АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Нанҳәа.2023

Аԥснытәи ашколхәыҷқәа апрограмма «Здравствуй, Россия!» рхы аладырхәраны иҟоуп.

Аҟәа. Нанҳәамза  17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакра  аԥшьгарала имҩаԥысуаз аконкурсқәа рҿы аԥхьахәқәа згази аиааирақәа згази ф-ҩык ашколхәыҷқәа Москваҟа амҩа иқәлеит. Урҭ уаҟа ирзыԥшуп акыр инарҭбаау аҵарадырра-культуратә программа. Урыстәылатәи Афедерациа аҳҭнықалақь ашьҭахь урҭ нанҳәамза 17 – 25 рзы имҩаԥысуа апрограмма «Здравствуй, Россия!» ала  Самартәи аобласть ахь  амҩа иқәлоит. Абри азы Аԥсныпресс ахь адырра ҟалеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра аҟынтәи.

Ашколхәыҷқәа ирҭаараны иҟоуп акәашарақәа, аталисманқәа рыҟаҵаразы аҟазара, аҭыԥантәи ачысхкқәа рыҟаҵара, уҳәа ирызку аинтерес зҵоу алекциақәеи амастер-классқәеи. Урҭ аилыркаагатә еиҿцәажәарақәа, агәынкыларазы, аиҿамсразы, аҭоурых адырра азы аконкурсқәа рахь ааԥхьара рыҭахоит.  

Урыстәыла аҭаара аамҭа иалагӡаны, аныҟәаҩ қәыԥшцәа еиуеиԥшым аусхкқәа: асахьаҭыхратә ҟазара, акреативтә маҵзура, амузыка, акультуратә усура итрадициатәу ахкқәа, акоманда аҿы аусура алшара, уҳәа рҿы рхы ԥыршәартә еиԥш алшарақәа рзаԥҵахоит. Џьоукы рзы ари иҿыцу аус аланахалара акәхоит, даҽа џьоукы рзы  – раԥхьаҟа иалырхраны иҟоу рзанааҭ ахь раԥхьатәи шьаҿаны иҟалоит.

Иара убас, Аԥснытәи ахәыҷқәа Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә бираҟ Амш иазкны имҩаԥгахо афлешмоб рхы аладырхәуеит.  

Аҵарадырра-зыҟаҵаратә ныҟәарақәа рыпрограмма «Здравствуй, Россия!» Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы Ахаҭарнакра ала 2014 шықәса раахыс қәҿиарала анагӡара мҩаԥысуеит. Уи рхы аладырхәуеит 14 шықәса инаркны 19 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аҿар.  


Read 337 times - Аԥшьаша, 17 Нанҳәа 2023 20:09
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.