АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Лаҵара.2023

Лаҵарамза 15 инаркны Урыстәылаҟа рынашьҭра иаҟәыҵуеит абгаԥса змам аԥснытәи амашьынақәа.

Аҟәа. Лаҵарамза 15, 2023 шықәса. Апсныпресс.  Лаҵарамза 15 инаркны ганрацәалатәи автомашьынатә агәаҭара-аужьҭратә пункт «Адлер» аҿы Аԥсны иалҵны Урыстәылаҟа ицо, Аԥсны ашәҟәы иҭагалоу автомашьынақәа хымԥада рыбгаԥсаҟаҵара аполисқәа рыҟазаара гәарҭоит.   

Аԥснытәи аномерқәа змоу автомашьынақәа зтәу рзы ари аҭакԥхықәра 2002 шықәса раахыс  иалагалоуп.

«Атранспортә хархәагақәа зтәу ртәылауаҩратә ҭакԥхықәра ихымԥадатәиу абгаԥсаҟаҵара азы»  афедералтә Закәан инақәыршәаны, Урыстәылатәи Афедерациа аҳәаа ахысраан атранспорттә хархәага аԥсҟы зку аҳазылхратә усбарҭақәа русзуҩцәа иҟарҵо адҵа ала ихымԥадатәиу абгаԥсаҟаҵаразы аполис, мамзаргьы жәларбжьаратәи абгаԥсаҟаҵара асистемақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны атраспорттә хархәагақәа зтәу ртәылауаҩратә хархәагақәа рыбгаԥсаҟаҵаразы аиқәшаҳаҭра агәаҭаразы ирырҭар ауп.   

 

Автотәылауаҩратә  ҭакԥхықәра ихымԥадатәиу абгаԥсаҟаҵаразы аиқәшаҳаҭра аҟазаара агәаҭара ихымԥадатәиу абгаԥсаҟаҵаразы автоматизациа зызу информациатә системахь азыҳәамҭа адәықәҵарала имҩаԥыслоит.

Автотәылауаҩратә  ҭакԥхықәра ихымԥадатәиу абгаԥсаҟаҵаразы аполис (ОСАГО) аиқәыршәара ҟалоит урыстәылатәи абгаԥсатә еилазаарақәа руак асаит аҿы, мамзаргьы урыстәылатәи абанкқәа рыцҵақәа рҿы. Ҳаԥхьаҟа аҳәаа аҿы аԥснытәи автомашьынарныҟәцаҩцәа рзы аполисқәа реиқәыршәара мҩаԥызгало абгаԥсатә еилазаарақәа рхаҭарнакрақәа раартразы азԥхьагәаҭараққәа ыҟоуп. В дальнейшем обещают открыть на границе представительства страховых компаний, которые помогут оформить полисы абхазским автовладельцам.    


Read 186 times - Ахаша, 17 Лаҵара 2023 13:43
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.