
pressadmin-2
2022 ШЫҚӘСА 10 МЫЗ ИРЫЛАГӠАНЫ АҲАЗЫЛХРАТӘ ШӘАТӘҚӘА РАҲАСАБАЛА АБИУЏЬЕҬ ИАЛАГАЛАХЕИТ 2,4 МЛРД. МААҬ.
Аҟәа. Абҵарамза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза, 2022 шықәса рзы аҳазылхратә шәатәқәа раҳасабала иалагалахеит 262,5 млн. мааҭ, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы. Уи 19,1 млн. мааҭ рыла аплан ишьақәнаргылоз арбагақәа раасҭа еиҳауп. Аплан нагӡоуп 108% рыла.
2022 шықәса 10 мыз ирылагӡаны аҳазылхратә шәатәқәа раҳасабала илагалаз аԥаратә хархәагақәа 2 млрд 404,8 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.
АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АНАРКОТИКАТӘ МАҬӘАШЬАРҚӘА ИЗАКӘАНЫМКӘА РЫҴӘАХРЕИ РЕИҬАРСРЕИ РЗЫ ДЫГӘҨАРОУП ҲӘА ДААНЫРКЫЛЕИТ ҚЫРҬТӘЫЛА АТӘЫЛАУАҨ.
Аҟәа. Абҵарамза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа раахәареи рыҵәахреи реиҭарсреи рҿы дыгәҩароуп ҳәа дааныркылеит Қырҭтәыла атәылауаҩра змоу Асмаҭ Таваӡе.
29-шықәса зхыҵуа ацәгьоураҿы игәҩароу Асмаҭ Таваӡе аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа дахьынхо аҭыԥ аҿы илыдырбалеит зыкапан 10 грамм иреиҳау арҩышьыгатә маҭәашьар мефедрон зҭаз ҩ-еилаҳәараки Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә символқәа – абираҟи ашиврони.
АМИНИСТРЦӘА РЕИЛАЗААРА АКОНФЕРЕНЦ-ЗАЛ АҾЫ АԤСНЫ АНАУКАҚӘА РАКАДЕМИА 25-ШЫҚӘСА АХЫҴРА ИНАМАДАНЫ АНЫҲӘАТӘ ЕИЛАТӘАРА МҨАԤЫСУЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара Аконференц-зал аҿы ари абри асааҭқәа рзы имҩаԥысуеит Аԥсны анаукақәа Ракадемиа 25-шықәа ахыҵра иазку аныҳәатә еилатәара. Ари аныҳәатә усмҩаԥгатә ихы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсыза-миистр ихаҭыԥуаҩ Владимир Делба, атәыла Анапхгара алахәылацәа.
Аиубилеитә усмҩаԥгатә рхы аладырхәырц Аԥсныҟа иааит Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи асасцәа– 30 ҩык инареиҳаны аҵарауаа.
АМИНИСТРЦӘА РЕИЛАЗААРА АҾЫ АТӘЫЛАХЬЧАРАЛШАРА АРӶӘӶӘАРА ИАЗКУ АУСМҨАԤГАТӘҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз адҵа инақәыршәаны, аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аԥыза-министр ихаҳҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалови Ареспубликатә унитартә Наплакы «Аԥсныформациа» адиректор Рустам Адлеибеи алархәны атәылахьчаралшара арӷәӷәара иазку аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара иадҳәалоу азҵаарақәа рзы аилатәара мҩаԥигеит.
АСЛАН БЖЬАНИА АТӘЫЛАХЬЧАРА АМИНИСТРРА ХАҬАЛАТӘИ АИЛАЗААРА АРБЏЬАРМЧҚӘА РЫШТАБ ХАДА АНАПХГАҨ ҾЫЦ ВЛАДИМИР САВЧЕНКО ДЫДИРДЫРИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада, АА Арбџьар Мчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ Хада Аслан Бжьаниа Атәылахьчара аминистрра хаҭалатәи аилазаара, ареспублика амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа дыдирдырит Арбџьармчқәа Рыштаб Хада анапхгаҩы ҿыц, атәылахьчара аминистр 1-тәи ихаҭыԥуаҩ, аинрал-алеитенант Владимир Савченко. Уи аныҳәатә ҟазшьа змаз аҭагылазаашьаан Владиир Савченко инапы иаиркит АА АМ Рыштаб Хада абираҟ.
