pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Абҵарамза 3, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Звольҳараку афымцацәаҳәа «Аҽгәара» аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыцҵоуп, ҳәа Sputnik Аԥсны ахь адырра ҟаиҵеит Ареспубликатә унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» апресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Гагәылиа. 

Уи иажәақәа рыла, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа назыгӡо абригадақәа шьыжь шаанӡа инаркны русура иацырҵеит.

Аҩаша, абҵарамза 1 азы Аԥсны аиҳарак аҿы звольҳараку афымцацәаҳәа «Аҽгәара» аҿы иҟалаз аиԥҟьарақәа ирыхҟьаны хынтә  авариатә афымца аҿыхрақәа ҟалеит.  Абҵарамза 2 аҟынӡа, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа цонаҵы Аԥсны Урыстәылантәи афымцамч аиуон.

Аҟәа. Абҵарамза 3, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрреи Аҟәа ақалақьи, егьырҭ аинспекциақәеи инарыгӡаз аусура алҵшәақәа реихшьаала иақәыршәаны, жьҭаарамза иалагӡаны Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра еизнагеит 650,0 млн. мааҭ. Жҭаарамза аплан нагӡоуп 131% рыла.

Абасала, жәамз ирылагӡаны, Аԥсны абиуџьеҭ иалагалоу 3642,8 млн. мааҭ ашәахтәқәа, убри аан аплан ишьқәнаргылон 2 665,1 млн. мааҭ. Аплан нагӡоуп 137% рыла. Аԥаратә рбагақәа рыла аплан иарбаз аасҭа 977,6 млн. мааҭ рыла еиҳаны иалагалан. 2021-тәи ашықәс азы жьҭаарамза алагамҭазы иалагалаз ашәахтәқәа ирҿырԥшны, алаглра адинамика 131% рҟынӡа инаӡоит, аԥаратә рбагала уи ишьақәнаргылоит 859,0 млн. мааҭ.

2022-тәи ашықәс жәамз ирылагӡаны Аԥсны араионқәа рыҟны иалагалан анаҩстәи ашәахтә шәатәқәа:

Аҟәа. Абҵарамза 3, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 3 рзы Аҟәа ақалақь аҿы 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз ргәалашәара иазкны зымаха-зышьаха еибгам аинвалидцәа рыбжьара ашьапылампыл маҷ азы X Жәларбжьаратәи атурнир «Аиааира Ахраҿа» аартра ацеремониа мҩаԥысит. 

Атурнир аартра ацеремониа аҿы адныҳәаларатә ажәахә ала еизаз рҿаԥхьа иқәгылеит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Џьемал Гәыбаз, Кемертәи аобласт абҩарҵәыреи аспорти рминистр ихаҭыԥуаҩ Олег Барченов, Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә Олимпиатә Комитет апрезидент Валери Аршба, Аԥсны Апаралимпиатә Комитет апрезидент Леон Ҵәыџьба, атурнир аӡбаҩ хада, Урыстәыла аинвалидцәа Реидгыла аспорттә ҟәша анапхгаҩы,  Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Ахиллес Маврофиди.

Аҟәа. Абҵарамза  3, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Жьҭаарамзазы Аԥсны акоронавирустә ҿкы чымазара злаҽыз 151-ҩык аарԥшхеит. Аӡәы иԥсҭазаара далҵит. Абри атәы аанацҳауеит агәабзиарахьчара Аминистрра  апресс-маҵзура.

Цәыббрамзазы акоронавирустә ҿкы чымазара захьыз рхыԥхьаӡара 1321-ҩык рҟынӡа инаӡеит, аӡәы иԥсҭазаара далҵит.

Аҟәа. Абҵарамза 3, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Москва ақалақь аҿы адунеи ачемпионат араӡнытә аԥхьахәгаҩы, Европа ачемпионат аџьазтә аԥхьахәгаҩы, Асовет Еидгыла ԥшьынтә ачемпион, жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза   Олег Каратаев игәалашәара иазку, 15-16 шықәса зхыҵуа арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи рыбжьара аҭаҷкәымҟьара азы VII иаарту атурнир мҩаԥысит.  

Аицлабрақәа рхы аладырхәит Урыстәылатәи арегионқәа рҟынтәи 100-ҩык инареиҳаны аспортсменцәа. 

Аҟәа. Абҵарамза 3, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада имҩаԥгоу аусура инамаданы Аԥсны жәлар рҿаԥхьа аҳасабырба ҟаиҵоит

Абыргцәа рхеидкыла Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа имҩаԥиго аполитикатә хырхарҭа иадгылоит. Абҵарамза 3 рзы имҩаԥысыз аҳәынҭқарра Ахадеи Абыргцәа рхеилаки реиԥылараҟны ауаажәларратә ҵакы змаз азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Абҵарамза 3, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуеи уи иколлегацәа-аҵарауааи Анаукақәа Ракадемиа 25-шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.

«Ԥхынҷкәынмза, 1993 шықәсазы, Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра анынҵәа ашьҭахь ҩымз заҵәык ааҵуаны еиԥш, Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Владислав Григори-иԥа  Арӡынба иаԥшьгарала «Ареспублика Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа аԥҵара азы» Ақәҵара рыдыркылеит. 

Ари аӡбамҭа акыр асимволтә ҵакы аҵоуп, уи анаука адгылара аҭара иаҵоу аҵакы ахадара арҵабыргуеит. Абри аҭагылазаашьа шьаҭас иҟаҵаны ас еиԥш аԥшьгара ҟаиҵеит аибашьра акыр иҵзыршәшәаахьаз ҳаамҭазтәи Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы.

