АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Нанҳәа.2023

Ашоура хьанҭа иахҟьаны Аԥсны абылра ашәаҭара аҩаӡара даара иҳаракуп.

Аҟәа. Нанҳәамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, аинрал-маиор Тигран Делибалтиан Аҟәа ақалақь абылрацәыхьчаратә отриад анапхгараҭара алархәны аилатәара мҩаԥигеит.

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура  иҟанаҵо адыррақәа рыла, аилатәара аҿы аҳҭнықалақьи Аҟәа араиони рҿы абылрацәыхьчаратә ҭагылазаашьа, иара убас нанҳәамза 14 рзы Аҟәа ақалақь, Акьырҭаа имҩала иҟалаз абылра амзысқәа рзы заанаҵтәи адыррақәеи ирылацәажәеит.

Аилатәараҿы инаҵшьны иазгәаҭан ареспублика зегьы иахьаҵанакуа абылратә шәарҭара аҩаӡара акыр ишыҳараку. Ишьақәгылаз ашоура бааԥсы, иара убас ахатәы қыҭанхамҩатә дгьылқәа рҿы арыцқьаразы аҵҩаа амца аркра, уҳәа ирыхҟьаны аҵыхәтәантәи  амчыбжьқәа рзы хыԥхьаӡара рацәала аԥсабаратә мцакрақәа ҟалеит.

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҟәшеиҵақәа амцакра ахьыҟало аҭыԥқәа рахь есыҽны ицар акәхоит. Убасҵәҟьа иҟалеит нанҳәамза 14 рзы. Аҟәа ақалақь Акьырҭаа имҩала абылра ӷәӷәа ҟалеит ҳәа адырра аныҟала ашьҭахь, Аҟәа арион аҿы аԥсабаратә амцацралара иаҿыгыланы аус зуаз амцарцәаҩцәа иаарласны арахь Турбаза аҳаблахь ииаргар акәхеит. Уимоу, Гәылрыԥшьи Очамчыреи рҟынтәгьы инацҵаны амцарцәаҩцәа ргәыԥқәа арахь идәықәҵахеит. 

Аспециалистцәа ражәақәа рыла, нанҳәамза 14 рзы иҟалаз абылра арцәараан  уадаҩра ӷәӷәаны иҟалаз, араҟа игылоу ахыбрақәа акыр реизааигәареи агидрантқәа рыҟамзаареи ирыхҟьаны амцакра аҭыԥ ахь узланеиуа амҩа акыр иҭшәахеит.

Амцарцәаҩцәа изларҳәо ала, ацҳа Ҟаԥшь аҟынтәи Кьалашәыр аҟынӡа гидранткгьы ыҟаӡам, уи иаанаго амцарцәаразы аӡы анагаразы амагистральтә цәаҳәа ашьақәыргылареи ӡыла аиқәыршәара асистема ишиашоу ала аҽамадареи рзы алшара ыҟаӡам. Насгьы амҿы иалху аҩкаагақәеи аҭкьац ала ичаԥоу аҭыӡқәеи ирыхҟьаны амца еимга-еимцарак ала ахыбрақәа амҽханакит. Абылра иахҟьаны шьаҭанкыла иблит 4 ҩнык.

Аобиективтә мзысқәа шыҟоугьы, Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра араионтә ҟәшеиҵақәа абылратә шәарҭара ду аныҟоу аамҭазы амаҵуратә режим арӷәӷәареи инацҵаны ауааи иҷыдоу атехникеи радыԥхьалареи рзы адҵа рыҭоуп.  


Read 223 times - Аԥшьаша, 17 Нанҳәа 2023 18:22
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.