АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Нанҳәа.2023

Кавказ аиқәырхаразы аибашьра 80-шықәса ахыҵра иазкны Пыв аҩхааҿы игылоу, ааигәа еиҭашьақәыргылаз асовет аруаа рбаҟа аартра мҩаԥгахеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аџьынџьтәылатәи еибашьраан Кавказ ахьчаразы аибашьра 80-шықәса ахыҵра инамаданы, Пыв аҩхаа аҿы игылоу, ааигәа еиҭашьақәыргылаз асовет аруаа рбаҟа аартра мҩаԥгахеит.  Имҩаԥысит иара убас абаҟа амҵан иҭаҵәаххо, еиҵагыло абиԥарақәа рзы аԥсышәалеи аурыс бызшәалеи иҩу ацҳамҭа «аамҭа акапсула» аҵаҵара иадҳәалоу ацеремониа.

Афонд «Платформа»  анагӡаратә директор Дмитри Статеинов иажәақәа рыла, абаҟа аиҭашьақәыргылара Кавказ ахақәиҭразы аидыслара 80-шықәса ахыҵра иазку аҭоурых-арра-патриоттә проект «Кавказский фронт» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуан.

«Абаҟа аиҭашьақәыргылара хацыркын ԥхынгәымза агәазы, уи  ҩымчыбжь-хымчыбжь заҵәык рыла иалыршахеит. Иара Урыстәыла Приволжтәи Афедералтә округ аҿы Аԥсны ҳаҭыр зқәу аконсул Владимир Литвинчуки атәылахьчареи акультуреи Рминистррақәа рҟынтәи иҟаҵаз адгылара иабзоурахеит.  Владимир Литвинчук ишазгәеиҭаз ала, абаҟа аиҭашьақәыргылара иазкыз аусура акыр иаруадаҩуан аҭыԥ иуадаҩу арелиеф, иара убас лассы-лассы иҟалоз амшцәгьарақәа. Иара абаҟа аиҭашьақәыргылараҿы акырӡа ацхыраара ҟарҵеит атәылахьчара Аминистрра, адәныҟатәи аусқәа Рминистрра, акультура Аминистрра, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура иатәу Аҳәаахьчаратә отриад, «Амшынеиқәафымцамч» Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра,  Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура иатәу Аҳәаахьчаратә отриад, Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу «Москва Аҩны», афонд «Аԥшааратә отриадқәа Реидгыла», абылтәы еилазаара «Аԥсны-Оил», Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк.

Абаҟа аартра ацеремониа рхы аладырхәит Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, акультура аминистр Даур Ақаҩба, Урыстәыла иҟоу Аԥсны ахаахәҭратә хаҭарнак Олег Барцыц, Гәдоуҭа араион ахада Баграт Боџьгәуа, Афедералтә ҳәынҭқарратә унитартә Наплакы «Центральные научно-реставрационные проектные мастерские» (Урыстәылатәи Афедерациа акультура Аминистрра) адиректор иабжьгаҩ  Владимир Метельков, афонд «Аԥшааратә отриадқәа Реидгыла» аофициалтә хаҭарнак Алеқсеи Зоров, Аԥсны иҟоу  Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра рхаҭарнакцәа, урыстәылатәи аруааи аԥснытәи аруааи, В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи ахаҭарнакцәа, аветеранцәа Рхеилак, абыргцәа Рхеилак, Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аитәылауаа Рхеилак рхаҭарнакцәа, аҿар, ареспублика асасцәа.  

Абаҟа аартра ацеремониа алагеит аҳаҭыртә карул аргыларала. Анаҩс игеит Аԥсни Урыстәылеи ргимнқәа, Кавказ ахақәиҭтәраан иҭахаз минуҭктәи аҿымҭрала ҳаҭырла ргәалашәара. Уи ашьҭахь ажәахә ҟаҵо дықәгылеит атәылахьчара аминистр Владимир Ануа. Уи Пыв аҩхааҿы абаҟа аартра акырӡа зҵазкуа хҭысуп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Ҳара ахаангьы иаҳхашҭраны ҳаҟаӡам Ахақәиҭра аагаразы зхы ақәызҵаз иреиӷьу Аԥсны аҵеицәеи аҭыԥҳацәеи. Урҭ фырхацәан рыԥсы анҭазгьы, ус иагьаанхоит ҳара ҳгәалашәараҿы», – ҳәа иазгәеиҭеит Владимир Ануа.

Аультура аминистр Даур Ақаҩба еизаз зегьы, иара убас асовет еибашьцәа рбаҟа аиҭашьақәыргылара зхы алазырхәыз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

«Исымоу аҭагылазаашьа схы иархәаны, идуӡӡаны иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп ацхыраара ҟазҵаз зегьы», – ҳәа иҳәеит иара.

Акультура аминистр Даур Ақаҩба игәаанагарала, иарбоу апроектқәа рҿы зегьы реиҳа ихадоу – аҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхара ауп.  

«Асовет аруаа рфырхаҵара хашҭра ақәымзароуп. Ари агәалашәара биԥарак аҟынтәи даҽа биԥарак ахь аиагара ахәҭоуп», - ҳәа иҳәеит иара.

Даур Ақаҩба, Пыв аҩхаа аҿы абаҟа аиҭашьақәыргылара – ари аминистррақәа жәпаки ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рылшамҭақәа еилаҵаны инарыгӡаз аусура хра злоу алҵшәа ауп ҳәа иазгәеиҭеит. 

