АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Нанҳәа.2023

Зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу Аилазаара «АЗиД»: Аԥсны анефтьаалыҵқәа рыхәԥса ашьҭыхра Урыстәылатәи Афедерациа аҟны аекспорттә хәыԥсақәа рышьҭыҵра ишиашоу ала иадҳәалоуп.

Аҟәа. Нанҳәамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абылтәыҭаҭәарҭатә станциақәа рҿы еиуеиԥшым амаркақәа иреиуоу абылтәи уи иашьашәалоу атаауарқәеи аизакылаҭиреи азаҵәылаҭиреи назыгӡо абылтәытә еилазаара «АЗиД» аҿы Аԥсны анефтьаалыҵқәа рџьармыкьа аҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иахцәажәеит.
Зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу Аилазаара «АЗиД» аизакылаҭиратәи азаҵәылаҭиратәи ахәқәа иҟоу Аԥсны азакәанԥҵара инақәыршәаны аахәаратә хәыԥсақәеи анаӡаратә цҵақәеи рыла ишьақәырӷәӷәоу аобиективтә дыррақәа рыла ишьақәыргылахоит.
«Зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу Аилазаара «АЗиД», ишахәҭоу еиԥш, ианаамҭоу, иҟоу аԥҟарақәа инарықәыршәаны аахәаратә хәыԥсақәа рзы ихымԥадатәиу аинформациа иахәҭоу аусбарҭақәа рахь идәықәнаҵоит, анаҩс уи азы азинмчы змоу аҳәынҭқарратә Усбарҭа ақәыршаҳаҭра анаиулак ашьҭахь аизакылаҭиратәии азаҵәылаҭиратәи ахәԥсақәа шьақәнргылоит.
Ахәԥсақәа рышьақәыргыларазы иҟоу аԥҟара аахәаратә хәыԥсақәа рышьҭыхра аан еиԥш рылаҟәрагьы аан аус ауеит» – ҳәа иазгәарҭеит аилазаара аҿы.
Убас, иаагозар, абылтәы амарка АИ-92 абылтәыҭаҭәарҭатә станциқәа «АЗиД» аҿы 2022 шықәсазы 1 литр азы 56,00 мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Ажьырныҳәамза, 2023 шықәсазы амарка АИ-92 иатәу абылтәы ахәԥса абылтәыҭаҭәарҭатә станциқәа «АЗиД» аҿы 1 литр азы 38,90 мааҭ рҟынӡа инаӡеит.
Уи зыхҟьаз ҳәа иҟоу – аахәаратә хәыԥсақәа рганахьала иманшәалоу аҭагылазаашьа ашьақәыргылара ауп. Аахәаратә хәыԥсақәа анылаҟә, абылтәыҭаҭәарҭатә станциқәа «АЗиД» аҿгьы ахәқәа лаҟәит.


Уажәы аахәаратә хәыԥсақәа ирыдҳәаланы иҟоу анегативтә динамика инамаданы абылтәыҭаҭәарҭатә Станциа «АЗиД» азаҵәылаҭира аганахьла ахәқәа ахалара иаҿуп.
Убри аан аилазаараҿы ишазгәарҭо ала:
Абылтәыҭаҭәарҭатә Станциақәа «АЗиД» аҿы изаамҭанытәиу ахәԥсақәа аахәаратә хәыԥсақәа раҵкьыс еиҵаны ишьақәыргылоуп;
Ахәԥсақәа рышьҭыхра етап-етапла, уаанӡа иаахәаз абылтәы ацәынхақәа рыла имҩаԥысуеит;
Аахәаратә хәыԥсақәа лаҟәыр, усҟан Абылтәыҭаҭәарҭатә Станциақәа «АЗиД» рҿы аизакылаҭиратәи азаҵәылаҭиратәи ахәԥсақәа убасҵәҟьа алаҟәра иалагоит.
Рыцҳарас иҟалаз, аиқәыршәаҩцәа рҟынтәи иҳауо аинформациа ала, Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи анефтьаалыҵқәа рзы аекспорттә хәыԥсақәа разҳара иаҿуп. Ас еиԥш аҭагылазаашьа убасҵәҟьа аилазаара аусура иҽеим анырра анаҭоит.
Абылтәыҭаҭәарҭақәа рҿы абылтәы адефицит ҟамларц азы, Зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу Аилазаара «АЗиД» анефтьаалыҵқәа ихымԥадатәиу амҽхак ала аахәара мҩаԥнагоит. Егьырҭ атәылақәа рҟынтәи анефтьаалыҵ аагара алыршаразы аусура мҩаԥысуеит. Уажәазы еиҳа илаҟәу ахәԥса ала абылтәы адгаларазы ажәалагалақәа ыҟаӡам.


Read 435 times - Ахәаша, 18 Нанҳәа 2023 16:57
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.