Аҳәынҭқарра Ахада Васили Луниов иҭабуп ҳәа еиҳәеит: «Васили Васили-иԥа Луниов иҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп. Ҳаҭыр зқәу Васили Васили-иԥа! Сара ижәдыруазарц сҭахуп Шәара Аԥсны атәылауаҩ иаԥсахаз тәылауаҩны шәшыҟазауа. Иазгәасҭарц сҭахуп Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчаралшара арӷәӷәараҟны аҵакы змоу шәлагаламҭа. Аԥсҭазаара ԥхьаҟа ицоит, иҟоуп логикала еибыҭоу аамҭақәак. Ҳара абзиараз ҳәа шәаҳҳәаӡом, маҷк ҳааҭгылоит ауп, иҿыцу, даҽа статуск ала аусеицура ҳалагоит», - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
АСЛАН БЖЬАНИА ВЛАДИМИР ПУТИН ЖӘЛАР РАКЗААРА АМШ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Жәлар ракзаара Амшныҳәа идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа!
Шәара аԥхьа шәнаргыланы, милаҭрацәала еилаԥсоу Урыстәылатәи Афедерациа иқәынхо шәыуаажәларгьы ирыдысныҳәалоит Жәлар ракзаара амш.
Ари амш Аԥсадгьыл абзиабара символра азнауеит, милаҭла еиуеиԥшым ажәлар ракзаара иазҳәоуп.
Иахьа, Урыстәыла ашәарҭара аамҭеи аԥышәара уадаҩи ирҭагылоуп. Урыстәыла амилаҭ рацәа реидгылареи ракзаареи урыстәылатәи ар мчқәа ргәы ашьҭыхра алдыршоит, атәыла анапхгара урҭ рҿаԥхьа иқәдыргыло ахықәка рынагӡараҟны иагьцхыраагӡахоит.
АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА БЕДИА АҚЫҬАҞНЫ ЗВОЛЬТҲАРАКУ АФЫМЦАЦӘАҲӘА «АҼГӘАРА -220» АҞНЫ ИҞАЛАЗ АИԤҞЬАРА АХҞЬА-ԤҞЬАҚӘА РАԤЫХРА ИНАМАДАНЫ ИҞАИҴАЗ АНАПЫНҴАҚӘА РЫНАГӠАШЬА ХАҬАЛА ИГӘЕИҬЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа хаҭала игәеиҭеит Бедиа ақыҭаҟны звольтҳараку афымцацәаҳәа «Аҽгәара -220» аҟны иҟалаз аиԥҟьара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра инамаданы иҟаиҵаз анапынҵақәа рынагӡашьа.
Арҽеиратә усурақәа ахьымҩаԥысуаз аҭыԥ аҿы иҟан аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Ареспубликатә унитартә наплакы "Амшынеиқәафымцамч" Адиректор хада инапынҵақәа назыгӡо Зураб Багаԥшь.
Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи амшқәа рзы атәылауаа ирлас-ырласны фымцалашарада ишаанхо, уи ишахҟьо ицәырҵуа азҵаарақәагьы. «Убри аҟынтә абыржәы исашәҳәарц сҭахуп ас еиԥш аҭагылазаашьа зыҟалаз, уи арҽеиразы иарбан уснагӡатәқәоу имҩаԥыжәго. Ҳазҭагылоу аамҭазы 90% ацәаҳәа аидара амоуп», - ҳәа инаҵшьны иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Кристина Озган Аҳәынҭқарра Ахада адырра илҭеит иара идҵа инақәыршәаны аус шадулоу Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтә афымцамчы аагара алшара.
Лара иазгәалҭеит звольт ҳараку афымцацәаҳәа «Аҽгәара» шьаҭанкылатәи арҽеиратә усура амҩаԥгаразы аханатә ҿҳәарас ишарбаз жьҭаарамза 1 инаркны абҵарамза 15-нӡа, аха аԥсуа ган иадҳәалам, атехникатә мзызқәа ирхырҟьаны афымцамч аагаразы аԥкра алагалоуп абҵарамза 1 аҟынӡа, уи азҵаара, хымԥада, ԥыҭрак ашьҭахь иазыхынҳәраны ишыҟоу.
