АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Нанҳәа.2023

Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аплатформа «Аԥсны аԥеиԥш» алахәылацәа дырԥылеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аплатформа «Аԥсны аԥеиԥш» алахәылацәа рԥылараан далацәажәеит ҳтәыла акәша-мыкәша иҟоу актуалтә политикатә ҭагылазаашьа, Аахыҵ Кавказ арегион аҟны аҭыԥ змоу аҭагылазаашаьқәа, ҳпартниор хада – Урыстәылатәи Афедерациа азыҟазаашьаҿы аԥыжәара змоу азҵаарақәа ртәы.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ҷыдала дазааҭгылеит Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра иазыҟанаҵо афинанстә цхыраара:

«Урыстәыла 2008 шықәса раахыс Аԥсны 110 миллиард мааҭ афинанстә цхыраара анаҭахьеит. Урҭ рҟынтәи 30 миллиард мааҭ – инвестициатә программоуп изҵазкуа, абиуџьеттә инвестициақәа ҳәа ишьоуп.

Даҽа 40 миллиард мааҭ – аулафахәқәа роуп. Абиуџьетбжьаратә еизыҟазаашьақәа ирыҵаркуам аҽа 40 миллиард мааҭ – атәанчахәқәа. Атәанчахәытә цхыраара аҳасаб ала ҳтәыла иаиуеит шықәсык аҩныҵҟа 4 миллиард мааҭ. Ииасыз амзазы 24 400-ҩык ҳтәылауаа ироуит урыстәылатәи атәанчахәытә шәарақәа. Ари бжьаратәла мызкы 300 миллион мааҭ инаӡоит. Аԥсуа тәанчахәы 500 мааҭ роуп иҟоу. Атәылауаҩ урыстәылатәи атәанчахәы имоуазар, иара шәарак аҳасаб ала изыршәоит 2500 мааҭ. Атәанчахәы, иреиҵоу анхаралшаратә зыԥҵәа, 10 000 мааҭ аҟынӡа инаӡарц азы абиуџьет аҿа миллиард мааҭ аҭаххоит. Ар реиҭарҿыцра акәзаргьы иақәхарџьтәуп миллиард мааҭ еиҵамкәа аԥара. Иара убасҵәҟьоуп ишыҟоу егьырҭ аусхкқәа – агәабзиарахьчара, раҵарадырра уҳәа рҟынгьы. Напеиқәыԥса атәара алшом. Иԥшаалатәуп ахыҵхырҭа ҿыцқәа».

Инал Арӡынба иҳәеит уаанӡа, Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи еицырзеиԥшу Ар рыхәҭа аԥҵаразы алшара ахы иашамырхәаз, Очамчыра араин аҿы арартә қалақь аиҿкаара шалыршамыз.

«Иҳалшои иҳалымшоуи анализ рзыҟаҳҵалароуп, аҭагылазаашьа шьаҿак ԥхьаҟа ҳаԥысны ахә ҳшьалароуп, ацәаныррақәа аԥыжәара рыҭара ахәҭам. Урҭ ҳара шьҭахьҟа ҳдыргьыжьуеит ауп. Урыстәыла ахада Иусбарҭаҿы сусураан сара знымзар зны исмаҳаит Аԥсны аекспансиа аӡәы иҭахны».

Қырҭтәыла иҟоу аҭагылазаашьаз азҵаара аҭак ҟаҵо Арӡынба иҳәеит Қырҭтәылеи Урыстәылеи рыбжьара ахәаахәхҭратә еикәыршара 2,5 млрд. рҟынӡа ишхалаз, Урыстәыла Қырҭтәылаз хәаахәҭратә партниорны ишыҟоу, Қырҭтәылагьы аекономикатә интересқәа адгылара шрырҭо.

Арӡынба иара убасгьы дазааҭгылеит ақырҭуа диаспора Урыстәыла русура.

«Адунеитә економикеи адунеитә политикеи – еиндаҭло усхкқәоуп. Аиндаҭлараҿы уаҵахар, иуылымшар жәларбжьаратәи апроцессқәа рҳәаа уахцахоит» ҳәа иҳәеит аминистр.

Иара иҳәеит Урыстәылеи Аԥсни рыстратегиатә ԥеиԥш ахаҭабзиара амазароуп ҳәа.

«Аԥсны Аҳәынҭқарра аглобалтә информациатә ҵакыра иахәҭакуп. Иара амониторинг адунеи атәылақәа, иҳаӷоугьы налаҵаны, рҟны имҩаԥыргоит. Ари еснагь иазхәыцлатәуп» - ҳәа иҳәеит Арӡынба.

Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа рыҿиара аҿы иааизакны иҟоу аихьӡарақәа дырзааҭгылеит.  

«Арҭ ашықәсқәа рзы иҟаҵаз маҷӡам. Зегьы ирыцку – ари Аԥсны аԥсҭазаара аҩаӡара ауп, избан акәзар, Аԥсни Урыстәылеи ртәылауаа рхаҭа шәреспублика аҿы аҭычреи аҭышәынтәалареи рышьақәгыларазы иҟарҵаз маҷӡам. Ишыжәдыруа еиԥш Аԥсны иҟоуп урыстәылатәи абыжьбатәи арратә база, уи аԥснытәи аруаа рыцырхырааны аҳәынҭқарратә ҳәаақәа рыхьчара алдыршоит. Ареспублика аҿы иҟоу 20 инареиҳаны аҳәаахьчаҩцәа рҭыԥқәа рҿы арратә маҵзура иахысуа аруаа рхыԥхьаӡара 3 000 – ҩык рҟынӡа инаӡоит.  Иара убас, Урыстәыла Аԥсны аҳәынҭқарратә биуџьет аныхтә хәҭақәа рхарҭәаараҿы акыр ацхыраара ду ҟанаҵоит. Ахәҭакахьала, абиуџьеттә усзуҩцәа руалафахәу аицфинанстәра мҩаԥысуеит, атәанчаратә қәра иаҵанакуа, аамҭакала Урыстәыла атәылауаҩрагьы змоу  Аԥсны атәылауаа атәанчахәы рызшәара аганахьалагьы мҽхакы ҭбаала афинанстә цхыраара мҩаԥысуеит. Жәаҳәарада, ҳаԥхьаҟа иҟаҵатәу акыр ирацәоуп, аха зегьы реиҳа ихадоу – 2008 шықәсазы ихацыркыз акурс ацҵара ауп. Уи аиқәырхара анаҩс аҿиарагьы мҩаԥысуеит. 2014 шықәсазы ҳҳәынҭқаррақәа аидгылареи астратегиатә партниорреи рзы Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны мҽхакы ҭбаала аусура мҩаԥысуеит. Уи ахырхарҭақәеи ахкқәеи реиқәыԥхьаӡара акыр аамҭа рацәа агоит, даараӡа акыр аҵанакуеит иахьа иҳабжьоу аимабзиаратәи аидгыларатәи аизыҟазаашьақәа рырҿиареи рырӷәӷәареи», –   ҳәа иҳәеит урыстәылатәи адипломат.   

Аиԥылара аҿы Инал Арӡынба Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет ҳамҭас иеиҭеит ҳаамҭазтәи сингапуртәи аҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы  Ли Куан Ю. инапы иҵыҵыз 100 цырак ашәҟәқәа раахәаразы асертификат.

 

 


Read 149 times - Ахаша, 30 Нанҳәа 2023 15:29
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.