АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Лаҵара.2023

Лаҵарамза 14 рзы Владислав Арӡынба иԥсы ҭазҭгьы 78 шықәса ихыҵуан.

Аҟәа. Лаҵарамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Маи 14 – иналукааӡаша аҳәынҭқарратә, аполитикатә усзуҩ, ҳаамҭазтәи Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада, аҵарауаҩ-мрагылараҭҵааҩ ду Владислав Григори-иԥа Арӡынба имшира ауп. Иԥсы ҭазҭгьы, иахьа ихыҵуан 78 шықәса.

Шьыжьы инаркны Владислав Григори-иԥа ҳаҭырла дыргәаладыршәарц, анышә дахьамадоу ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵарц азы иқыҭа гәакьа аҿы иҟоу Имемориал ахь инеиуеит хыԥхьаӡара рацәала ауаа. 

Аԥсны анапхгара Ешыра иҟоу Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал аҟны ашәҭқәа шьҭарҵеит. Уи игәалашәара ҳаҭыр ақәырҵарц уахь инеит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа, уи ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Жәлар Реизара адепутатцәа, Аиҳабыра иалоу, атәыла ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩцәа.

Владислав Григори-иԥа Арӡынба диит 1945 шықәса маи 14 азы Аҟәа араион Ешыра ақыҭан. Абра имҩаԥысит уи ихәыҷра, ишколшықәсқәа.

1962 - 1966 шш. Владислав Арӡынба Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогикатә институт, аҭоурыхтә факультет аҿы аҵара иҵон. Уи даналга ашьҭахь  Асовет Еидгыла анаукақәа Ракадемиа Мрагылараҭҵаара Аинститут аспирантура дҭалеит.  Аспирантура қәҿиарала даналга ашьҭахь, Владислав Арӡынба иара убри аинститут аҿы  1969 шықәса инаркны 1988 шықәанӡа аус иуан. Азиа Маҷ акультуреи аҭоурыхи, ахәҭакахьала ахатқәеи ахеттқәеи рыҭҵаара инапы алакын. 1985 шықәсазы иара адоктортә диссертациа ихьчеит, 1987 шықәсазы Асовет Еидгыла Анаукақәа Ракадемиа Ажәытә Мрагылара акультуреи аидеалогиеи рсектор анапхгаҩыс дҟаҵан.

Владислав Арӡынба 40 инареиҳаны анаукатә усумҭақәа дравторуп, амонографиа «Ажәытә Анатолиа амифқәеи ақьабзқәеи» уахь иналаҵаны.

Владислав Григори-иԥа Арӡынба – асоветтә, аԥсуа аҳәынҭқарратә, аполитикатә усзуҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, СССР жәлар рдепутат, Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада – ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы.

1988 шықәсазы Владислав  Арӡынба Д.Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи алитературеи аҭоурыхи ринститут адиректорс далырхуеит. Иара убри ашықәсан иара Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс далырхуеит, 1989 шықәсазы - Асоветтә Социалтә Республикақәа Реидгыла Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс далххоит. Уаҟа иара автономтә еиҿкаарақәа рҳәынҭқарратәи рзинтәи астатус азы акомиссиеиҵа напхгара аиҭон, Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум алахәылас дҟалеит.

Владислав  Арӡынба аполитика ду далалеит Асовет Еидгыла, иара Аԥсныгьы аҭоурых аҿы акыр иуадаҩыз аамҭақәа раан. Ԥыхьатәи Асовет Еидгыла ажәларқәа рзинқәа рырҭбаара азықәԥара иԥсҭазаара азикит. Владислав Арӡынба Асоет Еидгыла ажәларқәа зегьы азинеиҟарара ашьаҭала аҿиаразы азинтә шьаҭа аԥҵараҿы  илагала дууп. Уи иаԥшьгарала, насгьы хаҭала иалахәхарала ԥыхьатәи автономтә республикақәа рсуверентра шьақәзырӷәӷәоз Азакәанқәа аус рыдулареи рыдкылареи, иара убас  Асовет Еидгыла Аконституциа ахь аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалареи алыршахеит.  

