АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Лаҵара.2023

Баграт Боџьгуа: «Хә- баннерк рҟынтәи ҳара Владислав Арӡынбеи Фазиль Искандери рҳәамҭақәа зну абанерқәа ҩба аанҳажьит».

Аҟәа. Лаҵарамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Асабша, лаҵарамза 7рзы,  Гәдоуҭа араион ауааԥсыра џьоукы ақалақь агәы иахьаҵанакуа еиуеиԥшым ацитатақәа зныз абаннерқәа кнарҳаит. Абаннерқәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан Владислав Арӡынбеи Фазиль Искандери рҳәамҭақәа зну абанерқәагьы.

Гәдоуҭа араион ахада Баграт Боџьгуа Аԥсныпресс акорреспондент диацәажәо иарбоу аҭагылазаашьа атәы еиҭеиҳәеит.

«Ақалақь агәы иахьаҵанакуа хә-баннерк кнаҳан. Урҭ рахьынтә ҩ-баннерк Владислав Арӡынбеи Фазиль Искандери рҳәамҭақәа анын. Иаанхаз х-баннерк егьырҭ еиуеиԥшым ацитатақәа рнын. Урҭ амырхит Гәдоуҭа араион Ахадара аусзуҩцәа амилициа аусзуҩцәа рыцырхырааны», – ҳәа еиҭеиҳәеит Баграт Боџьгуа.

Уи ишазгәеиҭаз ала, аусмҩаԥгатә изеиԥшразаалак уадаҩра ҳәа акгьы ацымызт, еиҵахарада имҩаԥысит.

«Ҟыҟ-ҿыҟда, еиҵахарада ҳара х-баннерк амаҳхит, мацара иааныжьын Владислав Арӡынбеи Фазиль Искандери рҳәамҭақәа зну ҩ-баннерк.


Read 156 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.