pressadmin-2
Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Аҳәынҭқарратә бираҟ амш рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Аҳәынҭқарратә бираҟ Амшныҳәа рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу сыуаажәлар!
Иахьа ҳара иазгәаҳҭоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ Амш. Акрызҵазкуа ари амш аҽны ҳара иаҳгәалаҳаршәоит 1992 шықәса, ԥхынгәымза 23 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет асессиа аҟны аҳәынҭқарратә бираҟи агерби анышьақәырӷәӷәаз амш. Ари абираҟ ахатәҳәаақәҵареи ахьыԥшымреи рзы ҳажәлар рықәԥара иасимволны иҟалеит.
Абираҟ анышьақәырӷәӷәаха анаҩс хымчыбжьа ааҵуаны, ҳажәлар рзы иԥышәара хьанҭаны иҟалаз аибашьра иалагеит. Ауадаҩрақәа зегьы ириааины урҭ ирылшеит ахьыԥшымра ахьчара, аибашьраҿы аиааира агара. Сынтәа Аԥсны Аҳәынҭқарра ҳҭоурых ҿыц ҳәаақәызҵаз Аиааира амш ныҳәа 30 шықәса ахыҵра азгәанаҭоит.
Никаргуа ахада: Манагуеи Аҟәеи аусеицуразы апотенциал ду рымоуп.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Манагуа ақалақь Ахадара аҿы иҩаԥысит Аԥсны анапхгаратә делегациеи Мангуа ақалақь ахада Реина Руедеи реиԥылара.
Реина Руеда Манагуеи Аҟәеи аусеицуразы апотенциал ду рымоуп, аҩ-ҳәынҭқаррак раҳҭнықалақьқәа анаҩстәи русуеицура арҿиара иазкны аусура дазхиоуп ҳәа иазгәалҭеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.
«Цәыббрамза 1, 2021 шықәсазы Аҟәеи Манагуеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы аԥышәала аимадара азы алшара ҳанаҭоит», – ҳәа иазгәалҭеит Реина Руеда.
Очамчыра араион абыргцәа Рхеилак ахантәаҩы Иури Лагәлаа “Ахьӡ-Аԥша” аорден III аҩаӡара ианашьахеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иури Лагәлаа «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара ианашьара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра «Аанкыла» аплан рыланаҳәеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут ахаша, ԥхынгәымза 19, асааҭ 15:00 инарзынаԥшуа, Гәдоуҭа араион Абӷархықә ақыҭан 1972 шықәсазы ииз Аҳәба Ҭемыр Валери-иԥа дызшьыз ахаҿы еилкаареи иаанкылареи иазырхоу аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа ркоординациа азы аусуратә еилатәара мҩаԥигеит. Абри азы «Аԥсны.иахьа» ахь адырра ҟалеит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҟынтәи.
Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аҟны аоперативтә штаб аус ауеит.
Аконцерт, амаланыҟәала аисра, автомотоеиԥхныҩлара: ԥхынгәымза 23 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Абираҟ Амш.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 23 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә Бираҟ Амшныҳәа.
Ари амш аҽны аныҳәа иазку аумҩаԥгатәқәа мҩаԥгахоит.
Асааҭ 11:30 рзы – амаланыҟәатә, автомотоеиԥхныҩларақәа мҩаԥгахоит. Уи мҩаԥысуеит Ахақәиҭра Ашҭа аҟынтәи Аҟәа араион, Алада Ешыра ақыҭан иҟоу Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал аҟынӡа.
Игорь Ахба «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара ианаршьеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵала, Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аҟны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Ахба Игорь Мураҭ-иԥа «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара ианеишьеит.
Игорь Ахба Урыстәыла иҟоу Аԥсны раԥхьатәи ацҳаражәҳәаҩыс дыҟан.
