АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Нанҳәа.2023

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа игәабзиаразы ашәарҭара ыҟам.

Аҟәа. Нанҳәамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа москватәи аклиникақәа руак аҿы аоперациа изун.  

«Ачымазарашьақәыргылара ашьҭахь, уи аоперациа изыҟарҵеит. Апроцедура бзианы имҩаԥысит. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа игәабзиареи иԥсҭазаареи рзы шәарҭара ыҟам» , -ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.  

Аҳәынҭқарра Ахада ишьапы дықәгыларц азы мышқәак аҭаххоит. Дшаабзиахалак  ашьҭахь, иара Урыстәылатәи Афедерациахь имаҵураныҟәара иациҵоит.


Read 222 times - Ахаша, 16 Нанҳәа 2023 20:55
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.