АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Нанҳәа.2023

Нанҳәамза 22 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы имҩаԥысуеит Москватәи акәашара атеатр «Гжель» аконцерт.

Аҟәа. Нанҳәамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Сухум. августа 2023. Апсныпресс. Нанҳәамза 22 рзы  Р. Гәымба ихьӡ зху  Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы Москватәи акәашара атеатр «Гжель» аконцерт  мҩаԥысуеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура.

Аусмҩаԥгатә  Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара ҟалеижьҭеит 15-шықәса аҵра иазкны имҩаԥысуеит. Аконцерт алагара аамҭа - 19:00 рзы, аҩналара хәыда-ԥсадоуп.

Ҳара гәахәара дула иҳадаҳкылоит ас еиԥш зыхьӡ нагоу арҿиаратә коллектив аиубилеи ашықәс азы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асценаҿы, Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара ҟалеижьҭеит 15-шықәса аҵра иазкны аконцерт ахьымҩаԥнаго», - ҳәа иазгәеиҭеит Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба.

 


Read 314 times - Ахәаша, 18 Нанҳәа 2023 15:33
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.