Аҟәа. Нанҳәамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҵарадырра аминистр Инал Габлиеи аминистр ицхырааҩ Ҭемыр Гобечиеи Москва ақалақь аҿы абжьара-занааҭтә ҵарадырра азы Урыстәылазегьтәи афорум рхы аладырхәуеит.
Афорум ахь зынӡа ааԥхьара роуит 2000 нызықьҩык инарзынаԥшуа – жәларбжьаратәии арегионалтәии аделегациақәа, азанааҭтә ассоциациақәа, ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа, абжьара-занааҭтә ҵарадырра асистема аҿы аус зуа аусзуҩцәеи астудентцәеи. Афорум рхы аладырхәуеит 55 атәыла арегионқәа рҟынтәи 240-ҩык инарзынаԥшуа апрофессионалитет амбассадорцәа.
Иарбоу ҩымш ирылагӡаны урыстәылатәии аҳәаанырцәтәии инагоу аекспертцәа, арҵаҩцәа, ауаажәларратәи аполитикатәии аусзуҩцәа злаху апанельтә дискуссиақәа, астол гьежьқәа, алекциақәа мҩаԥгахоит.
Афорум атема хаданы иҟоуп – «Абжьара-занааҭтә ҵарадырра атәыла атехнологиатә суверенитет ахь алагала».
Нанҳәамза 18 рзы аусмҩаԥгатә асасцәа рзы Москва аколлеџьқәа рахь аҵарадырра-еилкааратә екскурсиақәа мҩаԥгахоит.