АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Нанҳәа.2023

Алеқсандр Дрозденко Аслан Бжьаниа Аԥсны ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара Амшныҳәа идиныҳәалеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ленинградтәи аобласт агубернатор Алеқсандр Дрозденко Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара Амшныҳәа инамаданы  дидиныҳәалеит.  

«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥ!

Ленинградтәи аобласть  Анапхгара ахьӡалеи хаҭала сара  сыхьӡалеи амилаҭтә ныҳәа –  Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара Амш инамаданы сшәыдныҳәалоит!

Ахақәиҭра азы акыр иуадаҩыз амҩа ианысны, Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи авторитет ессаира арӷәӷәарала апрогрессивтә ҿиара амҩа иануп.

Ареспублика аҿы қәҿиарала аӡбара мҩаԥысуеит аекономикатәи асоциалтәи азҵаарақәа, иҿыцу аинфраструктура аобиектқәа ахархәарахь ирыҭахоит.

Ленинградтәи аобласть Аԥсны Аҳәынҭқарра аганахьала ахәаахәҭра-економикатә, анаука-техникатә, асоциал-культуратә усхкқәа рҿы аусеицура азы 2023 шықәсазы знапаҵыҩра азԥхьагәаҭоу аиқәшаҳаҭра ашьаҭала аҩганктәи аимадарақәа рырҿиара иазхиоуп.

Исымоу алшара схы иархәаны, азин сышәҭозар, Аԥсны жәлар зегьы, хаҭала Шәара, ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа, агәабзиара, агәамч, аизҳазыӷьара, аҭынчра, аизҳазыӷьара ҿыцқәа гәык-ԥсыкала ишәзеииӷьасшьоит!»


Read 488 times - Ахәаша, 25 Нанҳәа 2023 12:49
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.