АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Лаҵара.2023

Аслан Бжьаниа: «Иури Воронов иҭахара Аԥсны Аҳәынҭқарразы иааха ӷәӷәахеит, иахьа уажәраанӡагьы Аԥсны жәлар зегьы трагедиак аҳасабала ирыдыркылоит».

Аҟәа. Лаҵарамза  8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 8 рзы  82 шықәса ҵит диижьҭеи Иури Николаи-иԥа Воронов (лаҵарамза 8, 1941 ш. –цәыббрамза 11, 1995 ш.).  – Аԥсны иналукааша аҳәынҭқарратә, аҭҵаарадырратә усзуҩы, аҭоурыхдырҩы, археолог, Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет адепутат,

«Иури Воронов ажәытәӡатәи аамҭа инаркны Аԥсны аҭоурых иазку актуалра злоу   аҭҵаарадырратә монографиақәа жәпакы дравторуп. Иури  Воронов иҭҵаарадырратә усумҭақәа Аԥсны иазку акрызҵазкуа аҭоурыхтә ҭҵаарақәа  ирхыԥхьаӡалоуп. Аҵарауаҩ ду Иури Воронов активла Аԥсны ауаажәларратә ԥсҭазаара далахәын.

Иури Воронов активла даҿагылан ақырҭуа милаҭеилыхратә ҵысра, Асовет Еидгыла анхыбгала ашьҭахьгьы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс даныҟаз, имч-илша зегьы Аԥсны аҳәынҭқарратә суверенитет аиҭашьақәыргылара иазикит. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз Иури Воронов аҭҵаарадырреи аполитикеи русхк аҟны имаз аимадарақәа зегьы ихы иаирхәеит Аԥсны апозициа адунеи зегьы аларҵәаразы.

Зымҽхак дууз аполитик иаҳасбала Иури Воронов аибашьра ашьҭахьтәи Аԥсны аиҭашьақәыргылара активла далахәын, ганрацәала Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара аимадара ашьақәыргылара дацхраауа. 

Аԥсны Аиҳабыра аԥыза-министрс имаҵзураҟны Иури Воронов асоциалтә, аҵараиуратә, ауаажәларратә ҵакы змаз азҵаарақәа рыӡбара инапы алакын.

Иури Воронов иҭахара Аԥсны Аҳәынҭқарразы иааха ӷәӷәахеит, иахьа уажәраанӡагьы Аԥсны жәлар зегьы трагедиак аҳасабала ирыдыркылоит.

Хашҭра иқәым Аԥсны  иналукааша атәылауаҩ, апатриот!

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада А. Бжьаниа» ***

 


Read 156 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.