«Иацы ҳара зегьы ҳзы акырӡа зҵазкуа аныҳәа ду ыҟан. Ҳара хатәгәаԥхарала ҳаԥсадгьы ҳацзыхьчаз ҳашьцәа ҳаҭыр ду рықәаҳҵоит. Ҳара есымша шәбара ҳаигәырӷьоит. Сара хаҭала иазгәасҭарц сҭахуп аиашьаратә республикақәа аус рыцура сшазхиоу»,- ҳәа иҳәеит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминитр Роберт Киут.
Игорь Кокоев Роберт Киут иҟаиҵаз адкылара бзиазы иҭабуп ҳәа еиҳәеит, убри аан уи аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҿаԥхьа имариам ахыдҵақәа ӡбатәны ишьҭоуп ҳәа иазгәеиҭеит. Игорь Кокоев аганахьала уаныԥшуа иумбар залшои ахылаԥшырҭа аусура аҩаӡара шыҳараку ҳәа иҳәеит.
«Аибашьраан ҳара еиҳа иаҳзымариан, ҳара аӷа дахьыҟоу аабон, иагьаҳдыруан иҟаҵатәу. Шәара уажәы даара имариам аус нашәыгӡоит. Сара схаҭа ԥыхьа азинхьчаратә усбарҭақәа рҿы аус зуан, ари аусхкы аҿы аусура шаҟа имариам атәы шьахәлаҵәҟьа издыруеит»,- ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Игорь Кокоев.
Аиԥылараҿы Роберт Киути Игорь Кокоеви азинхьчаратә усхкы иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.