АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Цәыббра.2023

Аԥсуа культура IV Афестиваль «Аԥсны» цәыббрамза 24 рзы Москва ақалақь аҿы имҩаԥысуеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсуа культура IV Афестиваль «Аԥсны» цәыббрамза  24 рзы Москва ақалақь, абаҳча «Ермитаж» аҿы  имҩаԥысуеит.

Афестиваль амҩаԥгара ахықәкы хаданы иҟоуп – асасцәа Аԥсны атрадициақәа, амилаҭтә культуреи аҭоурыхи рырдырра, иара убас  сынтәа 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара  30-шықәса ахыҵреи Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны ахьыԥшымреи асуверенитети разхаҵара ҟалеижьҭеит 15-шықәса аҵреи азгәазҭо атәыла аҿиара ҳаамҭазтәи асахьа дырбара.

«Истильрку аԥсуа ишҭа-гәара аҿы афестиваль асасцәа аԥсуа жәлар рыбзазара атрибутқәа рбара, амузыкатә инструментқәа рыла ахәмарра, иара убас амилаҭтә деликатесқәа ргьама абареи рылшоит.

Акинотеатри алекториеи рҿы аԥснытәи акинематограф  абареи амастер-классқәа рҭаареи аԥсуа бызшәа аурокқәа ргареи, уҳәа убас ирацәаны алшарақәа аԥҵахоит.

Асцена хада аҿы иқәгылоит амилаҭтә музыкатәи акәашаратәи аколлективқәа.

Афестиваль аҭааҩцәа атрадициатә чара аҿы асас ироль анагӡара иҽазишәар ауеит, иара убас ажәытәтәи аԥсуа қьабзқәеи аҵасқәеи аҵара «Аамсҭа Қьиабз» рзы адырра иоур алшоит.

Еиҳа активра злоу аԥсшьара абзиабаҩцәа аҟаза Заур Жане ицны кавказтәи аиога ала рҽазыҟарҵар ҟалоит, анардқәа, ашахматқәа рзы атурнир аҿы рымчқәа ԥыршәар, иара убас аԥсуа ахыци ахәымпали рыла ахысра рҵар алшоит.  

Иара убас афестиваль апрограмма аҿы иҟоуп – ашәҟәытә маркет, аҳаԥшьаӡратә ҟазарҭеи ажьиреи, ҳаамҭазтәи аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рсахьақәа рцәыргақәҵа, уҳәа убас узқәымгәыӷуа аҳамҭақәа рацәаны.

Иаагозар, Аԥсны зыԥсы зшьарц зҭаху рзы атуроператорцәа рҟынтәи хәыда-ԥсада амҩақәҵагақәа (апутиовкақәа), иара убас егьырҭ аҳамҭақәа-ахыхәмаррақәа асоциалтә ҳақәеи афестиваль «Аԥсны» аофициалтә саити рҿы имҩаԥгахоит.


Read 162 times - Аҩаша, 12 Цәыббра 2023 12:42
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.