АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Лаҵара.2023

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәылатәи Афедерациа Ставропольтәи атәылаҿацә ашҟа иусуратә ныҟәара хиркәшеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа дызхагылоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа лаҵарамза 2-4 рзы Аминералтә ӡқәа рыҟны раԥхьаӡакәны имҩаԥысуа Кавказтәи аинвестициатә цәыргақәҵа иалахәхеит.

Ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны аҳәынҭқарра Ахада афедералтә усбарҭақәа рнапхгареи Аҩада-Кавказтәи афедералтә округ иалоу асубиектқәа рхадацәеи, акорпорациа дуқәа рнапхгаҩцәеи дырԥылеит, иара убас урыстәылатәи амасатә информациа ахархәагақәа аинтервиу риҭеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аделегациа аилазаараҟны иҟан: аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, атуризм аминистр Ҭемраз Хышба, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиқәеи рзы аилак ахантәаҩы Резо Занҭариа, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь.

Зынӡа ацәыргақәҵа аусура иалахәын аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа 14 рҟынтәи асасцәа: Азербаџьан, Венесуелы, Израиль, Иран, Казахсҭан, Катар, Аԥсны Аҳәынҭқарра, Кипр Ареспублика, Алада Уаԥстәыла Арреспублика, Сербиа, Словениа, ЕАА, Таџьикисҭана, Шри-Ланка.


Read 287 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.