pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Абҵарамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. 20 инарзынаԥшуа азҵаара ирҭеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иахьа атәыла ауажәларра рҿаԥхьа атәыла Ахадас иҟазаара аамҭа иҭагӡаны имҩаԥгаз  аусура азы аҳасабырба ҟаҵо данықәгыла ашьҭахь.

Аҳәынҭқарра Ахада иахь азҵаарақәа аелектронтә ԥошьҭа ала иаашьҭын, иара убас иаартны аконференц – зал аҿы ирҭозгьы ыҟан.

Атәылахьчара иазкны

Арратә шәарҭадара аиқәыршәара азҵаара есымша Аҳәынҭқарра Ахада дзызҿлымҳау зҵаараны иҟоуп.  Ишәеилсыркаарц сҭахын, ҳара амобилизациатә ҭагылазаашьа аиӷьтәра азы ихымԥадатәиу ауснагӡатәқәеи аусмҩаԥгатәқәеи зегьы шынаҳагӡо: аиҿкаара-штаттә ҟазшьа змоу аиҭакрақәа рзы аӡбамҭақәа рыдкылареи урҭ рынагӡареи алыршоуп; иҳамоу алшарақәа рыла иарбоу ахықәкқәа рынагӡара азы афинанстә ресурсқәа маҷымкәа иҳаԥшааит;  иҷыдоу абџьар аахәара алыршоуп. Агәра ганы сыҟоуп, ҳастратегиатә партниор идгыларала ҳара ҳтәылеи ҳауаажәлари ршәарҭадара ашьақәыргылара алҳаршоит.

Ҳара арратә ааԥхьара аганахьала ауадаҩрақәак ҳамоуп, аха уи ауааԥсыра рыбжьара аусура иадҳәалоуп, ауаааԥсыра ари ҳара ҳактив шаку инамаданы, урҭ ҳацхраауазар ауп. Ҳара апроблемақәа ҳамаӡам, зегьы шьахәлаҵәҟьа еиқәыршәоуп ҳәа иаҳҳәаӡом. Иҟоуп хырԥашьа замам ахыдҵақәа,  ҳара урҭ рыӡбара иазкны аусура ҳазхиоуп. Урыстәылагьы убасҵәҟьа иахәҭоу ацхыраара зегьы ҳанаҭоит.

Аенергетикатә шәарҭадара азы

Аенергетикатә усхкы аҟны иҟоу ауадаҩрақәа иахьа ицәырымҵӡеит, урҭ уажәаԥхьагьы иҟан, асистематә ҟазшьа змоу акакәны иҟоуп.  Ҳара ишьақәгылаз аҭагылазаашьа арҽеиразы иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит, аха макьаназы иааубаратәы аиҭакрақәа зыҟмлацт. Зегьы акоуп изынҟьо:  аенергетика аҿиара иалагалатәуп жәабала амиллиардқәа.

Аҟәа. Абҵарамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иахьа атәыла ауажәларра рҿаԥхьа ҩы-шықәсеи бжаки рыла, атәыла Ахадас иҟазаара аамҭа иҭагӡаны имҩаԥгаз  аусура азы аҳасабырба ҟаиҵеит.

«Алхрақәа раламҭалаз сара исҳәахьан Аҳәынҭқарра Ахадас салырхны иҟалозар, усҟан сусура аҽҳәара аҽеиҩшамҭаз исыдгыло акомандеи сареи инаҳагӡаз аусура азы аҳасабырба шыҟасҵо.  Сара иахьа уи сажәа насыгӡоит», – ҳәа аминистрцәа Реилазаара аконференц-зал аҿы еизаз ауаажәларра рхаҭарнакцәа рахь ихы рханы иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

Зегьы раԥхьаӡа иргыланы, Аҳәынҭқарра Ахада ҷыдала дазааҭгылеит ауааԥсыра акыр агәҭынчымра рызцәырызго афымцамч ала аиқәыршәра аганахьала ишьақәгылаз аҭагылазаашьа.

