АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Цәыббра.2023

Аԥсны аусура иалагеит атехнологиатә мастер-классқәа рмарафон.

Аҟәа. Цәыббрамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  2023 шықәса цәыббрамза 5 инаркны цәыббраза 12 аҟынӡа Б.У.Шьынқәба ихьӡ зху абжьаратәи ашкол № 1 аҿы 5-11 аклассқәа рҿы аҵара зҵо аҵаҩцәа рзы имҩаԥыслоит атехникатә хырхарҭа змоу аҵарадырратә мастер-классқәа   рмарафон «Амобилтә технопарк».

Амастер-классқәа мҩаԥнагоит ақалақь Набережные Челны (Урыстәылатәи Афедерациа, Ареспублика Ҭаҭарсҭан)  ахәыҷтәы технопарк акоманда «Кванториум».

Амарафон аартуа, ахәыҷтәы технопарк «Кванториум» адиректор Иулиа Фукина иааз зегьы бзиала шәаабеит ҳәа ралҳәеит:

«Бзиала шәаабеит ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, даара сеигәырӷьоит атехникатә хырхарҭақәа рыла амастер-классқәа рмарафон «Амобилтә технопарк» аартраҿы шәбара. Уи шәара шәзы имҩаԥыргоит ақалақь Набережные Челны аҟынтәи ахәыҷтәы технопарк акоманда  «Кванториум».  

Ахәыҷтәы технопаркқәа – ари Урыстәыла зегьы иахьаҵанакуа ҷыдала иаԥҵоу, зтехнологиатә ҩаӡара ҳараку аиқәыршәагақәа рыла еибыҭоу аплошьадкақәа роуп. Урҭ иҿыцу, зыквалификациа ҳараку анџьныртә кадрқәа разыҟаҵара, аинновациатә технологиақәеи аидеиақәеи ралагалареи рԥышәареи реиқәыршәареи аус рыдуреи иазырхоуп. Урҭ Урыстәыла иназыцҵоу аҵарадырра асистема иалагалоуп», –  ҳәа еиҭалҳәеит лара.

Анаҩс ашколхәыҷқәеи аҵаҩцәеи идырбан апроект «Амобилтә технопарк» иазкны иҭыхыз аинформациатә видеонҵамҭа.

Амарафон – ари Аԥсны ашколхәыҷқәа ҳаамҭазтәи анаука атехнологиаҳаракытә хырхарҭақәа рахь ринтерес аизырҳара иазырхоу аусмҩаԥгатәқәа рсериа ауп.

«Абри ахықәкы анагӡаразы апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны ахәыҷтәы технопарк акоманда ала авиртуалтә реаллра, аеромоделҟаҵара, аԥырҩыда иԥыруа аппаратқәа, ароботтә техника, ацифратә дизаин,  3D-модельҟаҵара, акосмосттә технологиақәа, акосмонавтика, анеиронттә интерфеисқәеи soft-skills рыпроектҟаҵара, уҳәа реиԥш иҟоу ахырхарҭақәа рыла амастер-классқәа еиқәдыршәеит», – ҳәа илҳәеит Иулиа Фукина.

Анаҩс ажәа иҭан Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов. Уи ари атехнопарк Урыстәыла иҟоу рыбжьара иреиӷьу атехнопаркқәа иреиуоуп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Атехнопарк аҟынтәи ахәыҷқәа еиуеиԥшым жәларбжьаратәи аконкурсқәа рҿы иреиӷьу аԥхьахәтә ҭыԥқәа ааныркылоит. Сара ҵабыргны даара сеигәырӷьоит шәара ҳара ҳахь шәааны ашколхәыҷқәа анаукеи атехникеи иреиӷьу аихьӡарақәа рбара ахьрылшо аҟазырҭа ахьаашәыртыз. Аԥсны раԥхьатәи тәылахеит амобилтә технопарк ахьынаӡаз. Ақәҿиарақәа шәзеиӷьасшьоит, сара агәара ганы сыҟоуп зегьы зеиӷьаҟам ала ишышьақәгыло», - ҳәа ашколхәыҷқәа рахь ихы рханы иҳәеит иара. Амобилтә технопарк акоманда Аԥсны аҵара Аминистрра аганахьала апроект ахь иҟоу аинтерес азы иҭабуп ҳәа рҳәеит.  

Аҵарадырра аминистр Инал Габлиа Ҭаҭарсҭанынтәи иааз асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо ашколхәыҷқәа рахь ихы рханы иҳәеит:  «Ҳара «Амобилтә технопарк» еиԥш иҟоу ахҭыс шьахә ала аҵарашықәс ааҳартит. Уи анаукеи атехникеи рҿы   иреиҳау, иԥхьагылоу ахырхарҭақәа иреиуоуп. Ҳаамҭазтәи атехнологиақәа ирыдҳәалоу зегьы аамҭа кьаҿ иалагӡаны ишәыдаагалахоит.  Сгәыӷуеит шәара азҵаарақәа рацәаны ишәызцәырҵып ҳәа, шәацәымԥхашьан урҭ рықәыргылара. Ақәҿиара дуқәа шәзеиӷьасшьоит».

Аофициалтә хәҭа ашьҭахь ашколхәыҷқәа амастер-классқәа рхы аладырхәит.

Амарафон апограмма аҿы иҟоуп Аԥснытәи ашколқәа (Аҟәа, Гагра, Гал ақалақьқәа рҿы) аидарамҩангагатә машьына «КАМАЗ» аҿы ишьақәыргылоу технологиала иҳараку ҳаамҭазтәи аиқәыршәагақәа рыла еибыҭоу амобилтә лабораториа ахархәарала 96 аҵарадырратә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара.

Аҵарадырратә марафон  Ихьыԥшым Аҳынҭқаррақәа Реиҩызара аусқәа, аҳәаанырцә инхо аидгьылуаа русқәеи жәларбжьаратәи агуманитартә усеицуреи рзы Афедералтә агентреи ақалақь Набережные Челны аҟынтәи ахәыҷтәы технопарк «Кванториуми»  иҟарҵаз адгылара иабзоураны имҩаԥысуеит.

 

 


Read 160 times - Аҩаша, 05 Цәыббра 2023 19:28
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.