pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Цәыббрамза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.   Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадаипресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла,  Аслан Бжьаниеи Адыгеиа Ареспублика Ахада Мураҭ Кәумпилови 1992-1993шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа ирԥылеит.

Аиԥылара аартуа, Мураҭ Кумпилов иазгәеиҭеит Адыгеиеи Аԥсни аиашьара шрыбжьоу, ареспубликақәа ари  ишахӡыӡаауа.

«Арҭ аизыҟазаашьақәа шәышықәсалатәи аҭоурых рымоуп, хықәкыс иҳамоу – аԥхьаҟагьы урҭ рырӷәӷәароуп, иҳамоу акультура-ҭоурыхтә еимадарақәа рыхьчара, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аусеицура аиҿкаара ауп.

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Адыгеиантәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз иҭабуп ҳәа реиҳәеит аиашьареи аҭынчреи рыхьӡала иаадырԥшыз афырхаҵаразы.

«Аишьцәа гәакьақәа реиԥш шәҳавагылеит, шәара иҟашәҵаз Аԥсны жәлар ирхашҭраны иҟаӡам. Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит ари еизҳауа абиԥарақәа рымадаразы. Даҽазныкгьы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит шәфырхаҵаразы, хаҭа-хаҭала агәабзиареи аихьӡарақәеи шәзеиӷьасшьоит», - ҳәа азгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Анаҩс, Аслан Бжьаниа хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа рызҵаарақәа рҭакқәа ҟаиҵеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Адыгеиа Ареспублика Ахада имаҵурахьы инеира иазкыз аусмҩаҧгатә далахәын.

Мураҭ Кумпилов Адыгеиа Ареспублика Ахадас ҩынтәны далхуп.

Аинаугурациа иазкыз ацеремониа иалахәын Адыгеиа Ареспублика актәи Ахада Аслан Џьаримов, аҩадакавказтәи  ареспубликақәа рхадацәа, урыстәылатәи аполитикцәа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала иара ихьӡала Мураҭ Кәумпилов идиныҳәалеит  Адыгеиа Ареспублика  Ахада имаҵзура нап ахьаиркыз.

«Шәара – аԥышәа ду змоу аполитик, аҳәынҭқарратә усзуҩы, шәнапхгарала  Адыгеиа Ареспублика акырӡа аихьӡарақәа аиуит асоциал-економикитә ҿиара ахырхарҭала. Шәара шәымч-шәылшеи, шәџьабааи ирыбзоураны, шәыуаажәлар рыбзиабареи раҳаҭыри шәрыԥсахеит, иҟәыӷоу аполитик, адырра змоу  анапхгаҩы иаҳасабала»,- ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.  

Аҟәа.  Цәыббрамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Башар Асад иира Амш идиныҳәалеит.   

«Шәиара Амш инамаданы ишәыдышәкыл гәык-ԥсыкала иҟаҵоу адныҳәалара. Адунеи зегьы аҿы Шәара зтәыла амилаҭтә интересқәа хьаҳәхьачарада изыхьчо,  уи аизҳазыӷьареи ашәҭыкакаҷреи рзы хамеигӡарыла зымчи зылшареи адызҵо, ахара иԥшуа, акыр здыруа аҳәынҭқарратә усзуҩны шәеицырдыруеит.

Агәра ганы сыҟоуп, Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Арабтә Республикеи  ирыбжьоу аимабзиаратә еизыҟазаашьақәеи хра злоу  аусеицуреи ҳаԥхьаҟа аҩтәылак рыжәларқәа ринтересқәа рыхьӡала аҳәаақәа шыҭбаахало ессааира ишыӷәӷәахало», - ҳәа иаҳәоит адныҳәаратә цҳамҭа аҟны.

Аҟәа. Цәыббрамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Ареспублика Адыгеиа Ахада Мураҭ Кумпилови Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы хатәгәаԥхарала еибашьуаз,  иҭахаз аибашьцәа ҳаҭырла иргәаладыршәеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ареспублика Адыгеиа ахь ицара Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш азгәаҭара иадҳәалахеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Иахьа Ф. Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аҿы Москва ақалақь 875-шықәса ахыҵра азгәаҭара инамаданы алитература-поетикатә хәылԥазы мҩаԥысит. Аусмҩаԥгатә мҩаԥысуан асцена ду аҿы. Иара активла рхы аладырхәит артисцәа реиԥш дара ахәаԥшцәагьы. Уи даара иаарту, ауаа еидызкыло атмосфера аԥнаҵеит, ари аурыс театр иаҷыда ҟазшаьаны иҟоуп жәаҳәарада.

Ахәылԥаз мҩаԥигон Рубен Депелиан. Уи апублика аҿаԥхьа иқәгылоз артистцәа рылаҳәара мҩаԥигон. Иара алитературатә рҿиамҭақәа рцыԥҵәахақәа рыԥхьарала  ахәаԥшцәа иқәгылоз афырхацәа рсахьаркырратә нырра раиура армариеит.

Имҩаԥгахеит идуум, аха асахьаркыцратә ҵакы ала инагӡаны  ихарҭәаахаз аспектакль, араҟа ажәеираалақәеи ашәақәеи доусы рхатәы ҭыԥ ааныркылон. Москва ақалақь иазкны иаԥҵаз еицырдыруа асоветаамҭа иатәу ашлиагерқәа рыдагьы, аномерқәа рыбжьара аԥсшьараамҭақәа раан даара иԥшӡоу С. Рахманинов ипрелиудиа ре-минор аҳәон. Уи, сара изласнырыз ала, ареволиуциа ҟалаанӡатәи Москвеи анаҩстәи аамҭазтәи Москвеи рыбжьара ашьҭрамадара аԥнаҵон.