«Аштатнҭыҵтәи афымцамч аҿыхрақәа ҳтәылауаа акыр иаргәамҵуеит. Зегьы ирдыруазар ҟалап звольҳараку афымцамҩангагатә цәаҳәа «Аҽгәара» аҿы ишьақәгылаз авариатә ҭагылазаашьа атәы. Ас еиԥш аиԥҟьарақәа рырҽеира азы иахәҭоу амаҭәахә аахәан, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара аамҭа иалагӡаны Урыстәылантәи афымцамч аашьҭра азы аиқәшаҳаҭрақәа бжьаҵан, аиҭашьақәыргылара-еиқәыршәатә усурақәа хацыркын, урҭ зегьы аграфик аԥысрала имҩаԥысуан. Аха, ҳара иҳадҳәалам амзызқәа ирхырҟьаны, афымцамч аашьҭра аанкылахеит ишьақәыргылаз аҽҳәара 15-мшы шыбжьаз. Рыцҳарс иҟалаз, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа инагӡаны рхыркәшара залмыршахеит», - ҳәа адырра ҟаиҵеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Уажәы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рынагӡара азы аграфик ҿыц ашьақәыргылара мҩаԥысуеит. Иарбоу аусурақәа рхыркәшара аамҭа кьаҿ иалагӡаны иазԥхьагәаҭоуп.

«Аамҭалатәи афымцамч арцәарақәа зымҩаԥгахо аспециалистцәа афымцамч аашьҭра ҟалаанӡа ихымԥадатәиу усурақәа рынагӡара рылдыршарц азы ауп», – ҳәа иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада. Уи иара убас ауааԥсыра аамҭала ишьақәгылаз ауадаҩрақәа еилкаарала иазнеиларц азы ааԥхьара ҟаиҵеит.

Аслан Бжьаниа акоронавирустә ҿкы чымазара апандемиа аҿагылара азы инагӡаз ауснагӡатәқәа ҷыдала дазааҭгылеит.

«Ари акризис аиааира азы ҳамчқәа зегьы еизакны ахархәара аҭан. Сара иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп ауаажәлар ргәабзиареи рыԥсҭазаареи ахьчара азы аус зуаз – ҳҳақьымцәа, аволонтиорцәа,  анаплакыҩцәа, аусдкылҩцәа, абзиаҟаҵаҩцәа, уҳәа Аԥсны ԥхьаҟатәи аԥеиԥш згәы иҵхоз зегьы. Ҳара иҳалшеит ари даара ишәарҭоу, аха убри аан иумбо аӷа иҿагылара», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Адунеи аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа инарымаданы ҷыдла ахшыҩзышьҭара аҭахоит атәылахьчаралшареи амобилизациатә зыҟаҵара азҵаареи.

Апандемиа иадҳәаланы имаҷымкәа ауадаҩрақәа шыҟазгьы, 2021 шықәсазы, аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы раԥхьаӡа акәны аҳәынҭқарратә биуџьеҭ ахашәалахәқәа рыла арбагақәа инацҵаны анагӡара алыршахеит.

«Ҳара сынтәагьы ари хра злоу атенденциа иацҵахоит ҳәа аҳәаразы алшара ҳамоуп»,- ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аҟәа. Абҵарамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иахьа атәыла ауажәларра рҿаԥхьа атәыла Ахадас иҟазаара аамҭа иҭагӡаны имҩаԥгаз  аусура азы аҳасабырба ҟаҵо, «акоронавирустә ҿкы чымазара иақәҳарџьыр акәхеит абазатә инфраструктура ахь алагалақәа ираҟароу аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ», ҳәа иазгәеиҭеит.

Аслан Бжьаниа иарбоу аԥаратә хархәагақәа рныхра ахырхарҭас иаиуз инарҭбааны еиҭеиҳәеит.  Убас, амедицинатә усзуҩцәа руалафхәы ацҵа ахь ахарџь 281,3 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.

Аковидтә хәышәтәырҭа Хада афункциақәа назыгӡоз Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аусура аиҿкааразы идәықәҵан 102,1 млн. мааҭ.  Уахь  иаҵанакуеит акомпиутертә томографиа азы ахыбра аҿакы аҭара, апациентцәа рыкрыфара аиҿкаара, апациентцәа цәарҭамаҭәала реиқәыршәара, арентгентә аппарат азы аиқәыршәагақәеи амедицинатә ҵыҵәри раахәара, абиотехникатә маҵзурақәа рымҩаԥгара, адизельтә генератори егьырҭ аиқәыршәагақәеи раахәара, уҳәа убас ирацәаны.

Амедицинатә еиқәыршәагақәа, ахәшәқәеи аныхтә маҳәахәқәеи раахәаразы зынӡа иазоужьхеит 503,9 млн. мааҭ.

Аҵараиурҭақәеи егьырҭ асоциалтә инфраструктура иаҵанакуа аобиектқәеи рҿы излауа ала аасанитар-епидемиологиатә шәарҭадара алыршара азы аҳауа азҩыдатәра иазку аппаратқәа: аҳау азҩыдатәра иазку аультра-дәыкрынԥшратә шәахәаркыга-рециркулиаторқәа  раахәара мҩаԥган. Уи иақәхарџьхеит  3,45 млн. мааҭ, 30 аҵәыҵәритә еизакыгақәеи арыԥҳақәа рыҩныҵҟа аҳауеиҭарсразы аппаратқәеи (ИВЛ) раахәаразы иныхыз аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 23,3 млн. мааҭ иреиҳахеит.  

