Аныҳәатә усмҩаԥгатә иалахәын Никарагууа Ахада иабжьгаҩ Лауреано Ортега, Никарагууа адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Монкада, Манагуа ақалақь ахада Реина Руеда, Ареспублика Никарагуа еиуеиԥшым аминистррақәеи аусбарҭақәеи русзуҩцәа, Никарагууа анапхгараҿы аккредитациа змоу адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәа.
16.Нанҳәа.2023
Инар Ладариа Панамтәи аканал аартра 109- шықәса ахыҵра аныҳәа далахәын.
Аҟәа. Нанҳәамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Никарагууа иҟоу Панама Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала, Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа нанҳәамза 15 рзы Панамтәи аканал аартра 109- шықәса ахыҵра аныҳәа иҽалаирхәит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура.
Аныҳәатә усмҩаԥгатә аҿы асасцәа ирыдгалан Панамтәи аканал аргылара, ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьеи ԥхьаҟатәи аперспективақәаеи рзы адыррақәа.
Акультуратә программа иалагалан Панама акультура аазырԥшуа амузыкатәи акәашаратәи ақәгыларақәа.