Владислав Арӡынба – Аԥсны иҿыцӡоу аҭоурых аҟны иналукааӡаша хаҭароуп. Гәыҩбара аҵам аибашьраан атәыла зықәшәаз аҭагылазаашьа уадаҩӡа аҟнытә Аԥсны алгара имч шақәхаз, иара иоуп изылшаз раԥхьатәи аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа раан ихьыԥшым аҳәынҭқарра аргылара амҩа ашҟа Аԥсны кылызгаз.

Иуадаҩыз аамҭақәа раан, 1990 ш. декабр азы, уи Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩыс далхын. Хықәкысгьы имаз ахатәҳәаақәҵаразы аԥсуа жәлар рзинқәа инеишьҭаргыланы рынагӡара акәын, ақырҭуа шовинистцәа ақәымчра ду шыҟарҵозгьы.

Хашҭшьас ирымоузеи СССР Иреиҳаӡоу Асовет аилатәарақәа раан уи аҿаца-ҿаца ҳәа, апрограмматә ҟазшьа змаз иқәгыларақәа. Уи иажәақәа рыла Аԥсны мацара акәымкәа, Асовет Еидгыла азбжарак аҟны бзиа деицырбеит.

1992 шықәсазы, Қырҭтәыла Аԥсны бџьршьҭыхла ианақәла, Владислав Арӡынба Аҳәынҭқарратә тәылахьчара Акомитет дахагылоит, ажәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара напхгара аиҭоит.   Аибашьра аамҭазы аҳәынҭқарра ар аԥҵарала Владислав Арӡынба Аԥсны Арбџьармчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ Хаданы дҟалоит.

Уи инапхгарала Аԥсны жәлар 1992-1993 шықәсқәа рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра аан аиааира ргеит. Убасҟантәи аамҭаз дыҟамзар ҟаларын даҽаӡәы, Владислав Григори-иԥа иааирԥшыз афырхаҵара аҟаҵара зылшоз. Адәахьала уахьихәаԥшуаз дҭынчын, аҽынкылара илан, аха уи инарҵауланы хьаас иман аибашьра иамҽхакыз Ҳаԥсадгьыл аҿы имҩаԥысуаз зегьы, игәаҵахь инеигон аибашьраҿы зԥацәа, згәакьацәа зцәыӡуаз аҭаацәарақәа рхьаа, ргәырҩа. Абас ишыҟазгьы, уи дацәхьаҵуамызт ихықәкы хада – аӷа иаҵархара, ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟнытә Аԥсны ахақәиҭра.

Хашҭшьас иамоузеи 1992 шықәса сентиабр азы ақырҭуа-аԥсуа еимакы аҭышәныртәаларазы Москватәи аиқәышаҳаҭра анапаҵаҩра! Владислав Григори-иԥа, иуҳәар ауеит, инапқәа дырҵәиуан, аха ари ауаҩ илшеит Аԥсны иазеиӷьны аусқәа реиҿкаара, усҟантәи Урыстәыла анапхгара даара ишиқәыӷәӷәозгьы. Иара ибзоураны аиқәышаҳаҭра ианыхын аибашьра раԥхьатәи амшқәа раан Аԥсны ацхрааразы иааз хатәгәаԥхарала аибашьцәа рықәыӡбара иазкыз ахәҭа.

Владислав иеиԥш иҟаз ауаҩ ду 1993 шықәса марттәи ажәылара ибӷа азԥымҵәеит. Ишдыру еиԥш, ари ажәылараан ҳармчқәа ацәыӡ дуқәа роуит. Уаҩы игәы иаанагар ауан имҩаԥысуаз ахҭысқәа рычҳаразы, рхыгаразы мчык изнымхеит ҳәа. Аха Владислав ажәлар идгылон, агәра ргон атәыла кылигарц ахьиҭахыз ахықәкқәа риашара.

1994 шықәса, ноиабр 26 азы В.Г.Арӡынба Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас далхын. 1999 шықәса октиабр азы, алхрақәа раан, ҩаԥхьа уи Аԥсны Ахадас далхын.