Ҭемыр Аҳәба ишьра инамаданы аусеилыргара хацыркуп.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 19, 2023 шықәса рзы Гәдоуҭа араион апрокурор Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 99 ахәҭа 1 гәҭакыла ауаҩшьра) , ахәҭаҷ 217 ахәҭа 1 (иҭҟьо амцабџьар изакәанымкәа аҵәахра, аныҟәгара, аиагара) инарықәыршәаны, 1972 шықәсазы ииз Аҳәба Ҭемыр Валери-иԥа гәҭакыла ишьразы, макьаназы зхаҭара шьақәыргылам ахаҿы иганахьала ашьаусеилыргара хациркит. Ауаҩшьра ҟалеит Гәдоуҭа араион Абӷархықә ақыҭан асааҭ 15:00 инарзынаԥшуа. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокуратура Хада аофициалтә саит.
Аслан Бжьаниа акультуратә центр «Сириус» асахьаркыратә напхгаҩы Ханс- Иоахим Фраи дидикылеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа амузыкатә менеџьер, акультуратә центр «Сириус» асахьаркыратә напхгаҩы Ханс- Иоахим Фраи дидикылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә саит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Германиеи Урыстәылеи амузыкатә менеџьер диԥыло ари аиԥылара ҳаԥхьаҟа акультура аусхкы аҿы лҵшәа бзиала аусеицура азы хра злоу импульсны ишыҟало азы агәыӷра ааирԥшит.
Ханс-Иоахим Фраи иганахьала Аԥсны иоуз адкылара бзиа азы иҭабуп ҳәа иҳәеит, уи ареспублика акультуратә еимадара абжьаҵара азы аусура дшазхиоу иҳәеит.
Аҟәа ақалақь Арӡынба имҩа аҿы ажраҭырҭәааратә усурақәа мҩаԥысуеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Арӡынба имҩа ахәҭак аҿы ажраҭырҭәааратә усурақәа мҩаԥысуеит.
Аҟәа ақалақь Ахадара Анхара-комуналтә Нхамҩа адепартамент адиректор ихаҭыԥуаҩ Руслан Аҩӡба иҟаиҵаз адыррақәа рыла, аҳҭнықалақь Ахадара ареспубликатә трасса ахәҭак аиҭашьақәыргылара ахахьы иагеит.
Аҳәынҭқарратә Еилакы «Аԥснымҩа» Лакоба имҩаҿы ҿыц акаҭран ақәҵара анымҩаԥнага ашьҭахь, аҳҭнықалақь Ахадара егьырҭ ареспубликатә мҩақәа рҿы ажраҭырҭәааратә усурақәа рымҩаԥгара ахахьы иагеит.
Гагра иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа рықәгара азы Акомиссиа ахь азарал зауз ауааԥсыра рҟынтәи 400 зыҳәамҭа неихьеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра ааигәа, ԥхынгәымза 8 - 9 рзы иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара ашьҭахь иҟоу аҭагылазаашьа атәы Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо еиҭалҳеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Хана Гәынба.
Хана Гәынба лажәақәа рыла, зегьы раасҭа ааха роуит Лӡааи Алаҳаӡи ақыҭақәа.
«Асасааирҭатә комплексқәа рҿы аӡы зҵалаз актәи аихагылақәа аусура иалагахьеит. Атуристтә обектқәа зегьы абжьааԥнытәи арежим ала аус руеит», – ҳәа илҳәеит лара.
Хана Гәынба Гагра араион Ахадара иалшо зегьы ҟанаҵон, иагьыҟанаҵоит аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа рықәгара азы ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит. Гагра ақалақь асасцәа аднакылоит, ақьафурҭақәеи акрыфарҭақәеи акаҳуажәырҭақәеи, иара убас апансионатқәеи аус руеит.
Хана Гәынба лажәақәа рыла, Гагра араион Ахадара аҟны иаԥҵаз, араион ахада Иури Ҳагәышь напхгара зиҭо аоперативтә штаби аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа рықәгаразы акомиссиеи изныкымкәа аилатәарақәа мҩаԥнагеахьеит азарал амҽхак аилкаарагьы хыркәшахеит.








