Ари аусмҩаԥгатә ахықәкы хаданы иҟоуп – ҳтәылауаа Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра изаамҭанытәиу аусура азы адыррақәа рыҭара, ҳаамҭазы ҳтәыла акәша-мыкәша ишьақәгыланы иҟоу жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа, аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа ирыдҳәалоу актуалра злоу аспектқәа, Кавказ Аладатәи арегион аҿы аҵыхәтәантәи аамҭазы ирласны зҽеиҭазкуа ашәарҭадара архитектура, иара убас ессааира изызҳауа Қырҭтәыла агеополитикатәии аекономикатәии амбициақәа рылацәажәара.
Инал Арӡынба: Аԥсны еиуеиԥшым атәылақәа адиалог рыбжьаҵаразы активла аусура мҩаԥнагоит.
Аҟәа. Нанҳәамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. «Қырҭтәыла, Еиду Америкатәи Аштатқәа ианаҭо адгылара ахы иархәаны, Аԥсни жәларбжьаратәи апартниорцәеи рдиалог аԥырхагахаразы аҽазышәарақәа мҩаԥнагоит. Урҭ ареспублика аккупациа зызу аҵакыраны ирыԥхьаӡоит иара убри асахьа адунеитә арена аҿы аларҵәара мҩаԥыргоит», ҳәа нанҳәамза 17 рзы аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.
«Ҳара урҭ абас еиԥш аҭак раҳҭоит – ҳара ҳхы ҳақҵәиҭны ҳиит убасҵәҟьагьы ҳхы ҳақәиҭны ҳаҟазаауеит. Ҳара зқьышықәсала иҟоу ҳҳәынҭқарразаара аринахысгьы иацҵахоит», -ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит атәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.
Уи Аԥсны Ареспублика Белорусь, Шьамтәыла, Еиду Арабтәи Емиратқәа, уҳәа Ааигәа Мрагыларатәи атәылақәеи Африкеи Лаҭынтәи Америкеи ртәылақәа адиалог рыбжьаҵаразы активла аусура мҩаԥнагоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит.
Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны ахьыԥшымреи аҳәынҭқарратә суверенитети разхаҵара ҟалеижьҭеит 15 шықәса аҵра амш аламҭалазы атәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа аусзуҩцәа ицны араионқәа рҿы аитәылауаа, араионқәа рхадарақәеи реизарақәеи рхаҭарнакцәеи аҿари дырԥылараны дыҟоуп.