Аԥыза-аминистр ихаҭыԥуаҩ илҳәеит 32 км рахьтә мызкы аҩныҵҟала 24 км шыԥсаху. Иаанхеит даҽа аа-километрак. Ари ихадароу, раԥхьатәи мзызуп. "Аҩбатәи амзыз адҳәалоуп аамҭа азымхара, инҭырҳәыцааны имҩаԥгоу аусурақәеи ахархәарахь ирыҭоу ацәаҳәаҿы имҩаԥгаз аусурақәеи рзы атест амҩаԥгаразы. Аус зыдулаз ацәаҳәа зда ԥсыхәа ыҟам арежим ала аусура иалагалан. Убри иахҟьаны афымцамчы аужьра иадҳәалаз ауадаҩрақәа цәырҵит, избанзар ацәаҳәақәа ахархәарахь ианрыҭаз ицәырҵыз апроблемақәа аԥыхтәын",- ҳәа илҳәеит аекономика аминистр.
АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ МИХАИЛ МИШУСТИН ЖӘЛАР РАКЗААРА АМШНЫҲӘА ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара ахантәаҩы Михаил Мишустин жәлар ракзаара Амшныҳәа идиныҳәалеит.
«Ҳаҭыр зқәу Михаил Владимир-иԥа, жәлар ракзаара Амшныҳәа- иҵаулоу аҭоурыхтә шьаҭа змоу Урыстәыла аҳәынҭқарратә ныҳәа инамаданы гәык-ԥсыкала иҟаҵоу адныҳәалақәа шәыдышәкыл.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы аҭыԥ змоу ахҭысқәа, иааизакны жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа ашәышықәсақәа раԥхьа еиԥш иахьагьы аитәылауаа ракзаара, Аԥсадгьыл асуверенитет ахьчара азхиара шаҟа аҵак ду амоу зеиӷьаҟам ала иаҳнарбоит.
АБҴАРАМЗА 6 РЗЫ МЫҚӘТӘИ АНЫХАБАА АҾЫ ИМҨАԤЫСУЕИТ СРЕТЕНТӘИ АБЕРҬЫԤ АХОРИ АԤСНЫТӘИ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ХОРТӘ КАПЕЛЛЕИ РГӘЫҲАЛАЛРАТӘ КОНЦЕРТ.
Аҟәа. Абҵарамза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 6, асааҭ 13:00 рзы, Анцәа дзыхшаз Ацқьа Мариа Лылацәеиқәыԥсара ахьӡ зху Мықәтәи аныхабаа аҿы Сретентәи аберҭыԥ ахори Аԥснытәи аҳәынҭқарратә хортә капеллеи ргәыҳалалратә концерт мҩаԥысраны иҟоуп.
Аԥснытәи Аиашахаҵаратә Уахәама Аиҳабы аиереи Висарион (Аԥлиа) ареспублика ауааԥсыра ари агәыҳалалратә концерт иаҭаарц азы ааԥхьара ҟаиҵеит. Аныхабаа аҿы асадаҟы аизгара азы аиашьыкь ргылахоит. Еизгахо аԥаратә хархәагақәа зегьы ианаамҭаз Аԥсны адинхаҵатә ԥсҭазаара иацентр хаданы иҟаз ауникалра злоу ақьырсиантә культура абаҟа - Мықәтәи аныхабаа аҿы имҩаԥысуа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рынагӡара азы идәықәҵахоит.
АԤСНЫ АӠБАҨЦӘА РЕИЗАРА МҨАԤЫСИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 3, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 2, 2022 шықәса рзы имҩаԥысит Ареспублика Аԥсны аӡбаҩцәа реизара.
Абжьаҟазаратә ӡбарҭа асаит иҟанаҵо адыррақәа рыла, аԥышәаратә комиссиа 2019 - 2022 шш. азы акомиссиа ала имҩаԥгаз аусура азы ахантәаҩы Генри Гамисониа иҟаиҵаз аҳасабырба иазыӡырҩит. Аизара иарбоу аҳасабырба рыдыркылеит.
«Аӡбаратә мчра азы» Ареспублика Аԥсны Аконституциатә Закәан ахәҭаҷ 146 инақәыршәаны, аӡбаҩцәа реизара Ареспублика Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа аӡбаҩыс раԥхьаӡа акәны иалырхыз Екатерина Адлеибеи Беслан Берулааи рҭоуба рыдыркылеит. .