АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Цәыббра.2023

«Апоет имҩа»: Ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы иаатит Мушьни Лашәриа ииубилеи иазку афотоцәыргақәҵа.

Аҟәа.  Цәыббрамза  5, 2023  шықәса. Аԥсныпресс. Аҩаша, цәыббрамза  5 рзы Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа диижьҭеи 85-шықәса аҵреи апоет ирҿиаратә усура 70-шықәса ахыҵреи ирызку афотоцәыргақәҵа аатит Асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла иатәу ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы.

Афотоцәыргақәҵа ианыԥшуеит апоет иԥсҭазаара еиуеиԥшым апериодқәа: Баграт Шьынқәба, Фазиль Искандер, Евгени Евтушенко, Алеқсандр Твардовски, Андреи Вознесенски, уҳәа реиԥш иҟаз аполитикатәи ауаажәларратәи аусзуҩцәеи еицырдыруа апоетцәеи ашәҟәыҩцәеи  иналукааша аҵарауааи иареи реиԥыларақәа, иара убас иҳараку аҳамҭақәа ранашьара иазку ацеремониақәа.

Афотоцәыргақәҵа аартуа Ацәыргақәҵатә зал Хада адиректор Ельвира Арсалиа, Аҟәа ақалақь аҿы иналукааша аԥсуа поет Мушьни Лашәриа ииубилеи инамаданы еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит ҳәа иазгәалҭеит.

«Иаатит афотоцәыргақәҵа «Апоет имҩа». Иара иаанарԥшуеит ахҭысқәа рыла шаҟа игәылҭәааз Мушьни Таҷ-иԥа иԥсҭазаара. Араҟа иҟоуп иара иқәыԥшра, иҿара, истудентра аамҭа аазыԥшуа афотосахьақәа, иҟоуп еицырдыруа ашәҟәыҩҩцәеи аҳәынҭқарратә усзуҩцәеи акультура аусзуҩцәеи иареи реиԥылара зныԥшуа афотосахьақәа. Афотоцәыргақәҵа аатуеит Мушьни Лашәриа иани иаби рфотосахьақәа рыла», - ҳәа илҳәеит Ельвира Арсалиа.

Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут адиректор Арда Ашәба, иахьа араҟа ицәыргақәҵоу афотосахьақәа Мушьни Лашәриа иԥсҭазаара еиуеиԥшым аганқәа аадырԥшуеит ҳәа иазгәеиҭеит.

Апоет, ауаажәларратә усзуҩ Владимир Занҭариа, аԥсуа литература ахьӡ ҭызгаз,  иналукааша апоет иира Амш - аиубилеитә рыцх азгәаҭара Аԥсны азы ныҳәа дууп ҳәа иазгәеиҭеит. «Иара иахьа 85 шықәса ихыҵит, аха иара уаанӡа еиԥш иахьагьы арҿиаратә усура дазҿлымҳауп. Иара уаҳа илиршаша, иҟаиҵаша, икалам иҵыҵыр зылшо арҿиамҭақәа  дрызхәыцуеит», – ҳәа иҳәеит Владимир Занҭариа.

Иара еизаз иргәалаиршәеит, 2010 шықәсазы Кремльтәи Ахан, Ацқьа Гьаргь Аиааирагаҩы изал аҿы, жәлар ракзаара Амшныҳәа азгәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Мушьни Лашәриа еизаз зегьы рҿаԥхьа А.Пушкин иажәеинраалоу ироман «Евгени Онегин» ацыԥҵәаха аԥсышәала дшаԥхьаз. «Аԥсуа культуреи ажәеи рӡыргара азы еиҳау аформа ҟалар ауама», – ҳәа иҳәеит Владимир Занҭариа.

Апоет ииубилеи идырныҳәалеит Аԥсны анаукақәа Ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа, апоетесса Гәында Сақаниа, ауаажәларратә усзуҩ Виачеслав Цыгәба, абыргцәа Рхеилак ахантәаҩы Аполлон Думаа, Ауаажәларратә Палата амаӡаныҟәгаҩ, «Аԥсны анацәа аҭынчреи  асоциалтә   иашареи рзы» Аиҿкаара ахантәаҩы Гәыли Кьычба.

Ахәҭакахьала, Мушьни Лашәриа еизаз зегьы иара иганахьала иаадырԥшыз агәцаракра азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

«Арҭ афотосахьақәа Аԥсны аҭоурых, атәыла аҿы имҩаԥысуаз еиуеиԥшым ахҭысқәа  аадырԥшуеит. Араҟа иаарԥшуп хаҭала рбара сара сзы инасыԥыз еицырдыруа ауаа», – ҳәа иҳәеит Мушьни Лашәриа.


Read 187 times - Аҩаша, 05 Цәыббра 2023 21:55
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.