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Роман Татарки иажәақәа рыла, Пыв аҩхааҿы асовет еибашьцәа рбаҟа аиҭашьақәыргылара аамҭақәа реимадара алзыршо хҭысны иҟалеит ҳәа иазгәеиҭеит. Урыстәыла ажәлари Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ахьӡалеи иара «Аԥсны анапхгареи ажәлари ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа адгылара ахьарҭо, насгьы иаку аҭоурыхтә парадигмак аҿы иахьҟоу» азы иҭабуп ҳәа иҳәеит.

Урыстәыла Приволжтәи Афедералтә округ аҿы Аԥсны Аҳаҭыртә консул Владимир Литвинчук абаҟа аартра иаԥхьанеиуан мҽхакы ҭбаала аусура, ари аидеиа адгылара арҭеит атәыла анапхгара, ахылаԥшырҭақәеи аиҿкаарақәеи  жәпакы ҳәа иазгәеиҭеит.

Акультуратә фонд «Платформа» анагӡаратә директор Дмитри Статеинов абаҟа аиҭашьақәыргыларазы аидеиа ҩы-шықәса раԥхьа ицәырҵит, усҟан уи анагӡара залыршахом ҳәа агәаанагарагьы ҳазцәырҵуан. «Абаҟа ареконструкциа амҩаԥгаразы аӡбамҭа анҳадаҳкыла ашьҭахь уи аидеиа анагӡаразы алшарақәа рыԥшаара ҳаналага, уи авантиураны ҳгәы иабон. Аха нас  адгылара ҳазҭаз ауаагьы цәырҵит, урҭ хәызмам ацхыраара ҳарҭеит. Инаҵшьны иазгәасҭарц сҭахуп уи зегьы хәыда-ԥсада ишыҟаҵаз. Ари ибзиоу аволтиортә усуроуп. Сара сгәаанагарала, араҟа иҭахаз ҳаиҳабацәа ҳаҭырла ргәалашәара хымԥада иҳахәҭоуп», – ҳәа иҳәеит Дмитри Статеинов.

Адлертәи аказакцәа реилазаара атаман ихаҭыԥуаҩ, Иҷыдоу Арратә Операциа иалаху Алеқсандр Судаков абаҟа аартра Аԥсни Урыстәылеи ирзеиԥшу аҭоурыхи арҭ аҩ-ҳәынҭқаррак уаанӡа еиԥш уажәгьы аидгылареи аиҩызареи шрыбжьоу  шьақәнарӷәӷәоит ҳәа иазгәеиҭеит. 

Асасцәа рықәгыларақәа ашьҭахь атәылахьчара аминистр Владимир Анууеи Приволжтәи Афедералтә округ аҿы Аԥсны аҳаҭыртә консул Владимир Литвинчуки ацаха ҟаԥшь ԥырҟеит.  Уи ашьҭахь иаартхаз абаҟа амҵан иҭаҵәаххо, еиҵагыло абиԥарақәа рзы аԥсышәалеи аурыс бызшәалеи иҩу ацҳамҭа «аамҭа акапсула» аҵаҵара иадҳәалоу ацеремониа мҩаԥысит. Уи аартра азԥхьагәаҭоуп 2043 шықәсазы, Аџьынџьтәылатәи Еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 100-шықәса ахыҵра аҽны.

Ҿыц еиҵагыло абира рышҟа ацҳамҭа аҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп: «Агәра ҳгар ҳҭахуп, Аџьынџьтәылатәи Еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш азгәаҭара аламҭалазы Клыхәратәи, Марыхәтәи, Санчартәи аҩхаақәа рҿы иҭахаз аибашьцәа зегьы рыԥсыбаҩ ԥшааны анышә ишамадахо».     

Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануа идҵа инақәыршәаны, арра-патриоттә ааӡара, арра-техникатә усеицура азҵаарақәа рыӡбараҿы  рлагала ду азы «Арратә усеицура азы» амедал ианашьахеит Владимир Литвинчук. «Аԥсны атәылахьчара Аминистрра 30-шықәса ахыҵра» амедал  ранашьахеит Владимир Метельков, Алеқсеи Зоров, Николаи Астафиев, Андреи Верхов, Руслан Кокосқьериа, Осман Кокосқьериа, Дмитри Статеинов, Зеинал Багиров.

Жьҭаарамза 9, 2023 шықәса рзы Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аан зегьы реиҳа ишьаарҵәыраз иуадаҩыз аидысларақәа иреиуоу, Кавказ ахьчара иазкны имҩаԥгаз аидыслара ду ҟалеижьҭеи  80 шықәса ахыҵра азгәарҭоит.  Ари адунеизегьтәи аҭоурых аҿы акыр зҵазкуа арыцхә ауп, избан акәзар усҟан   Кавказ ашьхеибаркыра Хада аԥснытәи аҵакыра аҿы анемец архәҭқәа аанкылахеит. Асовет архәҭақәа хацәнымырха инарыгӡаз аҽагылара иабзоураны, аӷа иаанкылареи, уимоу шьҭахьҟа ихьацареи аӷа игәҭакқәа рыԥхьырҟәҟәареи алыршахеит. 

 

 

 


Read 306 times - Аҩаша, 29 Нанҳәа 2023 22:15
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.