АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Нанҳәа.2023

Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз амашәыртә хҭыс иахҟьаны ҩыџьа ауаа ҭахеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Жданов имҩала игылоу ахатәы ҩны аҿы амашәыртә хҭыс ҟалеит. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, аҭҟәацра ҟалеит, уи иахҟьаны ҩыџьа ауаа рыԥсҭазаара иалҵит, аӡәы ахәышәтәырҭахь днагоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура. 

«Иҷыдоу аҭагылазаашьа азы адырра Аминистрра ахь иҟалеит 11 сааҭи 40 минуҭи рзы. Амашәыр ахьыҟалаз аҭыԥ ахь иаразнак амҩа иқәлеит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апиротехникатә ҟәша, амедицинатә ҟәша аусзуҩцәа, иара убас аԥсеиқәырхаҩцәеи амцарцәаҩцәеи.

Уахь днеит аԥсеқәырхаратә Хылаԥшырҭа ахадагьы Лев Кәыҵниа», - ҳәа иазгәаҭоуп ацҳамҭа аҿы.

Иарбоу амашәыртә хҭыс аҟалара аҭагылазаашьақәа ртәы макьаназы еилаам. Иарбоу ахҭыс азы аусеилыргара мҩаԥысуеит. 


Read 182 times - Ахаша, 30 Нанҳәа 2023 15:20
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.