АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Нанҳәа.2023

Атуризм Аминистрра: ауааԥсыра ргәабзиареи рыԥсҭазаареи ашәарҭара аҭаргылара ҟалаӡом.

Аҟәа. Нанҳәамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атуризм аминистр Ҭеимураз Хьишба аекскурсиатә маҵзурақәа назыгӡо аиҿкаарақәеи хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәеи Риҵаҟа ицо амҩала иҟоу Иуԥшьаратәи аҩхааҭшәа аҿы атранспорт аанкылареи атуристцәа (аекскурсиамҩаԥгаҩцәа)   рҭыҵреи рақәиҭымтәра иазкны инапы зҵаиҩыз Адҵа далацәажәеит.

«Ҳазҭоу ашықәс рашәарамзазы Иуԥшьаратәи аҩхааҭшәа аҿы аҷыдалкаатә хҭыс ҟалеит. Ахаҳәлеира иахҟьаны дҭахеит 1996 шықәса рзы ииз атурист Вишниаков Владислав Сергеи-иԥа. Уи ицыз 28- шықәса зхыҵуа Пенза ақалақь инхо аԥҳәыс лшьапы ԥҵәеит, уи ахәышәтәырҭахь днаган.

Даҽа амашәыртә хҭыс ҟалеит нанҳәамза 11 рзы, усҟан ибӷаз ахаҳәқәа амаршруттә такси иақәҳаит.   Усҟан Анцәа иџьшьаны аӡәгьы ааха имоуӡеит.

Апрофильтә хылаԥшырҭақәа рҿы аилацәажәарақәа рымҩаԥгара ашьҭахь ҳара ҳтәылауааи арахь ԥсшьара ҳәа иаауа атуристцәеи ргәабзиареи рыԥсҭазаареи аиқәырхара хықәкыс иҟаҵаны Риҵаҟа ицо амҩала иҟоу Иуԥшьаратәи аҩхааҭшәаа аҿы атранспорт аанкылареи атуристцәа (аекскурсиамҩаԥгаҩцәа)   рҭыҵреи рақәиҭымтәра иазкны Адҵа аҟаҵаразы аӡбамҭа ҳадаҳкылеит», –  ҳәа иҳәеит аминистр.

Атуризм аминистр Ҭеимураз Хьишба нанҳәамза 15 рзы иҟаиҵаз адҵа анагӡараҿы ацхыраара  ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра. Атуризм Аминистрра иарбоу азҵаарала аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгараҭара алархәны аилацәажәарақәа мҩаԥнагахьеит.  

Атуризм Аминистрра Иуԥшьаратәи аҩхааҭшәаа аҿы акоммерциатә усура назыгӡо аусдкылаҩцәа зыргәамҵуа шьахәла еилнакаауеит, аха ауааԥсыра ргәабзиареи рыԥсҭазаареи ашәарҭара аҭаргылара ҟалаӡом ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵоит.

Иахьа Иуԥшьаратәи аҩхааҭшәа аҿы аус зуа аусдкылаҩцәа гәыԥҩык Аужьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ Риҵа аҿы амҩа адыркит. Урҭ нанҳәамза 15 рзы  атуризм Аминистрра Риҵаҟа инагоу амҩала, Иуԥшьаратәи аҩхаҭшәаа иахьаҵанакуа аекскурсиақәа рымҩаԥгареи атуристцәа рҭыжьреи ақәиҭымтәра азы иҟанаҵаз адҵа ишақәшаҳаҭым аадырԥшит. Атуризм Аминистрра иҟанаҵаз адҵа аҿагылаҩцәа ражәақәа рыла, ари аӡбамҭа иахҟьаны дара рхашәалахәқәа рцәыӡуеит, уимоу, азаралгьы роуеит.


Read 220 times - Амҽыша, 20 Нанҳәа 2023 19:20
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.