Аҟәа. Цәыббрамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.   Никарагуа иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа цәыббрамза 8 рзы Никарагуеи Аԥсни реиҩызара азы адепутатцәа ргәыԥ ирҭаз ааԥхьарала ареспублика Амилаҭтә Ассамблеиа даҭааит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.  

Инар Ладариа адепутатцәа ирҭаз ааԥхьара азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит, Аԥсны аҭоурыхи уи ажәлар ахақәиҭреи асуверенитети  рзы рмилаҭтә қәԥара атәы рзеиҭеиҳәеит. Амилаҭтә Ассамблеиа адепутатцәа русура атәы изеиҭарҳәеит,  Аԥснытәи Апарламент аҿы аҩ-тәылак рзакәанԥҵаратә усбарҭақәа рпарламентбжьаратәи аимадара арӷәӷәара иазкхо Никарагуа аҩызара азы адепутатә гәыԥ шаԥҵахо азы агәыӷрагьы аадырԥшит. Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ иарбоу аԥшьгара дшадгыло иҳәеит. «Агәра ганы сыҟоуп, аамҭа кьаҿ иалагӡаны Аԥснытәи Апарламент аҿы ас еиԥш агәыԥ шаԥҵахо, апарламентбжьаратәи аусеицурагьы еиҳа аҳәаақәа шыҭбаахо», – ҳәа иҳәеит адипломат. Аиԥылара аԥхарра аҵаны имҩаԥысит. 

 

 

Аҟәа. Цәыббрамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Урыстәылатәи Анаукақәа Ракадемиа Сибратәи аҟәша Анаука-ҭҵааратә центр «Аекологиа» аусзуҩцәеи агеофизикеи анефтегазтә геологиеи Ринститут (Новосибирск)  аусзуҩцәеи Аԥсны иҟоу анџьныртә шьақәгылагақәа (ахыбрақәа) рыҭҵаара мҩаԥыргеит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп XIX ашәышықәсазы иргылаз Афонҿыцтәи аберҭыԥ, ҳәа  Урыстәылатәи Анаукақәа Ракадемиа Сибратәи аҟәша аҭыжьымҭа «Наука в Сибири» ахь азхьарԥш ҟаҵо адырра ҟанаҵеит ИНТЕРФАКС. 

Аберҭыԥ гылоуп ашьха ашьапаҿы, уи иакымкәа-иҩбамкәа ахыбрақәа аҵанакуеит. Агеофизикатә усурақәа рымҩаԥгара иалҵшәаны урҭ  инхаз рресурс ашьақәыргылара алыршахеит.  

Акомплекс аҟазаара аҭыԥ адгьылҳәазара ашәарҭара ацуп, уи ахьгылоу адгьыл аҵан иҟоуп иахыкәыршоу аҭарбаратә тоннельқәа – араҟа аӡы амазаара афундамент ҵнаӡәӡәаалар уи аҟацара иаԥырхагахар алшоит.

Аҵарауаа асеисмикатә методи аелектромографиа ҳәа изышьҭоу аметоди рхы иадырхәон.  

Аҟәа. Цәыббрамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аҳәынҭқарратә еилазаара «Аԥсныргылара» адиректор Руслан Тәанбеи Очамчыратәи ашәаҳәареи акәашареи рансамбль «Ерцыхә» асахьаркыратә напхгаҩы Вианор Логәуеи дырԥылеит.

Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, аиԥылара аҿы Очамчыра ақалақь аобиектқәа руак аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара ахымԥадатәра азҵаара ықәгылан. Иарбоу аобиект аҿы 400 кв. метр рҟынӡа инаӡо ансамбль азы  арепетициатә зал аиҿкаара иақәнаго ауада ыҟоуп.

Уи азы аҳәара зныз ашәҟәы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала идәықәиҵахьан Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа.

Аҟәа. Цәыббрамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 9 рзы, Ҟабарда-Балкариа административтә ҳәааҿы Аслан Бжьаниа хадара ззиуа аԥснытәи аделегациа даԥылеит Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика Аиҳабыра ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Муаед Кәнижев.

Асасцәа ачеиџьыка рнапы иқәҵаны, амилаҭтә кәашарақәеи ашәақәеи рыла ирԥылеит.

Анаҩс, Аслан Бжьаниеи аԥсуа делегациа алахәцәеи Баксан ақалақь аҟны ар рԥыза Сулҭан Сосналиев инышәынҭра иаҭааит, ара ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит. «Сулҭан Сосналиев аҟабарда жәлар мацара дырҵеиӡам, Кавказ зегьы даҵеи лашоуп. Ҳҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы уи иааникыло аҭыԥ ахә ашьара уадаҩуп, уи ҳара ҳмилаҭтә фырхаҵа иоуп. Даара ҳизгәыдууп. Уи ихьӡ ҳазгәдуны ҳхәыҷқәеи, еизҳауа абиԥарақәеи ирызнаҳгалоит», - ҳәа иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

Аҟәа. Цәыббрамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа ақалақь аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рынагӡараан машәырла дҭахеит Абжьаратәи Азиантәи аусуразы иааз агастарбаитер.

Иҟоу адыррақәа рыла, ахаҵа звольҳараку афымцацәаҳәа аҽаԥшьра иҽшазишәоз аток исын аӡыргатә ԥырак дахаҳаит, ҳәа иаанацҳауеит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Амашәыртә хҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеиз Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистра аусзуҩцәа иҭахаз иԥсыбаҩ автоҳар ала ибааганы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа ахь инаргеит. 

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.