Аполитика дшаҿызгьы, уи дҵарауаҩны дшыҟац дыҟан. Иааиԥмырҟьаӡакәа ихы аус адиулон, зегьы интересс иман. Аԥсны иаауан-ицон еиуеиԥшымыз аекспертцәа, жәларбжьаратәи абжьацәажәаҩцәа, аҳәаанырцәтәи ажурналистцәа маҷҩымкәа. Владислав Арӡынба ихымҩаԥгашьа, ицәажәашьа урҭ агәахәара бзиа рзыннажьуан.

Владислав Григори-иԥа Арӡынба акырӡа зҵазкуа аҭоурыхтә хҭысқәа рыла игәылҭәааз аԥсҭазааратә мҩа данысит. Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум аҿы, иара убас Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Ахантәаҩы, ԥыҭрак ашьҭахь Ареспублика Ахада иаҳасабала иара активла имҩаԥигоз аусура инагӡны иаанарԥшит илаз иналукааша аԥызаратә ҟазшьақәа: иҳараку изанааҭдырра аҩаӡара, ихадоу алкаара азы алшара, ахықәкынагӡареи амилаҭтә интересқәа рыхьчараан еицамкуа амчхареи.

Владислав Григори-иԥа илаз аԥызатә ҟазшьақәа инагӡаны иаарԥшхеит амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аамҭазы, урҭ 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра алҵраҿы хадара злоу ароль нарыгӡеит, иара убри ала ахаангьы инымҵәо жәлар зегьы рыбзиабара даԥсаны дҟалеит.    

Ҿыц ашьақәгылара иаҿыз ҳҳәынҭқарра азы иԥышәара духеит аибашьрашьҭахьтәи аамҭа. Усҟан уи аекономикатә блокадеи аполитикатә изолиациеи иҭакхеит, адунеи зегьы аҟынтәи ӷәӷәала ақәыӷәӷәара аныԥшуан. Ари иуадаҩӡаз аамҭахәҭагьы қәҿиара алҵра алыршахеит Владислав Григори-иԥа ихарахәыцратә политикеи иҟәышреи ирыбзоураны.

Ахә ашьара уадаҩуп Владислав Григори-иԥа Арӡынба аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылареи атәыла Аконституциа аус адулареи адкылареи, иара убас анапхгара аинститутқәа раԥҵареи рҿы илагала. 

Владислав Григори-иԥа Арӡынба  - аҭоурыхтә науақәа рдоктор, академик, апрофессор, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиеи Адыгатәи Жәларбжьаратәи анаукақәа Ракадемиеи алахәыла иашаҵәҟьа, 1995 шықәсазы Жәларбжьаратәи Кандуровтәи апремиа алауреат, хыԥхьаӡара рацәала аҳәаанырцәтәи аҳамҭақәа занаршьахьаз.

Дҵарауаҩ дуны иҟаз Владислав Григори-иԥа ахшыҩзышьҭра ду аиҭон адоуҳатә усхкы, анаука, аҵарадырра, акультура, уҳәа. Уи иаԥшьгарала иаԥҵан Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа, аԥсуа бызшәа аҿиара апрограмма еиқәыршәан. Адунеи зегьы иалаԥсоу амҳаџьыраа рхылҵышьҭрақәа рыԥсадгьыл ахь рырхынҳәра иара ихыдҵа хадақәа иреиуан. Амилаҭ ракзаара иадҳәалаз хадара злоу аидеиа анагӡара ахьӡала, Владислав Григори-иԥа Арӡынба аџьынџьуаа рырхынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵара аԥшьигеит.

Иԥсадгьыли иуаажәлари даараӡа ахә ҳаракны иршьеит ҳаҭыр дулагьы иазнеит Владислав Григори-иԥа Арӡынба иналукааша иҳәынҭқарратә усура. Владислав Арӡынба ажәлари аҳәынҭқарреи рԥеиԥш шьаҭанкыла анырра азҭаз Аԥсны Аҳәынҭқарра ашьақәгылареи аҿиареи рҿы ҷыдала илагала ду азы, иара убас Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы аиааира агара алзыршаз Арбџьармчқәа қәҿиарала арратә операциақәа рынагӡареи Аԥсадгьыл ахьчараан иаарԥшыз афырхаҵареи агәымшәареи рзы Аԥсны Афырхаҵа, «Ахьӡ-Аԥша» аорден актәи аҩаӡара ианашьахеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада ихьӡ ахыуп Аҟәа ақалақь амҩадуқәа руак, иара убас Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа».

