АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Нанҳәа.2023

Аҳазылхратә ҭыԥ «Ԥсоу» аҿы адекларациа змамыз 600 пачка рҟынӡа асигаретқәа рымхара мҩаԥгахеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳазылхратә ҭыԥ «Ԥсоу» аусзуҩцәа аҳазылхратә гәаҭара  азона аҿы агәҭаразы иааныркылеит Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩ зыԥсҟы икыз автомашьына.  Аидараҭыԥи амашьына асалон ашьҭахьтәи ахәҭеи ргәаҭараан иаарԥшын амхрагьы мҩаԥган 600 пачка рҟынӡа асигаретқәа, уи аҟазаара азы ишьақәыргылоу аформала адырра ҟаҵамызт, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аофициалтә саит.

Иарбоу административтә зинеилагара азы аматериалқәа зегьы Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аҭҵаареи аҳазылхратә усеилыргарақәеи рыҟәша ахь инашьҭуп.

 

 


Read 274 times - Аԥшьаша, 17 Нанҳәа 2023 12:51
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.