pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Абҵарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҵәахырҭатә Банк абҵарамза, 2022 шықәсазы Аԥсны инхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра змоу ауааԥсыра урыстәылатәи атәанчахәқәа рызшәаразы аграфик шьақәнарӷәӷәеит. Ианиз ашықәс инамаданы атәанчаҩцәа х-гәыԥкны еихшоуп. Атәанчаҩқәа ршәара иалагоит абҵарамза 16 инаркны.

  • Абҵарамза 16, 17,18, 21 рзы атәанчахәқәа рыҭахоит 1-тәи агәыԥ иаҵа

Аҟәа. Абҵарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Алашарабага аҳаблаҿы ақәаршҩытә ҭҳәаа ҿыц ашьҭаҵара иазкны имҩаԥысуа аусурақәа ахыркәшамҭахь инеит.

Аҟәа ақалақь, Алашарбага аҳабла, Адлеиба имҩаду ала ақәаршҩытә ҭҳәаа ҿыц ашьҭаҵара иазкны имҩаԥысуа аусурақәа ахыркәшамҭахь инеит.

Алашарбага аҳаблахь инагоу ари амҩа ахәҭа аҳҭнықалақь автомашьынарныҟәцаҩцәа даара ибзианы ирдыруеит. Араҟа ақәыршҩы анауаз есымша аӡы ықәлон, аиасргьы акыр иуадаҩхон. Уи зыхҟьоз араҟа иҟаз абетон иалхыз ақәаршҩытә ҭҳәаа афункциақәа рынагӡра ахьзалымшоз ауп.  Аколлектор аамҭа-аамҭала идрыцқьон, аха уи ала иҟоу апроблема инагӡаны аӡбара залыршахомызт. Уажәы аҳҭнықалақь Ахадара ажәытә коллектор апластик иалху аҿыц ала аԥсахразы алшарақәа аԥшааит.

«Адлеиба ихьӡ зху амҩа иарбоу ахәҭа аҿы, аӡиас Аӡаԥшь иху ацҳа азааигәара, Аҟәа ақалақь Ахадара иатәу Амҩатә аиҭашьақәыргылара-ргыларатә Усбарҭа Ахадара адҵа ала иҿыцу ақәаршҩытә ҭҳәаа ашьҭаҵара иазку аусурақәа мҩаԥнагоит. Ишьҭаҳҵоит апластик иалху зыгәҭаӡа 500 мм, зоура 50 м. иреиҳау ашәырақәа. Ари аҭыԥ аҿы ақәаурақәа рышьҭахь шамахамзар есымша аӡы ҭатәон, избан акәзар, иажәыз аӡҩаршьҭра абетон иалхын, уи  60 шықәса еиҳаны иахыҵуан, насгьы уи ааигәа-сигәа игылоу аҵлақәа рдацқәа рыла аԥхасҭа аиухьеит, урҭ иара аканал ахаҭа иҭыиааны аӡцара иаԥырхаган. Иарбоу ақәаршҩытә ҭҳәаа алгара ашьҭахь ари апроблема нагӡаны иӡбахоит», - ҳәа иҳәеит Аҟәа ақалақь Ахадара иатәу Амуниципалтә Унитартә Наплакы Амҩатә аиҭашьақәыргылара-ргыларатә Усбарҭа адиректор Дмитри Аҳәба.

Аҟәа. Абҵарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны жәлар рсахьаҭыхҩы, аскульптор, аҿыханҵаҩ, А. Шервашиӡе Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа адиректор Амиран Адлеиба хаҭалатәи иусумҭақәа рцәыргақәҵа Аԥсны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә Зал Хада аҿыабҵарамза   14 рзы  иаатуеит.  

Хаҭалатәи ацәыргақәҵа асахьаҭыхыҩ ииубилеи инамаданы еиҿкаау аекспозициа  иалоуп автор еиуеиԥшым ашықәсқәа раан иаԥиҵахоу аҿыханҵеи аскульптурақәеи.

Ацәыргақәҵа аус аулоит абҵарамза 19 аҟынӡа.

Аҟәа. Абҵарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи  зҽаԥсазтәыз артист, ашәаҳәаҩ, акомпозитор Алеқсандр Шьоуа дидикылеит.