Владислав Григори-иԥа Арӡынба  65 - шықәса дшырҭагылаз акраамҭа ӷәӷәала ичымазара ашьҭахь, хәажәкырамза  4, 2010 шықәсазы Москва ақалақь аҿы иԥсҭазаара далҵит.

Владислав Григори-иԥа Арӡынба иԥсҭазаареи илшамҭақәа зегьи даҽазныкгьы идырҵабыргуеит ԥхьаҟатәи аԥеиԥш иадҳәалоу, аҭакԥхықәра ду зцу аҭоурых аамҭахәҭақәа рҿы ауаҩы хра злоу иҷыдаҟазшьақәа инарыгӡо ароль аҵакы ахадара. Владислав Григори-иԥа Арӡынба ҳаԥсадгьыл иуадаҩӡаз аамҭақәа рзы иааирԥшыз агәаӷьреи ахарахәыцреи наунагӡа хашҭшьа рымаӡам, уи ажәлар хамеигӡарала рымаҵ аура аҿырԥшы аҳасабала биԥарак аҟынтәи даҽа биԥарак ахь ииаслоит. Владислав Григори-иԥа аунагӡа жәлар ргәалашәараҿы даанхоит!

 

*** Владислав ҳажәлар рԥыза иакәын

Владислав Григори-иԥа ихьӡ ҳҳәынҭқарра аҭоурых иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп. Иара амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара ахыҵхырҭақәа рҿы дгылан, аиҭакратә, ԥхьаҟатәи аԥеиԥш иадҳәалаз, акырӡа иуадаҩыз аамҭа азы ҳ-Республика анапхгара азы аҭакԥхықәра анагӡара фырхаҵаралагьы ихахьы игеит. Уи ихьӡ ажәлар рҿы акыр ҵуеит шьҭа аҭоурыхтә ҵакы аманы иҟоуижьҭеит, Леон, Кьиалышьбеи, Нестор, уҳәа рыхьӡқәа реиԥш. Ҳара зегьы ҳзы Владислав Арӡынба иааигәаз, игәакьаз уаҩын! Ҳара зегьы даара ҳгәы ҳахьуеит ҳԥыза иаша, ҳҩыза, ҳашьа иахьа абра дахьҳалагылам. Владислав иусура аиашареи аизҳазыӷьареи ирызкын, уи Аԥсны иҿыцу аҭоурыхтә орбита ахь инанагеит. Уи Аԥсны аҽҳәаақәҵареи асуверентә статус аиҭашьақәыргылареи иазырханы инеиԥынкыланы инаигӡоз аполитика қәҿиарала имҩаԥысуан. Иара хамеигӡарыла иусура хра злоу алҵшәақәа аанамырԥшыр залшомызт. Насыԥны, Владислав Григори-иԥа ари аусура алҵшәақәа ибаратә иҟалеит— атәыла акыраамҭа иззыԥшыз ахьыԥшымреи азхаҵареи аиуит. Шәы-шықәса инареиҳаны изхыҵуа аҭоурых азы Аԥсны алшара амоуп ахала аԥеиԥш алкааразы амҩа алхра. Владислав Арӡынба ҳҳәынҭқарра аргылараҿы илагала ахә ашьара уадаҩуп. Иара ишахәҭоу ала, гәкаҳарак ҟамҵакәа, игәра згаз, адгыларагьы изҭаз ажәлар рзы аҭоурыхтә ҭакԥхықәра ихахьы иганы лакҩакрада аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы иуадаҩӡаз аамҭахәҭақәа иреиуаз дахысит!

Сергеи Шамба. Хәажәкырамза 9, 2010 шықәсазы Р. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы имҩаԥысыз алахьеиқәҵаратә митинг аҿы иқәгылара аҟынтәи. 

 

 


Read 452 times - Ахаша, 17 Лаҵара 2023 02:00
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.