АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Лаҵара.2023

Кристина Озган: миллиардла иҟоу ауалқәа рзы ареспублика анапхгара аганахьала иҟаҵоу аҽԥынкыларақәа ҵаҵӷәыдоуп.

Аҟәа. Лаҵарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аоппазициатә мчрақәа рыла атәыла анапхгарахь иҟаҵахо адҵақәеи аҽԥынкыларақәеи реиҳарак  аекономика, ахәҭакахьала аенергетикатә усхкы иадҳәалоуп.

Аоппозициа атәыла анапхгара ихьанҭаӡоу аенергокризиси миллиардла аҳәанҭқарра иаиуз азарали зырҿиаз акриптовалиута арҳара алегализациа аҿы ахара рыднаҵоит, иара убас аекономика, ахатәы ҭыжьра, аекспорт рыҟамзаара, уҳәа уи зегьы иахҟьаны амилаҭтә шәарҭадареи атәылахьчареи рзы ихымԥадатәиу абиуџьет ахь алагалақәа рмаҷхара ҽыԥныҳәас иҟарҵоит.

Атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган лаҵарамза 11 рзы Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭаҿы аминистрцәа Реилазаара, апрокуратура Хада, аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа ахаҭарнакәа алархәны имҩаԥысыз Аҳәынҭқарра Ахада инаигӡо акурс иадгыло аполитиатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи реиԥылара аҿы иарбоу азҵаарақәа рзы инарҭбааны аҳасабырба ҟалҵеит.  

 

 


Read 195 times - Ахаша, 17 Лаҵара 2023 11:18
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.