АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Нанҳәа.2023

Алеқсандр Анқәаб: атәыла Анапхгара аринахысгьы хатәгәаԥхарауаа адгылара рыҭара азы иалшо зегьы ҟанаҵалоит.

Аҟәа. Нанҳәамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб  Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика аҟынтәи аԥснытәи хатәгәаԥхарауаа Реидгыла ахантәаҩы  Сергеи Иахагоев диԥылеит.

Аԥсны аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аиԥылара аҿы Аԥсны Анапхгареи Аԥсны жәлар  Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа-хатәгәаԥхарауаа еидызкыло ауаажәларратә еидгыларақәеи русеицура акоординациеи аҳәынҭқарратә дгылара аҭара иазку ауснагӡатәқәа рымҩаԥгареи иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Сергеи Иахагоев есышықәса Аԥсны иазгәарҭо хатәгәаԥхарала еибашьуаз Имш аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгаз агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа рзы иҭабуп ҳәа иҳәеит. Уи иара убас аусеицура акоординациа аҭаразы игәаанагара иҳәеит.

Алеқсандр Анқәаб  аԥсуа жәлар хатәгәаԥхарала рыԥсадгьыл ахьчараҿы ирывагылаз рашьцәа рахь иҷыдоу азыҟазаара шрымоу инаҵшьны иазгәеиҭеит, иара убас атәыла анапхгара Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара аҿы злагала ахә ашьара уадаҩу хатәгәаԥхарауаа   аринахысгьы адгылара рыҭара азы иалшо зегьы ҟанаҵалоит ҳәа иҳәеит.

Аиԥылра лхы алалырхәит Агәыҳалалратә фонд «Иаҳгәалашәоит» ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Лиалиа Чамагәуа.


Read 398 times - Аԥшьаша, 17 Нанҳәа 2023 19:00
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.