Аҟәа. Нанҳәамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәса нанҳәамзазы аҳазылхратә шәатәқәа раҳасабала иахыԥхьаӡалахаз аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ 356,9 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Убри аан планла иазԥхьагәаҭан 273,7 млн. мааҭ. Аҳазылхратә шәатәқәа рыплантә рбага нанҳәамза, 2023 шықәсазы 356,9 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Аплантә рбага нанҳәамзазы 130% рыла инагӡоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы апресс-маҵзура.
Нанҳәамза, 2022 шықәса иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, аҳазылхратә шәатәқәа ралагалара аизак 94,3 млн. мааҭ рыла еиҳахеит. (нанҳәамза, 2022 шықәсазы – 262,6 млн. мааҭ).
Ҳазҭоу ашықәс 8 мзы рыла аҳазылхратә усбарҭақәа рыла иахыԥхьаӡалахеит 2 млрд 309,2 млн. мааҭ рҟынӡа аҳазылхратә шәатәқәа. Убри аан аплан ала иазԥхьагәаҭаз аицҵалыҵ 1 млрд 856 млн.мааҭ рҟынӡа инаӡоит. 2022 шықәсазы аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, уи 427,2 млн. мааҭ рыла еиҳауп. (2022 шықәса 8 мзы рыла иахыԥхьаӡалаз ашәатәқәа реицҵалыҵ 1 млрди 882 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит).