Аҟәа. Нанҳәамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи олимпиатә ӡҭарчы аҿы Москва 876-шықәса ахыҵра Амш азгәаҭара инамаданы, аӡысразы ахәыҷтәы еицлабрақәа мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит «Москва Аҩны» апресс-маҵзура.
Зынӡа аицлабрақәа рхы аладырхәит 11 шықәса рҟынӡа зхыҵуа, иара убас 12 шықәса инаркны 16 шықәсанӡа зхыҵуа, аӡысразы аҭыԥантәи асекциақәа рҟынтәи 45-ҩык аспортсменцәа.
«Ҳара зегьы иаадыруеит асовет аамҭа азы аӡытә спорт хкқәа Аԥсны акыр алаҵәара шрымаз. Убри аҟнытә даараӡа ишьахуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит уи иахьа аиҭаҿиара иахьаҿу. Ари аус аҿы рлагала дууп атренерцәа, дара ахәыҷқәагьы, жәаҳәарада ари аӡҭарчы аиҭашьақәыргылара алзыршаз зегьы. Сара агәра сгар сҭахуп, ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа ирыбзоураны иарбоу аспорт хкы еиҳа-еиҳа апопулиалра шаиуо, насгьы хара имгакәа алшықәсанык аӡысра аҽазыҟаҵара азы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа зегьы шаԥҵахо», - ҳәа аусмҩаԥгатә аартуа иҳәеит Аҟәа иҟоу Москва Аҩны адиректор хада Александр Бигәаа.
Аицлабрақәа ирылахәыз 50 метра рҟынӡа иҟоу адистанциа аҿы зхы иақәиҭу астиль, бӷала аӡысра, брасс, баттерфлиаи, уҳәа астильқәа рыла еицлабуан.
Аиааира згаз зегьы ахраҿақәа, амедалқәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи ранашьахеит. Иара убас алахәылацәа зегьы хаҭа-хаҭала Москва Анапхгара ахьӡала аҳамҭақәа роуит.
Ари аусмҩаԥгатә Москва Анапхгара, Москва ақалақь адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәа Рдепартамент, Москва ақалақь аҳәынҭқарратә автономтә Усбарҭа «Аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа аусуратәии агуманитартәии аус рыцура Ацентр - Москватәи аидгьылҩы Иҩны», иара убас уи аҽга – «Москватәи аидгьылҩы Иҩны - Аҟәа иҟоу «Москва Аҩны» иҟарҵаз ацхыраареи адгылареи ирыбзоураны еиҿкаахеит.