АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Нанҳәа.2023

23 шықәса раԥхьа Аҟәа ақалақь аҿы ишьҭахьала еихсны дыршьит азиндырҩы, азинхьчаҩы Зураб Ачба.

Аҟәа. Нанҳәамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ҩыжәи хԥа шықәса раԥхьа, нанҳәамза 15, 2000 шықәса рзы, Аҟәа ақалақь, асааҭ жәеиза рыбжа инарзынаԥшуа, ишьҭахьала еихсны дыршьит иналукааша ауаажәларратәии аполитикатәии аусзуҩ, Аԥсны Жәлар Рфорум анапхгаҩцәа иреуаз, Ареспублика Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет - Апарламент  актәи ааԥхьара (1991 – 1996 шш.) адепутат, азиндырҩы, ауаҩзинхьчаҩы Зураб Ачба (жәабранмза 23, 1950 ш. – нанҳәамза 15, 2000 ш.).

Есышықәса ари амш аҽны, ахәылбыҽха асааҭ  22:30 рзы  Зураб Ачба ишьра ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы еизоит уи иуацәеи иҭынхацәеи иҩызцәеи, дыздыруаз зегьи.  Урҭ Зураб Ачба игәалашәара иазкны ацәашьқәа адыркуеит, ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵоит.

Ачба Зураб Константин-иԥа (жәабранмза 23, 1950 шықәса рзы -  нанҳәамза 15, 2000 шықәса) - иналукааша ауаажәларратәии аполитикатәии аусзуҩ, Аԥсны Жәлар Рфорум анапхгаҩцәа иреуаз, Ареспублика Аԥсны Ириеҳаӡоу Асовет- Апарламент  актәи ааԥхьара (1991 – 1996 шш.) адепутат, азиндырҩы, ауаҩзинхьчаҩы. 

Диит жәабранмза 23, 1950 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы. Далгеит Н. Лакоба ихьӡ зхоу Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №10.  

1967 шықәсазы дҭалеит Москватәи аҳәынҭқарратә университет азиндырратә фыкультет. Уи даналга ашьҭахь Аԥсны еиуеиԥшым аиҿкаарақәеи аусбарҭақәеи рҿы   аиуристконсулс аус иуан. 

1989 шықәса инаркны – Аԥсны Жәлар Рфорум ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. Зеиԥшыҟам аоратор, аполемист, 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраанӡа аԥсуа-қырҭуатә еиҿцәажәарақәа активла ихы алаирхәуан.

1991-1996 шш – Ареспублика Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак-Апарламент адепутат.

1993 шықәсазы Ареспубликабжьаратәи адукатцәа рколлегиа алахәала, аиуристтә абжьгарҭа № 24 (ақ.Москва) анапхгаҩы.

1999 - 2000 шш. – Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаареи Европатәи атәылақәа Реидгыла ашәарҭадара Ахеилаки ауаҩы изинқәа рзы Аҟәатәи аофис аконсультант. Иара убри аамҭазы иара убасҵәҟьа ихы ааирԥшит апублицист иаҳасабала. Иматериалқәеи истатиақәеи  кьыԥхьхон «Нужная газета» аҿы. Акритикатә ажәахәқәа рыла дықәгылон Ареспублика Аԥсны аофициалтә напхгараҭара ахаҭарнакцәа рганахьала.

Дыршьит Аҟәа ақалақь аҿы, нанҳәамза 15, 2000 шықәсазы. Зураб Ачба дызшьыз иахьа уажәраанӡа иаанкылареи ихьырхәреи залыршам.   

***   ***   ***

Зураб Ачба иҳәамҭақәа рҟынтәи:

«Аоппозициа аиашазы есымша аконцептуалра аныԥшуазароуп, ауаажәларра ирыднагалозароуп иҟоу апроблемақәа рыӡбаразы атәыла анапхгара азнеишьақәа иреиԥшым альтернативақәа.  Аргамареи атәылауаа активла имҩаԥырго ауаажәларратә усуреи ҳҳәынҭқаррара аиҭашьақәыргылара алзыршо акакәны иҟоуп.  Избан нас, иреиӷьу ҳҵеицәа ршьала аԥсуа ҳәынҭқарра аҟазаара азы азин  анҳаугьы, ҳауаажәларра уи аԥсҭазаара алахәхареи азыҳаҵҳаҵареи рмыцхәрас, уи аԥеиԥш зхы иазеиӷьу мацара иашьҭоу аҭыԥантәи абиурократиа анапы изанаҳҵари? (Астатиа «Наша реальная жизнь и наша конституция существуют в разных измерениях» аҟынтәи).

«Ахақәиҭра — ари дарбанызаалак зда ԥсыхәа имам акакәны иҟоуп. Ижәдыруазар ахәҭоуп, аԥсуаагьы убри ауп ирҭаху. Шәара бзиа ҳажәбоит ҳәа аҳәамҭақәа ҟашәҵоит, иара убри абзиабара иахҟьаны ҳахәда шәаақәтәан, шәшьапқәа  лашьҭны ҳахәаҽра шәаҿуп», – ҳәа 1989 шықәсазы Қарҭ ақалақь, акиноконцертә зал аҿы дықәгылауа иҳәеит Зураб Ачба.   

«Сара схатә ԥсҭазаара ииашамкәа схы иасырхәеит, сҭаацәараӡам, исымам ахәыҷқәа. Акызаҵәык исымоу – уи сара сыԥсадгьыл, Аԥсны ауп».

«Ҳҳәынҭқарра ашьақәгыларааан иагьа ԥынгыла ыҟазаргьы, ҳҳәынҭқарреи уи Аконституциеи Аԥсны жәлар иреиҳаӡоу реихьӡара ауп, уи аҿиареи аизҳазыӷьареи зхылҿиаауа аҭагылазаашьаны иҟоуп, инаӡаӡатәиу ахәдуқәа ируакуп.

 


Read 183 times - Ахаша, 30 Нанҳәа 2023 15:32
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.