АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Нанҳәа.2023

Леонид Лакербаиа: «Ҳара иуадаҩӡаз аибашьра аамҭа азы хатәгәаԥхарала иааны иҳавагылаз рхашҭра азин ҳамаӡам».

Аҟәа. Нанҳәамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Агәыҳалалратә фонд «Иаҳгәалашәоит» анапхгаҩы, Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Леонид  Лакербаиа   Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо Нхыҵ Кавкази  Алтаи рахь ацареи  1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан хатәгәаԥхарала иааны аԥсуаа ирывагыланы еибашьуаз, иҭахаз рҭаацәа рԥылареи атәы еиҭеиҳәеит. 

«Арҭ аныҟәарақәа 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара амш  30 - шықәса ахыҵреи Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны ахьыԥшымра ҟалеижьҭеит 15-шықәса аҵреи ирызку аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит.  Арҭ аҭаарақәа ирыдҳәалоу ахарџь ахәҭак аҳәынҭқарра ахахьы иагеит, егьы – аԥаратә хархәагақәа рныхра ахырхарҭас иаиуо здыруа еиуеиԥшым аиҿкаарақәа рҟынтәи», – ҳәа иҳәеит Леонид Лакербаиа.

Акциа ҳазҭоу ашықәс, хәажәкырамзазы Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика аҭаарала ихацыркын. Араҟа 30 инарзынаԥшуа Аԥсны иҭахаз хатәгәаԥхарауаа  рҭаацәа ыҟоуп.

«Ҳара иахьа иҭахаз хатәгәаԥхарауаа зыԥсы ҭоу рҭаацәа ҳарԥылоит, ҳрыҿцәажәоит. Убас ҳарҭаахьеит 60 ҭаацәара, урҭ иҳамоу адыррақәа рыла, зынӡа рхыԥхьаӡара 79 рҟынӡа инаӡоит. Ҳара Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа – Адыгеиа, Ҟарачы-Черқьесиа, Ҟабарда-Балкариа, Нхыҵ-Уаԥстәыла, Аахыҵ-Уаԥстәыла, Чечентәи Ареспублика, Ингушетиа ҳаҭааит», - ҳәа иҳәеит Леонид Лакербаиа.

Ҳара Ингушетиа, ақалақь Малгобек ҳаныҟаз иҭахаз ҩыџьа хатәгәарауаа ранацәа ҳарҭааит.

«Аибашьраан ҳара ҳҿы еибашьуан 12-ҩык аингушцәа, урҭ рахьынтә ԥшьҩык ҭахеит, ҩыџьа рани раби рыԥсы ҭоуп макьана, ҳара урҭ ҳарҭааит.  Сара даара сгәаҵанӡа инаӡеит ари аиԥылара. Иааџьаушьаратәы иҟан шаҟа аԥхара аҵаз ареспубликақәа зегьы рҿы иҳауз адкылара. Ингушетиагьы убасҵәҟьа акәын ишыҟаз. Ҳара ҳаԥсадгьыл ахақәиҭразы иҭахаз рҭаацәа шәынтә иҭабуп ҳәа раҳәара амыцхәрас, дара ҳара агәцаракра ахьааҳарԥшыз, иахьаҳгәалаҳаршәаз, ҳәажәлар рҿы рыҷкәынцәа ахьырхамышҭуа  азы арахь иҭабуп ҳәа ҳарҳәон.  Ҳаушьҭра рҭахӡамызт. Ииашоуп, ҳазҭааз аҭаацәа зегьы уажәаԥхьагьы иаҳбахьан, ҳаиҿцәажәахьан, ԥсшьараҳәа арахь ааԥхьара раҳҭахьан. Ари уажәы акәӡам ианыҟала. Абар  шьҭа 15 шықәса ирылагӡаны Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибшьра аҿы хатәгәаԥхарала еибашьуаз, иҭахаз рҭаацәа ԥсшьараҳәа арахь иаауеит. Иҟоуп знык адагьы Аԥсныҟа иаахьоу, аха иҟоуп уажәадагьы имаацгьы. Ҳара аҭаацәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада  ихьӡала Аԥсныҟа ԥсшьараҳәа рааразы, иара убас Аиааира Амш  30-шықәса ахыҵра азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхара азы ааԥхьара раҳҭеит. Абжьааԥны дара цәыббрамза 15-20 рзы иаауеит, Аиааира Амш азгәаҭара ашьҭахь ицоит», –  ҳәа иҳәеит Леонид Лакербаиа.

Афонд «Иаҳгәалашәоит» ахаҭарнакцәа зҭааз аҭаацәа зегьы афатә-ажәтә реизга ҳамҭас ирырҭеит.