Аҟәа. Абҵарамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусбарҭақәа аусзуҩцәеи аветеранцәеи рзанааҭтә ныҳәа – амилициа Амш рыдиныҳәалеит.

«Амилициа Амш – ари зыԥсҭазаара зегьы зыԥсадгьыли зыуаажәлари азакәани рыхьчара иазызкыз ауаа рныҳәа ауп.  Аԥсны амилициа аҭоурых абар шьҭа шәышықәса ирхысит, арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусбарҭақәа русзуҩцәа рыжәлари Рыԥсадгьыли рыхьчара аус гәыкала ишазнеиуа изныкымкәа ишьақәдырӷәӷәахьан. Абџьар кны ҳхақәиҭреи ҳхьыԥшымреи рыхьчон, ҳауаажәлар рҭыч бзазара алыршара азы ацәгьоура иаҿагыланы иқәԥон.

Иахьа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, уи аҟәшеиҵақәеи аструктурақәеи, азакәанреи азинлеишәеи рыхьчара иазку хадара злоу аҳәынҭқарратә институтны иҟоуп. Акриминал, акоррупциа аҿагылара, ауааԥсыра рзинқәеи рхақәиҭреи, иара убас рмазареи рыхьчареи ҳаԥсҭазаара аусхкқәа зегьы рҿы азакәан аԥыжәара ашьақәырӷәӷәареи рганахьала  шәара инашәыгӡо аусура арбагақәа зеиӷьаҟам ала иаадырԥшуеит шәзанаааҭдырра аҩаӡара ҳаракы. Аҳәара ҟасҵоит аринахысгьы ареспубликеи уи ауааԥсыреи ринтересқәа рыхьчара иазку аусура хьаҳәхьачарада инашәыгӡаларц. Аҳәынҭқарраҿы шәара шәмаҵуратә уалԥшьа анагӡараан иаашәырԥшуа ахамеигӡара акар аҳаҭыр рзақәуп, аха акырӡагьы аҵанакуеит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусбарҭақәа русура ҳаамҭазтәи ахыдҵақәеи аҭаххрақәеи ирықәшәо аҟаҵара.  

Аҟәа. Абҵарамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Апарламент ахьӡала Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра асистема аусзуҩцәа Амилициа амш рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

 

«Ҳаҭыр зқәу Вальтер Сергеи-иԥа!

Шәаргьы, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра асистема аусзуҩцәа зегьи аветеранцәеи ишәыдаҳныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа!

Аԥсуа милициа аветеранцәа иаԥырҵаз аҵас бзиақәа рықәныҟәарала, ҳаамҭазтәи ашәарҭарақәа ҳасаб рзуны, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аппарат хада аколлективқәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра ақалақьқәеи араионқәеи русбарҭақәеи рнапы алакуп иуадаҩу, аҭакԥхықәра зцу ауснагӡатәқәа рыӡбара.

Аҟәа. Абҵарамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарреи ауаажәларреи иҭышәынтәалоу рыԥҭсҭазаара иашьаҭаны иҟоуп – амҩақәа, афымцамчмҩангагақәа, ӡыла аиқәыршәара, уҳәа егьырҭ акоммуникациақәа, ҳәа ҩы-шықәсеи бжаки рыла, атәыла Ахадас иҟазаара аамҭа иҭагӡаны имҩаԥгаз аусура азы аҳасабырба ҟаҵо иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

Аҳасабырбатә аамҭа азы Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рҿы амҩатә инфраструктура аиӷьтәра азы иҟаҵоу маҷӡам.

Еиҭашьақәыргылоуп 106 километр рҟынӡа амҩақәа, ацҳақәа 6, адгьылҳәазара аганахьала  акыр ашәарҭара зцу  аучасткақәа 5 аҵаргәатә ҭыӡқәа рыла ишьақәыргылоуп. Иарбоу ахықәкқәа рынагӡара иақәхарџьхеит  240 млн. мааҭ.  