Аестрадатә ашәаҳәаҩ аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусбарҭақәа русзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәаларц азы ааигәа Аԥсныҟа дааит.

Алеқсандр Шьоуа аԥыза-министр изеиҭеиҳәеит имоу арҿиаратә гәҭакқәа ртәы, Аԥсны иадҳәалоугьы уахь иналаҵаны. Аҳәынҭқарра Ахада ихьӡалеи хаҭара иара ихьӡалеи Алеқсандр Анқәаб ашәаҳәаҩ аҟыбаҩ злоу Аԥсны аҿар ириҭо адгылареи ацхыраареи иԥсадгьыл ахь иааиԥмырҟьаӡакәа иаарԥшуа агәцаракреи  рзы иҭабуп ҳәа еиҳәеит. 

Аҟәа. Абҵарамза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ааигәа имҩаԥысыз Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ҟрымтәи Ареспубликеи рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә, анаука-техникатәи агуманитартәи аусеицура азы аҩганктәи Анапхгарабжьаратәи Акомиссиа IV аилатәара аҿы аԥснытәи аделегациа напхгара азҭоз Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Симферополь имҩаԥысыз аиԥыларақәа рылҵшәақәа ртәы изеиҭеиҳәеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

Беслан Џьопуа ишазгәеиҭаз ала, аганқәа имҩаԥгахьоу аусурақәа реихшьаалақәа ҟарҵеит, иара убас ааигәатәи аперспектива азы апланқәеи шьақәдыргылеит. Урҭ рахь иаҵанакуеит адгьылбжьахабжеи Аԥсни рыбжьара аԥассаџьырцәа рымҩангара иазкны автобустә еимадара аиҿкаара, ахәаахәҭреи ақыҭанхамҩеи, иара убас акультура, аспорт, атуризм аусхкқәа рҿы аусеицура абжьаҵара.   

Аҟәа. Абҵарамза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 3 – 6  рзы Португалиа имҩаԥысуан ачемпионат Lamborghini Super Trofeo Europe ахыркәшаратә етап. Уи  акатегориа Pro-Am аҿы акоманда  «Target Racing» аилазараҿы дықәгылеит Аԥснытәи аспортсмен Дмитри Гәазаа. Уи аекипаж аҿы дицын афранцыз пилот Милан Петеле. Дмитри Гәазааи Милан Петелеи рыкласс Pro-Am аҿы ахԥатәи аҭыԥ ааныркылеит,  ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Дмитри Гәазаа – Урыстәыла Ахраҿа Mitjet занашьоу, автоеицлабрақәа Moscow Indoor Karting Cup рҿы изныкымкәа аиааира згахьоу, Краснодартәи атәылаҿацәа Mitjet 2L аҿы араӡны аԥхьахә згахьоу, Mitjet 2016 FORMULA 1 RUSSIAN GRAND PRIX адгылара аҭаразы имҩаԥгаз автоеицлабрақәа рҿы ирылахәыз, аиаҵәахә «Шесть часов Ле-Мана» аҿы афранцыз команда«Speed Car» аилазаараҿы иалахәыз аспортсмен иоуп.

Аҟәа. Абҵарамза 8,  2022 шықәса. Аԥсныпресс. 50-ҩык инарзынаԥшуа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә маҵурауаа Ставрополь ақалақь аҿы рзанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхра азы акурсқәа ирхыслоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҵареи абызшәатә политикеи рзы Аминистрра апресс-маҵзура.  

Апроект Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи Рминистрреи Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә Университети рыла инагӡахоит.

Аҟәа. Абҵарамза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламенттә Еилакы аус зуа азакәанԥҵара аԥсахрақәа ралагалара аҭахны иаԥхьаӡоит. Иахьа имҩаԥысит Беслан Ҳалуашь хантәаҩра ззиуаз Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак инарҭбаау аилатәара.

Аилак аилатәара иалахәын Апарламент адепутатцәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк Ахантәаҩы Беслан Бараҭелиеи уи иусзуҩцәеи, ЗҲӘА «А-Мобайл» адиректор хада Борис Барцыц, уи ихаҭыԥуаҩ Арсоу Ҳашба.