1997 шықәсазы аҵак ду змаз аӡбамҭақәа  рыдыркылеит, урҭ рыла ишьаҭаркхеит Академиа аԥҵара, уи ашьақәгылара, ԥхьаҟатәи аперспективақәа ралкаара. 

Аԥсны анаукатә хәыцра аҭоурых ду амоуп. Уи цәырҵхьан XIX – XX ашәышықәсақәа рзы аус зуаз иналукааша аҵарауаа, иахьа гәадурала иаҳгәалашәо анаука аусзуҩцәа ирыбзоураны: С.Т. Ажәанба, К.Д. Маҷавариани, Н.С. Џьанашьиа, А.И. Чукбар, П.К. Услар, И.А. Бартоломеи, Н.Иа. Марр, Н.М. Альбов, А.Н. Краснов, А.Н. Введенски, Н.Н. Смецкои, С.П. Басариа, Д.И. Гәлиа, А.М. Ҷоҷуа, В.И. Стражев, А.А. Колаковски.

Аҟәа. Абҵарамза 3, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Анаукақәа Ракадемиеи Урыстәылатәи Анукақәа Ракадемиа иатәу аҭоурыхҭҵаара азы Санкт-Петербургтәи Аинститути аусеицура азы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.

Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра ацеремониа мҩаԥысуан Аҟәа ақалақь Анаукақәа Ракадемиа аконференц-зал аҿы. Аусшәҟәы аҵаҟа рнапынҵа ықәдыргылеит Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуеи Урыстәылатәи Анаукақәа Ракадемиа иатәу аҭоурыхҭҵааразы Санкт-Петербургтәи Аинститут адиректор Алексеи Сиренови.

«Сара даараӡа гәык-ԥсыкала исыдыскылоит иахьатәи ҳаиқәшаҳаҭра ахьалыршахаз. Ари аусшәҟәы акыр аанагоит ҳара ҳзы, уи аԥсуа ҵарауаа – аҭоурыхдырыҩцәа, аетнографцәа,  аиҳарак ҳаспирантцәа аҭоурых Аинститут архивқәеи абиблиотека аматериалқәеи рхархәареи иахәҭоу архивтә материалқәа рыԥшаареи, иара убас Аинститут аҿы адиссертациақәа рыхьчареи рзы алшара рынаҭоит», – ҳәа иҳәеит Зураб Џьапуа.

Аҟәа. Абҵарамза 3, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҵарадырреи абызшәатә политикеи Рминистрра иҟанаҵо адыррақәа рыла, «Аҳәаанырцәтәи атәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи рҵарадырра азы аквотақәа рышьақәыргылара азы» ԥхынҷкәынмза 18, 2020 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара Ақәҵара № 2150  анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра аекономика Аминистрра урыстәылатәи аган ахь иҟанаҵаз аҳәынҭқарратә ҿаҵеи инамаданы, Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнкра ала ауаажәларратә авиациа аганахьала Урыстәылатәи Афедерациа Иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рҿы 2023/24 шш. аҵаразы 32 квота азоунажьит.

2023/24шш. аквотатә кампаниа алахәхара азы аҵаразы акандидатцәа апортал  educacion-in-russia.com аҿы ашәҟәҭагалара иахысыр ахәҭоуп, уи аамҭа кьаҿ иалагӡаны иаатуеит.

Еиҳа инарҭбаау аинформациа азы адҵаалара ҟалоит абри аҭыӡҭыԥ ала иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра: Аҟәа ақалақь, Аинрал Дбар имҩа, аҩны № 3, аофис № 326.; аҭел.:+7 840 223 33 53, +7 940 09 90; аел. пошьҭа: Hierdie e-posadres word van Spambotte beskerm. Jy moet JavaScript ontsper om dit te lees., Hierdie e-posadres word van Spambotte beskerm. Jy moet JavaScript ontsper om dit te lees. ).

Актуалра злоу аинформациа зегьы уоур алшоит: https://instagram.com/abh.ros?igshid=YmMyMTA2M2Y=

Аҟәа. Абҵарамза 3, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҭаҷкәымҟьаҩы Харитон Агрба (9-0, КО 5) абҵарамза 19 рзы Екатеринбург ақалақь аҿы аверсиақәа  WBA, IBF рыла абжьарабжатә капантә категориа аҿы амаҟақәа заухьоу Намибиа аҟынтәи аспортсмен Џьулиус Индонго   (24-6, КО 13) диндаҭлараны дыҟоуп, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Харитон Агрба – жәларбжьаратәи акласс иаҵанакуа аспорт азҟаза, аҭаҷкәымҟьара азы адунеи Ахраҿа араӡнытә аԥхьахәгаҩ, Европатәи ахәмаррақәа араӡнытә аԥхьахәгаҩ, Урыстәыла ачемпионатқәа ҩынтәны ачемпион, астудентцәа рыбжьара аҭаҷкәымҟьара азы адунеи ҩынтәны ачемпион, атитулқәа WBA Fedecaribe, WBA Continental, IBF European, Евразиатәи абоксиортә парламент ианашьоуп, «Интерконтиненталтә ахраҿа» иоухьеит. 2019 шықәсазы ипрофессионалтә мҩа алагара инаркны иара инаигӡахьеит аиндаҭларақәа жәба, зегьы рҿы аиааирақәа игеит.

Харитон Агрба уажәаԥхьа имҩаԥигаз аиндаҭлара ҳазҭоу ашықәс лаҵарамзазы имҩаԥысит. Араҟа уи аӡбаҩцәа еицҿакны ирыдыркылаз аӡбамҭа ала Авак Узлиан дииааит, ЕВР (Eurasian Boxing Parliament) ачемпион ититул ианашьахеит. 

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.