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы, амҩақәа реиҭашьақәыргылара иалагаанӡа аӡымҩангагатә, аӡҩаршьҭратә, уҳәа уи иадҳәалоу аинфраструктура ишахәҭоу ала аус ауа аҟаҵаразы аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргон, анаҩс ауп амҩақәа реиҭашьақәыргылара ианалагоз, ахәҭакахьала акаҭран анышьҭарҵоз.  «Ас еиԥш аус азнеишьа ахәшьара арҭахьеит Аҟәа аԥшаҳәа иаԥну аҭыԥқәа рҿы инхо ауааԥсыра. Урҭ аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа зегьы рзы ақәоурақәеи ақәыршыҩи раан акыр ауадаҩрақәа ирықәшәон, ҳазҭоу ашықәс азы уи аҩыза ауадаҩрақәа рызцәырымҵӡеит, избан акәзар еизо ацәықәбар зегьы ишахәҭоу ала аӡҩаршьҭрақәа рыла ицоит», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аҟәа. Абҵарамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ҩы-шықәсеи бжаки рыла, атәыла Ахадас иҟазаара аамҭа иҭагӡаны имҩаԥгаз аусура азы аҳасабырба ҟаҵо дықәгылоит. Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз аилыркаарақәа рыла, Урыстәылантәи афымцамч аашьҭра аанкылан иазԥхьагәаҭаз аҽҳәара 15 мшы шыбжьаз, убри иахҟьаны ацәаҳәа аҟны ианаамҭаз аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рынагӡара залмыршахеит.

«Афымцамч аҿыхра  аграфик алагалара, ари зда ԥсыхәа ыҟам усуп» ,- ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа. 

Аҳәынҭқарра Ахада атәыла Анапхгара ала  аҳәынҭқарра арратә шәарҭадара аизырҳара азы ихымԥадатәиу ауснагӡатәқәа зегьы мҩаԥнагоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. 

Аҟәа. Абҵарамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. «Аԥсни Урыстәылеи реимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара – еицакра змам, хьаҳәа-ԥаҳәарада имҩаԥысуа апроцесс ауп», - ҳәа ҩы-шықәсеи бжаки рыла, атәыла Ахадас иҟазаара аамҭа иҭагӡаны имҩаԥгаз  аусура азы аҳасабырба ҟаҵо иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа. 

«Аԥсны Кавказтәи арегион аҿы аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи рырӷәӷәара иадҳәалоу апроцесс аҿы хадара злоу обектны ишыҟац иаанхоит. Ҳара –  Урыстәыла адгылаҩцәа ҳауп, аринахысгьы аҩ-ҳәынҭқаррак рыжәларқәа рзы хра злоу аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа рыҿиареи рырӷәӷәареи рзы иҳалшо зегьы ҟаҳҵалоит», - ҳәа иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Уи иара убас атәыла иазаарту, азинқәа азхазҵо, аус ацуреи акыр аамҭа ирҭагӡоу, узықәгәыӷыртә иҟоу, иаарту аизыҟазаашьақәеи иазхиоу зегьы рзы иаартызароуп ҳәа иазгәеиҭеит.

Аҟәа. Абҵарамза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи аҳәынҭқарратә шәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамбеи асабшаҽны, атәылахьчаратә ҵакы змоу аобиектқәа рҭаареи рыхәаԥшреи мҩаԥыргеит.

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аҳәынҭқарратә шәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба дицны, абҵарамза 7 рзы Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҿы имҩаԥгаз аҵыхәтәантәи аилатәара аҿы ирыдаркылаз аӡбамҭақәа рынагӡара инамаданы, атәылахьчаратә ҵакы змоу аобиектқәа ргәаҭара иазкны анҭыҵтәи аусмҩаԥгатә мҩаԥыргеит.

Аҟәа. Абҵарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи ахазхатәы школ «Алашара» аҿы есышықәса еиҿкаахо «Абзиара иазку ахәаахәҭратә цәыргақәаҵа" мҩаԥысит.

Ашкол ахыбра аҿаԥхьа, адәаҿы астолқәа дыргылеит, урҭ шәҭылеи иаҵәаралеи, иара убас еиуеиԥшым аԥшшәқәа змоу анкьапышҭақәеи  рыла идырхиеит. Астолқәа рҿы иқәдыргылеит еиуеиԥшым атәылақәа рмилаҭтә чыс хкқәа, уи аиҳарак ачалыхқәеи ахаачысқәеи ракәын. Амилаҭтә костиумқәа зшәыз ахәыҷқәа асасцәа ачысхкқәа ргьамақәа рбара ахь ааԥхьара рырҭон.

Еиуеиԥшым атәылақәа ирызкыз астолцыԥхьаӡа ааигәара ахәыҷқәа рнапала иҟаҵоу аплакатқәа, ус иуҳәар ауазар, атәыла атрадициатә фатәқәеи аҭыԥ ԥшӡарақәеи, иара убас аҳәынҭқарратә символикеи афотосахьақәеи зну аинформациатә банерқәа кнаҳан.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.