Аилатәара амш азҵаара инақәыршәаны иахәаԥшын аелектронтә шәатәтәы хархәагақәа рхархәарала Амилаҭтә шәатәтәы системазы (АШӘС) Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара аиӷьтәра хықәкыс иҟаҵаны иазырхиоу «Аелектронтә шәатәтәы хархәагақәа рхархәарала Амилаҭтә шәатәтәы системазы «Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы» азакәан апроект. Азакәан аԥшьгаҩцәа 2011 шықәсазы ирыдыркылаз амилаҭтә шәатәтәы системазы ихадоу анормативтә акт - «Аелектронтә шәатәтәы хархәагақәа рхархәарала Амилаҭтә шәатәтәы системазы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан ҳазҭагылоу аамҭазы инхарҭәааны аелектронтә шәатәтәы хархәагақәа рхархәара аусхк аҟны ишьақәгыло аизыҟазаашьақәа рҳәаақәҵара залшаӡом ҳәа ирыԥхьаӡоит.

Аҟәа. Абҵарамза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Инал Арӡынба Урыстәыла иҟоу Аахыҵ Уаԥстәылатәи иколлега диԥылеит.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Москва, Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аҟны Урыстәыла иҟоу Аахыҵ Уаԥстәылатәи иколлега Ахсар Џьиоев диԥылеит.

Аганқәа алацәажәеит аҳәынҭқаррабжьаратә еинырраз хра злоу азҵаарақәа, Женеватәи аиҿцәажәарақәа, Алада Кавказ арра-политикатә ҭагылазаашьа рызҵаарақәа.

Аиԥылараан Инал Арӡынба иҳәеит Аԥсны шадгыло зеиҿкаара иаҿу Аԥсни, Урыстәылеи, Шьамтәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рыҩаӡарала имҩаԥгахо абжьгарақәа Аахыҵ Уаԥстәыла алахәхара.

Арӡынба иазгәеиҭеит ари амеханизм ахәаахәҭра-економикатәи агуманитартәи усхкқәа рҟны азҵаарақәа рыӡбара ишазырхо.

Инал Арӡынба Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоеви ареспублика ажәлари асалам риҭеит.

 

Аҟәа. Абҵарамза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Инал Арӡынба Урыстәыла иҟоу Аахыҵ Уаԥстәылатәи иколлега диԥылеит.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Москва, Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аҟны Урыстәыла иҟоу Аахыҵ Уаԥстәылатәи иколлега Ахсар Џьиоев диԥылеит.

Аганқәа алацәажәеит аҳәынҭқаррабжьаратә еинырраз хра злоу азҵаарақәа, Женеватәи аиҿцәажәарақәа, Алада Кавказ арра-политикатә ҭагылазаашьа рызҵаарақәа.

Аиԥылараан Инал Арӡынба иҳәеит Аԥсны шадгыло зеиҿкаара иаҿу Аԥсни, Урыстәылеи, Шьамтәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рыҩаӡарала имҩаԥгахо абжьгарақәа Аахыҵ Уаԥстәыла алахәхара.

Арӡынба иазгәеиҭеит ари амеханизм ахәаахәҭра-економикатәи агуманитартәи усхкқәа рҟны азҵаарақәа рыӡбара ишазырхо.

Инал Арӡынба Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоеви ареспублика ажәлари асалам риҭеит. В резиденции Республики Абхазия в Москве состоялась встреча министра иностранных дел Инала Ардзинба с министром иностранных дел Республики Южная Осетия Ахсаром Джиоевым.

Как сообщает Медиацентр МИД РА, стороны обсудили актуальные вопросы межгосударственного взаимодействия, текущее состояние Женевских дискуссий, а также военно-политическую ситуацию в регионе Южного Кавказа.

Инал Ардзинба отметил, что Абхазская сторона поддерживает участие Южной  Осетии  в формирующемся механизме консультаций на уровне министерств иностранных дел России, Абхазии и Сирии. Ардзинба подчеркнул, что данный механизм призван активизировать решение вопросов в торгово-экономической и гуманитарной сферах.

Инал Ардзинба передал слова приветствия от президента Абхазии Аслана Бжания  в адрес президента Республики РЮО  Алана Гаглоева и всего народа Республики.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.