АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Нанҳәа.2023

Аҟәа ақалақь аҿы ихыркәшахеит зхы иақәиҭу аиқәԥара азы Жәларбжьаратәи атурнир “Ажәларқәа реиҩызара”.

Аҟәа. Нанҳәамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Нанҳәамза 23 – 24 рзы Аҟәа ақалақь, С.У.Багаԥшь ихьӡ зху аспорт Ахан аҿы имҩаԥысуан зхы иақәиҭу аиқәԥара азы Жәларбжьаратәи атурнир «Ажәларқәа реиҩызара».  Атурнир 2014 шықәса инаркны есышықәса имҩаԥысуеит.

Аицлабрақәа рхы аладырхәит 2008 - 2009, 2010 - 2011 и 2012 – 2013 шш. рзы ииз  арԥарцәа, Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рҟынтәи, иара убас Урыстәыла  (Адыгеиа,  Даӷьсҭан, Ҟабарда-Балкариа, Краснодартәи атәылаҿацә, Москватәи аобласть, Шәача ақалақь, Чувашиа) рҟынтәи 150-ҩык инареиҳаны аспортсменцәа.

Ҩымш имҩаԥысуаз аицлабрақәа рышьҭахь Аҟәа аԥхьахәтә  ҭыԥқәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа зхы иақәиҭу аиқәԥара асекциа аспортсменцәа рыбжьара абасала еихшахеит:

Атурнир аҿы аиааира ргеит ҳәа иԥхьаӡоуп:  Гогәуа Азамаҭ (32  кь), Џьопуа Денис (52 кь), Допуа Данил (52 кь ), Арсҭаа Леонид (75 кь),

Аҩбатәи аҭыԥқәа ааныркылеит: Бигәаа Максим (32 кь),  Маркасиан Артур (52 кь), Ӷәынџьиа Гьаргь (48 кь), Басариа Данил (62 кь), Кәыҵниа Данаҭ (48 кь), Арлан Нестор (41 кь), Адлеиба Максим (52 кь).

Ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит:  Черқьезиа Наур (28 кь), Шьакаиа Анрик (44 кь), Фет-оглы Абазг (32 кь), Жьиба Сандро (44 кь), Какәыбаа Қьамал (30 кь).

Атурнир аҿы аиааира згаз зегьы амедалқәа, ахраҿақәа, аҳамҭақәа, роуит, аԥхьахәгаҩцәа – амедалқәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа, аҳамҭақәа ранашьахеит.

Атурнир аӡбаҩ хада – жәларбжьаратәи акатегориа иаҵанакуа аӡбаҩ Алихан Карацев.

Амаӡаныҟәгаҩ хада –  Милор Чалмаз.

Аиқәԥаҩцәа ҿарацәа азыҟарҵоит Бераиа Игорь, Алабиан Размик, Ҵәыџьба Ахра, Бобуа Инал, Гәарамиа Асланбек, Ҳашба Мераб.

Зхы иақәиҭу аиқәԥаразы Жәларбжьаратәи атурнир «Ажәларқәа реиҩызара» аиҿкаара ахахьы иагеит – Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа.


Read 211 times - Аҩаша, 29 Нанҳәа 2023 19:44
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.