«Сара азныказы ари аидеиа сыдсымкылаӡеит. Сара аԥара зҭоу аконверт рыҭазар еиҳа еиӷьуп ҳәа сгәы иаанагон.

Аха нас, урҭ ари аҳамҭа шрыдыркылоз анызба, сара еилыскааит, ҳара иҟаҳҵаз зегьы шиашаз. Урҭ ари «аԥсаҭа» ҳәа иашьҭоуп. Афатә-ажәтә реизга иалоуп атауарқәа рассортимент ду – ачашыла, ахәша, азеҭ, ахырӷқәа, ахаа-мыхақәа, иџьбарам арыжәтәқәа, уҳәа убас иҵегьы. Ҳара агәра ҳгеит ас еиҳа ишеиӷьу, баша аԥара рыҭара аасҭа. Арҭ аизгақәа реиқәыршәараан маҷ аџьабаа ҳбар акәхеит. Аха уи иара иаԥсан». Аха уеизгьы, Леонид Лакербаиа иажәақәа рыла, зегьы ирыцкыз зықәрахь инеихьоу ауаа рыҿцәажәара, ажәа ҟәанда раҳәара, азеиӷьашьарақәа рыҭара, уҳәа. Ингушетиа инхо иҭахаз хатәгәаԥхарауаа рҭаацәа рҭаарала ихыркәшахеит Нхыҵ Каказҟа ҳцара.

«Уажәы ҳара даҽа хықәкык ҳамоуп. Уи – Смоленск инаркны Братски  Томски рҟынӡа Урыстәыла еиуеиԥшым ақалақьқәа рҿы  инхо  13 хатәгәаԥхарауаа рҭаацәа рҭаара ауп.  Ҳара Нхыҵ-Кавказтәи хатәгәаԥхарауаа лассы-лассы иаҳгәалаҳаршәоит, ус иагьахәҭоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Еиҳа имаҷны иаҳгәалаҳаршәоит ааибашьраан Урыстәыла еиуеиԥшым ақалақьқәа рҟынтәи цхыраараҳәа  хатәгәаԥхарала иаҳзааз аибашьцәа», –  ҳәа иҳәеит Леонид Лакербаиа.

Уи ҿырԥштәыс иааигеит Томск ақалақь аҟынтәи иааз арԥыс Андреи Иунчис иҭоурых. Иара усҟан 18 шықәса ракәын ихыҵуаз, иара Томсктәи ауниверситет усҟан актәи акурс далгеит. Аԥсны аибашьра аналага, Андреи аӡәгьы акагьы иамҳәаӡакәа, иусқәа зегьы нкажьны Аԥсныҟа хатәгәаԥхарала еибашьра дааит. Даара фырхаҵарыла деибашьуан, дҭахеит хәажәкырамза 16, 1993 шықәсазы.

«Иара марттәи ажәылараан дҭахеит. Сара уи лымкаала сгәалашәараҿы даанхеит. Абҵарамза, 1993 шықәсазы, ҳара Ареспубликатә хәышәтәырҭа азааигәара анышә иамадаз аибашьцәа рыԥсыбаҩ  аексгумациа анымҩаԥаҳгоз, ари арԥыс ицеибашьуаз дырдырит. Урҭ акыр ибзианы ихцәажәеит. Сара Аԥсни Андреи дахьынтәиҳзааз Томск ақалақьи рыбжьара ателецҳа аиҿкаара, уи ихцәажәарц азы  ицибашьуаз ааԥхьара рыҭара сгәы иҭоуп. Сара сгәаанагарала уи зыҟаҵатәу урҭ арԥарацәа ҳара ҳҿы ирхамышҭларц азы мацара адагьы, урҭ ахьиз иахьааӡаз ақалақьқәа рыҿгьы дара рыӡбахә раҳарц, рфырхаҵара атәы рдыруазарц азы ауп.   Сара Андреи ицеибашьуаз аҷкәынцәа сыԥшааит. Ателецҳа аиҿкаареи амҩаԥгареи залыршахар, ганкахьала астудиа ахь инеиуеит Андреи ицеибашьуаз, Томск ақалақь аҿы – иара иан. Сара исҭахуп Андреи иқалақь аҿы иӡбахә раҳарц. Рыцҳарас иҟалаз, Андреи иан уажәы лгәы рахәым. Аха ателецҳа хәыҷык инаханы имҩаԥгазар ҟалоит», – ҳәа иҳәеит Леонид Лакербаиа.

Ааигәаӡа афонд «Иаҳгәалашәоит» ахантәаҩы, анапхгараҭара алахәыла Индира Аҩардан Ашьха Алтаинтәи дхынҳәит.

