АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Лаҵара.2023

Аҳәынҭқарра Ахада “Аԥсны абҩарҵәыреи аспорти зҽаԥсазтәыз аусзуҩ” ҳәа аҳаҭыртә хьӡы анашьаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

Аҟәа. Лаҵарамза 7, 2023. Аԥсныпресс. Абҩарҵәыреи аспорти русхкы аҿы шықәсырацәа инеиԥынкыланы ламысцқьала аусуреи иҳараку азанааҭдырра аҩаӡареи рзы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа «Аԥсны абҩарҵәыреи аспорти зҽаԥсазтәыз аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ранеишьеит:

Бениа Џьарназ Владимир-иԥа – Гәдоуҭа араион Ахадара аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Аилак ахантәаҩы;

Кикнавелиӡе Зураби Шьоҭа-иԥа – Гал ақалақь ашьапылампылтә клуб «Самырзаҟан» апрезидент;

Ҳагба Ельза Едик-иԥҳа – Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа адиректор.

Аусԥҟа анапаҵыҩра мҩаԥган лаҵарамза 5, 2023 шықәсазы.

 

 


Read 171 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.