АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Лаҵара.2023

Лаҵарамза 18 ауха Аҟәа ақалақь амузеиқәа хԥа рҿы акциа «Аҵх амузеи аҟны» мҩаԥгахоит.

Аҟәа. Лаҵарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 18 рзы Аҟәа ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи рзы амузеиқәа хԥа рҿы акциа «Аҵх а музеи аҟны» мҩаԥгахоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла акультура Аминистрра.

«Аҵх амузеи аҟны» – жәларбжьаратәи акультуратә акциоуп, уи раԥхьаӡакәны иаԥшьыргеит Франциа 1999 шықәсазы. Ари ауха амузеиқәа жәпакы рахь анеира хәыда-ԥсадоуп. 2015 шықәсазы ари акциа Аԥсны имҩаԥган Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аԥшьгарала.

Адунеи аҟны еицазгәарҭо акциа «Аҵх амузеи аҟны» иалахәхоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Арратә Ахьӡ-аԥша амузеи, Дырмит Гәлиа имемориалтә музеи.

В.Г.Арӡынба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аатуеит асааҭ 16:00 рзы. Амузеи аҟны аҭааҩцәа рзы ҷыдала иазырхиоуп апрограмма.

Апрограммаҿы иҟоуп ахореографиатә коллективқәеи астудиақәеи «Ритмы Кавказа», «Апсны», «Диоскурия», «Иаирума», иара убас ашәаҳәаҩцәа ҿарацәеи злахәу аконцерт. Уи ашьҭахь Аҟәатәи ашколхәыҷқәа рзы 1992-1993 шш. рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьреи Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба ибиографиеи рдырразы авикторина мҩаԥгахоит Авикторина аихшьалақәа рыла ишахоит аҳамҭақәа.

Дырмит Гәлиа илитературатә-мемориалтә музеи аҿы асааҭ 18:00 инаркны аусура иалагоит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш  30 - шықәса ахыҵра иазку афотоцәыргақәаҵа. Иара убас Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа рԥылареи, ААУ апрофессор Мзиа Кәыҵниа Аԥсны аҭоурых иазкны ллекциеи аетнолог Марина Барцыц ареспублика иԥшьоу аҭыԥқәа ирызку ллекциеи рзыӡыҩразы алшара ҟалоит.  Аусмҩаԥгатә ахыркәшамҭаз «Апоезиатә сааҭ» мҩԥгахоит.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҟны аҭааҩцәа ирыздырхиеит ҩ-фотоцәыргақәҵак: «Иҳаҩсыз аамҭақәа рыхькьысра», «Аԥсуаа рбасра –иџьоушьаратәы иҟоу адунеи».

Ацәыргақәҵа аус аулоит асааҭ 19:00 инаркны асааҭ 24:00 аҟынӡа.

Акциа «Аҵх амузеи аҟны» раԥхьаӡа акәны Аԥсны имҩаԥысит лаҵарамза 18, 2015 шықәсазы.            


Read 167 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.