Убас, 2023 шықәсазы иазԥхьагәаҭоуп 22О аиубилеитәи егьырҭ арҿиамҭақәаәеи автортә бӷьыцқәа рҭыжьра. Уахь иаҵанакуеит иара убас асахьаркыратә литературеи анаукатә ҭыжьымҭақәеи.
Асиа иалагалоуп аԥсуа бызшәала еиԥш аурыс бызшәалагьы иҩу аԥсуа лакәқәа, Даур Занҭариа ҩ-томкны иҟоу ирҿиамҭа, Станислав Лакоба иочерқәа реизга «Крылились дни в Сухум-кале», Мушьни Лашәриа иҭыжьымҭа «Иалкаау», Уасил Арӡынба авторс дызмоу «Абиблиографиатә жәар», Лиудмила Хрушкова авторс дызмоу «Архитектурный комплекс в Пицунде», уҳәа убас егьырҭгьы.
105 автортә бӷьыцқәа Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алитература аҭыжьра азы иазоужьхоит, 95 – Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа азы.
2023 шықәса – ари Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса аназгәарҭо ашықәс ауп. Убри аҟнытә аплан иалагалоуп ари атема иазу аҭыжьымҭақәа жәпакы.