Аҭоурыхҭҵааҩ, ашәҟәы аредактор хада Аслан Аҩӡба ишазгәеиҭаз ала, иахьа зӡыргара мҩаԥысуа ашәҟәы аҿы еизгоуп 2004 -2021шш. агазеҭ «Новый день» аҿы икьыԥхьыз аматериалқәа. Араҟа икьыԥхьуп В. Г. Арӡынба итекстқәеи иҿцәажәарақәеи реиԥш, иара изкны аԥсышәалеи аурыс бызшәалеи икьыԥхьыз еиуеиԥшым аматериалқәеи.
«Арҭ аматериалқәа, жәаҳәарада, шәара аӡәырҩы ижәзымдыркәа иҟам, аха еизганы урҭ ааигәа иҟаз аҭоурых аҿы имҩаԥысуаз ахҭықәа зеиӷьаҟам ала иаадырԥшуеит», – ҳәа иҳәеит Аслан Аҩӡба.
Уи иажәақәа рыла, Владислав Арӡынба изы иагьа рҳәахьазаргьы, уи имыцхәны ҳәа изыҟалашам.
«Владислав Арӡынба ҳҳәынҭқарреи ҳажәлари дырсимволны дыҟоуп. Ҳара уи игәалашәара ҳаиҷаҳаны еиҵагыло аҿар ирызнаҳгалароуп, уи адагьы ҳара аԥеиԥш бзиа ҳауӡом», - ҳәа иҳәеит Аслан Аҩӡба.
Ахәҭакахьала, аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа ируаӡәку, Аԥсны жәлар рартист Кьасоу Ҳагба ишеиҭеиҳәаз ала, афотосахьақәа рӷьырак дравторуп Владимир Попов. Афотосахьа ҿыцқәа – Аԥсны аҳәынҭқарратәи аполитикатәи аусзуҩ Валери Аршба, аҳәынҭқарратә шәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, ԥыхьатәи аԥыза-министр Геннади Гагәылиа иҭаацәа рхатәы архивқәа аҟынтәи иаагоуп.
«Арҭ афотосахьақәа зегьы ирныԥшуеит жәларык рԥыза Ду ижәлари Иԥсадгьыли рахь имаз абзиабара амч. Ҳаргьы ари амч еилкааны игәнаҳкылар, усҟан ҳбызшәа еиқәырханы ҳҳәынҭқаррагьы аргылара ҳалшоит», – ҳәа иҳәеит Кьасоу Ҳагба.
Ацәыргақәҵа иаҭааит Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, аҳәынҭқарратә шәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба, Аԥсны Актәи Ахада аус ицызухьаз иҩызцәа, Владислав Арӡынба иԥшәмаԥҳәыс Светлана Џьергениа.
Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы еиҿкаау ари афотоцәыргақәҵа лаҵарамза 20 аҟынӡа аус аулоит.