АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Нанҳәа.2023

«Ауаҩы иԥсҭзаара хәы амаӡам»: Ҭеимураз Хьишба Иуԥшьаратәи аҩхааҭшәа аҿы хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәа дырԥылеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Нанҳәамза 17, ашьыжьымҭан, асааҭ 07:20 рзы хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәа гәыԥҩык Аужьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ Риҵа аҿы амҩа адыркит. 15 - ҩык рҟынӡа аусдкылаҩцәа, иара убас 30 – ҩык инарзынԥшуа урҭ ирыдгыло ауаагьы абас ала нанҳәамза 15 рзы  атуризм Аминистрра Риҵаҟа инагоу амҩала, Иуԥшьаратәи аҩхаҭшәаа иахьаҵанакуа аекскурсиақәа рымҩаԥгареи атуристцәа рҭыжьреи ақәиҭымтәра азы иҟанаҵаз адҵа ишақәшаҳаҭым аадырԥшит.

Аусдкылаҩцәа иҟоу ақәиҭымзаара иахҟьаны аекскурсиатә автобусқәа шьҭарнахыс рхәаахәҭратә ҭыԥқәа рааигәара иахьзаанымкылало азы агәҭынчымра аадырԥшит. Аушьҭра-гәаҭаратә ҭыԥ «Риҵа»  аҿы иҟалаз ахҭыс азы аминистр адырра ииҭеит Аужьҭра-гәаҭаратә ҭыԥ аиҳабы Алиас Аргәын. Уи иара убас аминистр ибара азы аусдкылаҩцәа аҳәара шыҟарҵаз атәы иҳәеит.  

Ахәҭакахьала, Ҭеимураз Хьишба атуризм Аминистрра иҟанаҵаз адҵа иаҿыгылаз аусдкылаҩцәа рахь днеины амҩа аадыртырц азы аҳәара ҟаиҵеит.

Аминистри аусдкылаҩцәеи Иуԥшьаратәи аҩхааҭшәаа аҿы реиԥылара ихы алаирхәит Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк Адамыр  Багаҭелиа. 

Аминистр иажәақәа рыла, аусдкылаҩцәа зыргәамҵуа рхәаахәҭратә ҭыԥқәа рҿаԥхьа атуристтә автобусқәа ахьзаанымкылало, уи русура иаԥырхагахар ахьалшо ауп.

Ҭеимураз Хьишба, ахәҭакахьала, иҟаҵоу зегьы ауааԥсыреи атуристцәеи ршәарҭадара азы ауп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Ауаҩы иԥсҭзаара хәы амаӡам», - ҳәа иҳәеит Ҭеимураз Хьишба.

Атуризм аминистрра ахада иара убас иарбоу аӡбамҭа Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк адиректори атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистри рыҿцәажәара ашьҭахь ауп ианрыдыркыла ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит.

«Асовет аамҭа аан ари аҭыԥ аҿы аангылара азы азин ыҟаӡамызт, уимоу, асигнал аҟаҵарагьы ҟаломыз», –  ҳәа иҳәеит аминистр. 

Аусдкылаҩцәа даҽа ҭыԥк ахь аисра рыдыргалеит, аха урҭ уи аамҭа рацәа агоит ҳәа аҭак ҟарҵеит.

Аминистр аусдкылаҩцәа зыргәамҵуа апроблемақәа шеиликаауа, аха ауаа ршәарҭадара зегьы ирыцкуп, убри аҟнытә ақәиҭымзаара азы адҵа аԥыхра залыршахом ҳәа даҽазныкгьы иазгәеиҭеит.  

Абри азы адырра ҟанаҵоит атуризм Аминистрра апресс-маҵзура.  


Read 222 times - Аԥшьаша, 17 Нанҳәа 2023 22:20
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.