АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Нанҳәа.2023

Акоманда «Ерцахә» ашьапылампыл азы атурнир «Краснодар Аԥхынтәи Ахраҿа» аҿы аиааира агеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2008 шықәса рзы ииз аспортменцәа рыла ишьақәгылоу  очамчыратәи ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ акоманда «Ерцахә», есышықәса имҩаԥысуа ашьапылампыл азы урыстәылазегьтәи ахәыҷтәы-қәыԥштә турнир «Краснодар Аԥхынтәи Ахраҿа» аҿы аиааира агеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы аофициалтә саит.

Атурнир мҩаԥысит нанҳәамза 23 – 28 рзы Краснодар ақалақь аҿы.

Атурнир иреиӷьу ахәмарыҩцәа ҳәа иалкаан Леон Адлеибеи Зураб Кәычбериеи.

Акоманда азыҟаиҵоит Рамин Киут.

Ари атурнир аҿы аиааира агеит даҽа аԥснытәи акомандак. Уи – 2010 шықәсазы ииз аспортсменцәа рыла ишьақәгылоу аҟәатәи «Динамо» ауп. Ахәмарыҩцәа ҿарацәа азыҟаиҵоит Аслан Багаҭелиа.

 

 

 


Read 174 times - Ахаша, 30 Нанҳәа 2023 15:21
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.