«Ари аныҟәара Урыстәылатәи Афедерациала Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара ҟалеижьҭеит 15-шықәса аҵра азгәаҭара аламҭалазы иҟалеит. Ҳара Урыстәылеи Аԥсни Рфырхаҵа Витали Вольф иҭаацәа ҳарҭааит», - ҳәа иҳәеит Леонид Лакербаиа.

Витали Алеқсандр-иԥа Вольф (ԥхынгәымза 17, 1972ш. — хәажәкырамза 27, 1993 ш.) — урыстәыла аруаҩ, Урыстәыла Аҳаир-десанттә архәҭақәа хазы игоу 345-тәи апарашиут-десанттә полк  3-тәи  апарашиут-десанттә баталион аимадара аҟәша акомандир. 

Ахәылбыҽха, хәажәкырамза 27, 1993 шықәсазы агвардиа асержант еиҳабы Витали Вольф Алада Ешыратә аиланхарҭатә пункт аҿы иҟаз асеисмикатә лабораториа ахьчара азы арратә хыдҵа назыгӡоз 7-тәи апарашиут-десанттә рота аимадара еиқәиршәон. 22 сааҭи 30 минуҭи рзы алабораториа артиллериа-минаршәратә жәылара иақәшәеит, убри иахҟьаны аҭҟәацра ашьҭахь аимадара ацәаҳәа аусура еиԥҟьеит. Аобиект аҿы иҟаз адесантникцәа рыԥсҭазаара реалла ашәарҭара иҭагылеит.

Витали ихахьы иоуз амԥҽыхатә ахәра хьаас имкыкәа Гәдоуҭа ақалақь аҿы аҳаир-десанттә архәҭақәа рымадара илиршеит.  Еиҭашьақәыргылахаз аимадарала адырра зауз арратә ҵәиԥрыгақәа алабораториа аихсра ахьымҩаԥысуаз ақырҭуа екстремистцәа ртәарҭақәа абомбақәа рылажьра иалагеит. Витали иоуз ахәра хьанҭа иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит. Иара анышә дамадоуп Алтаитәи атәылаҿацә Иаровое ақыҭан.

Урыстәыла Ахада 1993 шықәсазы иҭижьыз Иусԥҟала, арратә уалԥшьа анагӡараан иааирԥшыз афырхаҵареи агәымшәареи  рзы, аҽҳәарахыхьтәи амаҵзура агвардиа  асержант еиҳабы Витали Вольф ԥсрашьҭахь ианашьахеит Урыстәылатәи Афедерациа Афырхаҵа ҳәа аҳаҭыртә хьӡы.

Абҵарамза 10, 1993 шықәсазы Иаровое ақалақь ахада иқәҵарала Баикальскаиа амҩа Витали Вульф ихьӡ ахҵан.

Витали Вольф аҵара ахьиҵоз Иаровтәи абжьаратәи ашкол № 14 ахыбра аҿы ишьақәыргылоуп амемориалтә ӷәы. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи 7-тәи арратә база иахьаҵанакуа Витали Вольф ибаҟа-абиуст ргылоуп. 2013 шықәсазы

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟала  Витали Алеқсандр-иԥа Вольф Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ианашьахеит.  

Нанҳәамза 2, 2014 шықәсазы Иаровое ақалақь агәаҿы Витали Вольф иобелиск аартын. «Алада Ешыра иҟоу асеисмиатә лабораториа, иуҳәар алшоит Гәдоуҭа аганахьала еиҳа иааигәаз ҭыԥны иҟан. Иуадаҩӡаз марттәи ажәылара ашьҭахь Гәымсҭатәи афронт аганахьала ҳаҷкәынцәа маҷны иаанханы иҟан. Ақырҭцәа уи рхы иархәаны, хәажәкыраза 27- 28 ауха 120-ҩык рҟынӡа адесантникцәа ахьыҟаз алабораториа аганахьала ажәылара рҽазыршәеит. Даара иӷәӷәаз аминомиоттә мца ҟалеит, аимадара еиԥҟьеит. Ари арԥыс, Витали Вольф, адесантникцәа реимадара аҟәша акомандаҟаҵаҩ, иԥсҭазаара ахҭынҵаны зеиӷьаҟам ала ирратә уалԥшьа наигӡеит, зда ԥсыхәа ыҟамыз аимадара еиҭашьақәиргылеит. Ҩажәа шықәса рышьҭахь Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Алеқсандр Анқәаб иара ԥсрашьҭахь «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ ҳарак ианеишьеит. Ҳара ари арԥыс иҭоурых ҳзеиҭеиҳәеит Аԥсны ибзианы ирдыруа ауаҩы аинрал Алеқсандр Чиндаров.  Усҟан ақырҭцәа ари алабораториа рнапаҿы аагареи маҷк ԥхьаҟа аиҭаҵреи  рылшазҭгьы, усҟан Гәдоуҭаҟа амҩа рзаатхон, уи ахҟьаԥҟьақәа зегьы шацу», - ҳәа иҳәеит Леонид Лакербаиа. 

