pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Цәыббрамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аиааира амш аламҭалаз Ҟарачы-Черқьесиатәи Ареспублика  хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа дырԥылеит.

Цәыббрамза 9 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ҟарачы-Черқьесиатәи Ареспубликахь иусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны ауаажәларра, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы хатәгәаԥхарала еибашьуаз, аветеранцәа, иҭахаз рҭаацәа дырԥылеит.

«Сара акрааҵуан аара сгәы иҭеижьҭеи, аха аҿкычымазара иахҟьаны апланқәа зегьы рҽырыԥсахыр акәхеит. Иахьа, ара сыҟоуп, зегьы хаҭа-хаҭала шәгәеисыбжьы саҳауеит. Шәзыӡырҩра, шәгәы иҵхо азҵаарақәа рҭак аҟаҵара сазхиоуп», - ҳәа  иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада.

Аҳәынҭқарра Ахада иара убас иазгәеиҭеит арахь иаара ҳазҭоу амзазы Аԥсны иазгәарҭо Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш ишадҳәалоу. Аҳәынҭқарра Ахада иқәгылараҿы ҷыдала дахцәажәеит хатәгәаԥхарала еибашьуаз Аиааира агараҿы рлагала.

«Аԥсны жәлар иргәалашәоит, ахәгьы ҳаракны иршьоит Нхыҵ Кавказ ҳаиашьаратә республикақәа рхаҭарнакцәа рфырхаҵара.  Хатәгәԥхаралатәи аиҿкаарақәа Аиааира агараҿы рлагаламҭа ахә ашьара уадаҩуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада.

Аҟәа. Цәыббрамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи аԥсуа делегациа алахәцәеи Ҟарачы-Черқесиа, аул Хабез аҟны Леон Иорден акавалер  Мусса Дауров инышәынҭра иаҭааит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аҟәа. Цәыббрамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Цәыббрамза 25 рзы Аҟәа ақалақь аҿы раԥхьаӡатәи аԥсуа романист Иван Гьаргь-иԥа Папасқьыр диижьҭеи 120-шықәса аҵра инамаданы имҩаԥысуеит IX Жәларбжьаратәи аҿартә  арт-фестиваль «Аԥшаҳәаҿы анеиааира».

«Афестиваль ахықәкы хада – еиҳарак аҿар рыбжьара аԥхьара, ашәҟәқәа, алитературатә ҟазара апропагандеи апопулиаризациеи ауп; аинтеллектуалтә ҿиара азы зегьы реиҳа иманшәалоу, иазку аҭыԥ аҳасабала абиблиотекақәа рпопулиаризациа», - ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека анапхгаҩы  Борис Ҷолариа.

Уи иажәақәа рыла, иарбоу ахықәкы анагӡаразы, Аԥсны ауааԥсыреи уи иаҭаауа асасцәеи афестиваль алахәхаразы радыԥхьалара азы еиуеиԥшым аформақәеи аметодқәеи рхархәара алыршоуп, акульура, аҟазара, ажәлар рҟазара еиуеиԥшым ажанрқәа зныԥшуа афестиваль атерриториақәа еиҿкаахоит.

Афестиваль апринцип хадақәа иреуоуп – аҳәаақәа раартра, алахәылацәа реиԥш ахәаԥшцәагьы рзы афестиваль ахь анаӡара армариара.

Афестиваль рхы аладырхәыр алшоит уи азы агәаҳәара змоу, аоргкомитет ахь азыҳәамҭа алазҵаз зегьы.

Аҟәа. Цәыббрамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ацҳаражәҳәарҭақәа рыҩаӡараҿы адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеижьҭеи 14 шықәса ҵуеит. Жьҭаарамза 24,2008 шықәса рзы Аԥсны иҟоу Урыстәыла раԥхьатәи ацҳаражәҳәаҩыс дҟалеит урыстәылатәи адипломат Семион Григориев.  Ԥхынҷкәынмза 16 рзы Семион Григорие усҟан Аԥсны Ахадас иҟаз Сергеи Багаԥшь агәрагагатә шәҟәқәа инапы иаиркит.  

Аҟәа. Цәыббрамза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иацы ахәылбыҽха шәагаала имаҷу аӷбақәа рзы Аҳәынҭқарратә Инспекциа аусзуҩцәа аҟәатәи абаӷәаза аҿы, аӡҭаларҭа «Синоп» иахьаҵанакуа аӡы иагоз аҭыԥҳацәа реиқәырхара рылдыршеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.  Аӡы иагоз аҭыԥҳацәа рхаҭара шьақәыргылоуп, урҭ 1994; 2003 шш. рзы ииз аҭыԥан инхо роуп.  

