпозитор Константин Ченгелиа ила иаԥҵаз ансамбль «Ерцахә» «Ахьӡ-ԥша» аорден  III аҩаӡара анашьоуп, ибеиоу абиографиа амоуп. Уи аҟыбаҩ злоу анагӡаҩцәеи Ҭырқәтәыла, Румыниа, Иугославиа, Урыстәыла, уҳәа атәылақәа рҿы қәҿиара дула рықәгыларақәа, хыԥхьаӡара рацәала аҳамҭақәеи аинтерес зҵоу ақәыргыламҭақәеи иаалукаша автортә костиумқәеи роуп.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.