Мшаԥымза 2013 шықәсазы Аҟәа араион Ешыра ақыҭантәи абжьаратәи ашкол аҿы иаадыртит Урыстәыла Афырхаҵа Витали Вольф имемориалтә ӷәы.  2017 шықәсазы Аԥсны адесантникцәа Реидгыла хыхьтәи Гәымсҭатәи ацҳа азааигәара амемориалтә ӷәы шьақәнаргылеит.  

«Ҳиааира 30-шықәса ахыҵра азгәаҭара аламҭалазы ҳара Ашьха-Алтаиск ҳамцар ҟаломызт. Уаантәи ҳара Витали иҭаацәа ахьынхо аҳабла Соузга ҳаҭааит. Даара аԥхарра зҵаз аиԥылара бзиа мҩаԥысит. Ҳара Витали иани иаби ираҳҭеит Аԥсны Амилаҭтә Банк анаԥхгаҩы иҳаиҭаз, Фазиль Искандер изкны иҭыжьу агәалашәаратә араӡнытә ԥараҿырпы. Дара даара гәахәарыла ирыдыркылеит ари аҳамҭа, урҭ рԥа ифырхаҵара ахьаҳгәалашәо азы иҭабуп рҳәеит», – ҳәа иҳәеит Леонид Лакербаиа.  Афонд «Иаҳгәалашәоит» ахантәаҩы ателерадиоеилахәыра Ашьха Алтаи аиԥылара иазкны асиужет ахьҭнахыз азы иҭабуп ҳәа  иҳәеит. «Уи ҳара ҳзы адагьы иҭахаз рҭаацәаразгьы акыр аҵанакуеит. Ари арԥыс гәымшәа дахьынхоз ақалақь ифырхаҵара атәы рдыруазар ахәҭоуп, ирдыруазароуп уи Урыстәылеи Аԥсни рыхьчара ихы шақәиҵаз. Витали иаб Аԥсныҟа дшаауа азы ҳақәиргәыӷит», –  ҳәа иҳәеит Леонид  Лакербаиа.

Афонд «Иаҳгәалашәоит»  арҭ аныҟәарақәа рфинанстәра аҿы ацхыраара ҟарҵарц азы еиуеиԥшым аиҿкаарақәа рахь аҳәара ҟанаҵеит. Афонд аҿы иара убас ирҭахуп Аиааара амш аламҭалазы иҭахаз рҭаацәа аҵаратә ҳамҭақәа рыҭара аиҿкаара.

Афонд аҿы иазԥхьагәаҭоуп иара убас Донецк инхо рбара, рыҿцәажәара.

«Аиԥылара  Москва, Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аҟны еиҿкаазар ҟалоит. Ари аиԥылараҿы хаҭала урҭ иҭабуп ҳәа раҳәаразы алшара аԥҵахоит. Ҳара иара убас анаҩс урҭ рҭаацәа рыҭаразы,  иҭахаз хатәгәаԥхарауаа ирыцеибашьуаз ргәалашәарақәа аҭаҩра ҳгәы иҭоуп. Еиуеиԥшым ақалақьқәа рыла ателецҳақәа реиҿкаара залмыршахаргьы, ҳара ҳветеранцәа ргәалашәарақәа ҭаҩны хатәгәарауаа рҭаацәа ираҳҭоит», –  ҳәа игәҭакқәа ртәы еиҭеиҳәеит Леонид Лакербаиа.

Иара, Аԥсны хатәгәаԥхарала еибашьуаз рхыԥхьаӡараҿы иахьа Урыстәыла Украина инанагӡо иҷыдоу арратә операциа иалахугьы ыҟоуп ҳәа иазгәеиҭеит.

Леонид Лакербаиа Очамчыра араион Ахадара хәатәгәарауаа ргәалашәара иазкны ахәылԥаз ду ахьеиҿнакааз азы иҭабуп ҳәа иҳәеит.

«Ҳара иуадаҩӡаз аибашьра аамҭа азы хатәгәаԥхарала иааны иҳавагылаз рхашҭра азин ҳамаӡам!», - ҳәа иажәа хыркәшо инаҵшьны иазгәеиҭеит Леонид Лакербаиа. 

 

 


Read 521 times - Аԥшьаша, 24 Нанҳәа 2023 21:36
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.