Асиорфинг-ӷәқәа рыла урҭ амшын агәаҿынӡа инаӡеит, аҟәара аҟынтәи 700 метра инарзынаԥшуа инаскьеит. Аха шьҭахьҟа ахынҳәра рымч ақәымхо иалагеит. Рҭелқәа иамаз арлашагақәа рыла урҭ аҟәараҿы иҟаз ауаа рылаԥш рықәшәартә иҟарҵеит, урҭ анаҩс аиқәырхаҩцәа адырра рырҭеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Нхыҵ Кавказҟа иусуратә ҭаара иациҵоит. Цәыббрамза 8 рзы Аҳәынҭқарра Ахадеи аԥснытәи аделегациа ахаҭарнакцәеи Ҟарачы-Черқьесиантәи иааны  хатәгәаԥхарала еибашьуаз, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз аибашьцәа  рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит. Аслан Бжьаниа хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз, иҭахаз ранацәа дырԥылеит.   120-ҩык Ҟарачы-Черкесиантәи Аԥсныҟа иааны хатәгәаԥхарала еибашьуан, урҭ рахьынтә  13-ҩык ҭахеит.  

Иахьа Аслан Бжьаниа иара убас Жәларбжьаратәи Ачерқесстә Ассоциациа напхгара азҭоз, иара убас ҟабарда жәлар Рконгресс ахантәаҩыс иҟаз,   Урыстәылатәи Афедерациа иналукааша, еицырдыруа аҳәынҭқарратәи аполитикатәи аусзуҩ Иури Калмыков ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.

Ҟарачы-Черкестәи Ареспублика Абазатәи араион аул Кара-Паго аҿы Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра  Актәи Ахада Владислав Арӡынба ихьӡ зху ашкол даҭааит.  

Аҟәа. Цәыббрамза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа аофициалтә саит аҟны икьыԥххьеит «Аԥсны Аҳәынҭқарра иаҵанакуа аобиект Урыстәылатәи Афедерациа ахатәрахь аиагареи уи ахархәара аԥҟарақәеи рзы Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгареи Аԥсны Аҳәынҭқарра Анапхгареи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра».  

Аусшәҟәы аурыс бызшәеи аԥсуа бызшәеи рыла икьыԥхьуп.

Иарбоу аусшәҟәы азы азхьарԥш: Аҳәынҭқарратә дача «Пицунда» ала Аиқәшаҳаҭра.

Аҟәа. Цәыббрамза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Цәыббрамза 6 рзы аҳазылхратә ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» ашьапылатә ыиасырҭа иахьаҵанакуаз аҳазылхыҩцәа рылаш лықәшәеит  «акоридор иаҵәа» ҳәа изышьҭоу ала Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи Аԥсныҟа зхы хаз атәылауаҩԥҳәыс, уи иаанаго лара аҳазылхратә шәҟәҭагалара зыхәҭоу атауар лымаӡам ауп.

Ажәакала, аԥҳәыс илымаз анапылеидара агәаҭараан иаарԥшын иагьлымхын аҳазылхратә гәаҭара  иақәыршәамыз, маӡала аиагара азы зҽазышәара ыҟаз Урыстәылатәи Афедерациа акцизатә дыргақәа змоу, зхыԥхьаӡара 9 400 цыра рҟынӡа инаӡо аҭаҭын аалыҵ.

Аҟәа. Цәыббрамза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.   Атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәыҭа аҟны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.

Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада, Гәдоуҭа араион асанитартә ҳақьым хада, Гәдоуҭа архитектор хада, иара убас аҳәынҭқарратә Еилазаара «Аԥсныргылара» ахаҭарнакцәа.   

Аилатәара иалахәыз ахәышәтәырҭа аусура аиҿкаашьа, иара убас арыцқьаратә шьақәгылагақәа русура иадҳәаланы ицәырҵыз ауадаҩрақәа ирылацәажәеит.

Ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Ҳаџьараҭ Шамба иажәақәа рыла, уажәазы астационартә хәышәтәра араҟа иахысуеит  акоронавирустә ҿкы чымазара змоу 12 - ҩык апациентцәа. Аиҳарак урҭ иарбоу ачымазара иаццәырҵуа ачымазара лаҽқәа змоу роуп.

Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2022. Аԥсныпресс.  Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата Апрезидент Ҭамила Мерцхәлааԥҳа Иорданиа Ахәаахәҭра –Ааглыхратә Палата ахаҭарнак Амин Бакиж длыдылкылеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата апресс-маҵзура.  

Ҭамила Мерцхәлааи Амин Бакижи аԥснытәи аусдкылаҩцәеи анаплакыҩцәеи ринтересқәа рӡыргареи Аԥсны Иорданиатәи Ҳашимиттә Акралра аҿы апрезентациа амҩаԥгареи ирызку аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаара иалацәажәеит. 

Аиԥылара аҿы иара убас ишьҭыхын «Аԥсуа – уԥсадгьыл уаҭаа» ҳәа хыс измоу Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата апроект анагӡара иадҳәалоу азҵаарақәагьы. Ҭамила Мерцхәлаа напхгара зылҭо Ахылаԥшырҭа Иорданиа иқәынхо аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа рхәыҷқәа  рабацәеи рабдуцәеи рҭоурыхтә ԥсадгьыл аҭоурых, акультура, атрадициақәа рырдырразы рыдкылара иазхиоуп ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.