АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Нанҳәа.2023

Нанҳәамза 26 рзы Аԥсны ихацыркхоит амузыкатә фестиваль Хьыбла Герзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…»

Аҟәа. Нанҳәамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 26, 2023 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуеит Жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль «Хьыбла Герзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…» аартра. Афестиваль "Хьыбла Герзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…" мҩаԥысуеит 2001 шықәса раахыс. Аԥхьанатә иара Аԥсны акәын иахьымҩаԥысуаз, аха нас уи аҳәаақәа ирҭыҵны аҽарҭбааит: Москва, Санкт-Петербург, Казань, Австриа, Монако, Швеицариа, Латвиа, Британиа ду, Италиа, ЕАА.

Зыхьӡ ахара инаҩхьоу ари афестиваль Џьакомо Пуччини иопера «Тоска» анагӡарала ихацыркхоит. Ихадоу ахацәа Марио Каварадоссии абарон Скарпиеиа рпартиақәа нарыгӡоит еицырдыруа аопертә шәаҳәҩцәа Арсен Согомониани Владислав Сулимски. Флорииа Тоски лроль ала дықәгылоит  Хьыбла Герзмаа, уи уаанӡа изныкымкәа ари апартиа Станиславскии Немировичи-Данченкои рыхьӡ зху Амузыкатә театр, иара убас Мариинтәи атеатри атеатр Дууи рҿы изныкымкәа иналыгӡахьан. Абри азы адырра ҟаҵоуп афестиваль апресс-релиз аҿы.

Италиатәи арепертуар анагӡаҩ нагацәа ари ахәылԥаз аҿы ирыцлоит ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәамза  11 – 22 рзы Москва ақалақь аҿы имҩаԥысыз Хьыбла Герзмаа иаԥшьылгаз  Актәи жәларбжьаратәи аконкурс алауретцәа: Алеқсеи Кулагин, Виачеслав Василиев, Глеб Периазев, Дамир Садуахасов, Мариа Лупариовеи Ливеи Хоу. Амузыкатә усмҩаԥгатә мҩаԥысуеит Москватәи  аҳәынҭқарратә академиатә симфониатә оркестр ацны, адирижиорс пульт дахагылоит Урыстәыла зҽаԥсазтәыз арист, атеатр Ду адирижиор Антон Гришанин. Амузыкантцәа рнаҩс афестиваль аартра ацеремониа ихы алыирхәуеит  еицырдыруа ателемҩаԥгаҩ Иулиан Макаров. Иазгәаҭатәуп, аусмҩаԥгатә С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр ахыбра аҿаԥхьа уи азы ҷыдала идыргылаз иаарту аплошьадкаҿы имҩаԥысуеит.

Афестиваль анаҩстәи аконцерт убасҵәҟьа иаарту аплошьадкаҿы имҩаԥысуеит: нанҳәамза 28 рзы Пицундатәи ауахәама аҿаԥхьа аоператә сцена апримадонна Хьыбла Герзмаа иаԥшьылгаз Актәи Жәларбжьаратәи авокалистцәеи аконцермеистрцәеи рконкурс алауретцәа дрыцықәгылоит. Алеқсеи Кулагин, Ольга Маслова, Вичеслав Василиев, Глеб Периазев, Ливеи Хоу, Марииа Лупариова, Дамир Садуахасов, Жаргал Цырендагбаевеи Гульдана Алдадосовеи  урыстәылатәии жәларбжьаратәии акомпозиторцәа роперақәеи рдуетқәеи нарыгӡоит.

Аопертә шәаҳәаҩы иаԥшьылгаз аконкурс аҿы аиааира згаз, Урыстәыла, Китаи, Ҟазахсҭан рҟынтәи абаҩхатәра злоу авокалистцәа  Москватәи аҳәынҭқарратә академиатә симфониатә оркестр иацны иқәгылоит, адирижиортә пульт дахагылоит — Антон Гришанин.  Хьыбла Герзмаа иаԥшьылгаз аконкурс алауретцәа дрыцықәгылоит К.С. Станиславскии  Вл.И.Немировичи-Данченкои рыхьӡ зху Амузыкатә театр асолистка Полина Шаровароваи А. Иа. Ваганова лыхьӡ зху Аурыс Балет Академиа астудентка Кристина Ҷкотуа. Аныҳәатә концерт амҩаԥгаҩ — Иулиан Макаров.

Аԥсны аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит акультуратә аԥшьгарақәа рзы Апрезиденттә фонд иҟанаҵо адгыларала, иара убас Урыстәылатәи Афедерациа акультура Аминистрреи Аԥсны акультура Аминистрреи УРЫСКОНЦЕРТи рыцхыраарала.

Аконцертә қәгыларақәа рнаҩс афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп артистцәеи апрофильтә музыкатә ҵараиурҭақәа рҵаҩцәеи рырҿиаратә еиԥыларақәа рымҩаԥгара.

Ашәаҳәаҩ лзы игәакьоу Аԥсны анаҩс, афестиваль аусмҩаԥгатәқәа Урыстәыла, Белоруссиа, Ҟазахсҭан, уҳәа 20 қалақь рҿы имҩаԥгахоит. Убас ала, афестиваль ессааира аҳәаақәа арҭбаауа аҩаӡара ҿыц ахь инаӡоит. Аконцертқәак рзы апроект аофициалтә социалтә ҳақәа рҿы зынагӡара алшо аонлаин-транслиациақәа мҩаԥгахоит.

Хьыбла Герзмаа — аоператә сцена апримадонна ҳәа дазхаҵоуп. Ахаризма злоу, акы иаламҩашьо абжьы хаа змоу Хьыбла Герзмаа аклассикатә ариақәа рҿы еиԥш аџьазтә имправизациақәа рыҿгьы еиԥшны ибзиаӡаны дықәгылоит. Уи лзыӡырҩцәа акы иаламҩашьо лыбжьы атембри зыҩаӡара ҳараку лынагӡара атехникеи актиортә ҟазареи рыла илтәылтәуеит.  Аоператә нцәахәы Хьыбла Герзмааԥҳа  —аурыси адунеитәи оператә ҟазара арҿиараҿы реиҳа иналукааша аоператә шәаҳәаҩы, уи афиша аҿы лыхьӡ — иарбан тәылазаалакгьы аҿы аншлаг шыҟало арҵабыргуеит. Амузыка гәыла-ԥсыла иазыҟоу Хьыбла Герзмааԥҳа – иахьа адунеи аоператә сценақәа рыҟны азҿлымҳара ду змоу шәаҳәаҩуп. Лара дықәгылоит иреиӷьӡоу аконцерттә сцена дуқәа - Ла Скала, Ковент-Гарден, Метрополитен-опера, Бавариатәии Римтәии атеатрқәа рыҟны, Венатәи аопера аҟны. Ашәаҳәаҩ адунеи акыр џьара аконцерттә программақәа лыманы агастрольқәа мҩаԥылгоит. Аха уи анаҩс Хьыбла Герзмааԥҳа иара убас Москватәи аконсерваториа аҿы асолотә шәаҳәара акафедра адоцентс дыҟоуп, лара амузыкатә фестиваль «Хьыбла Герзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…» аԥҵаҩыси анаԥхгаҩыси дыҟоуп, иара убас Жәларбжьаратәи авокалистцәеи аконцертмеистрцәеи рконкурс ашьаҭаркҩыс дыҟоуп.

 

 

 


Read 274 times - Ахаша, 16 Нанҳәа 2023 22:32
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.