
pressadmin-2
АԤСНЫТӘИ АИХАМҨА АНАПХГАРАҬАРЕИ АКОЛЛЕКТИВИ ЗЫԤСҬАЗААРА ИАЛҴЫЗ АРЕСПУБЛИКАТӘ УНИТАРТӘ НАПЛАКЫ РАԤХЬАТӘИ АНАПХГАҨЫ ГӘЫРАМ ГӘЫБАЗ ИУАЦӘЕИ ИҬЫНХАЦӘЕИ ИРЫДЫШШЫЛОИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә унитартә Наплакы «Аԥснытәи аихамҩа» анапхгараҭареи аколлективи зыԥсҭазаара иалҵыз Аунитартә Наплакы раԥхьатәи анапхгаҩы Гәыбаз Гәырам Сардион-иԥа иуацәеи иҭынхацәеи ирыдышшылоит.
Гәырам Сардион-иԥа акыр шықәса инеиԥынкыланы аихамҩатә усхкы аҿы аус иухьан, аибашьра ашьҭахьтәи аамҭахәҭа азы Аԥснытәи аихамҩа аиҭашьақәыргылара аҿы акыр аџьабаа ибеит. 1992 шықәсазы Ареспублика Аԥсны аминистрцәа Реилазаара Ақәҵара инақәыршәаны иара Кавказнҭыҵтәи аихамҩа Самтредтәи аҟәша аҿы Ареспублика Аԥсны аминистрцәа Реилазаара ахаҭарнакс дҟаҵан.
АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ԤШЬ-МАШЬЫНАК ЗЛАХӘЫЗ АМҨАТӘ МАШӘЫР ҞАЛЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥшь-машьынак злахәыз амҩатә машәыртә хҭыс ҟалеит Аҟәа ақалақь, Ӡиӡариа имҩа аҿы.
ЕДУАРД БЫҬӘБЕИ ВИКТОР ФИСЕНКОИ АГӘАБЗИАРАХЬЧАРА АГАНАХЬАЛА АԤСНИ УРЫСТӘЫЛЕИ РЫБЖЬАРА АУСЕИЦУРА АЗҴААРАҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Москваҟа иусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Виктор Фисенко диԥылеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.
Едуард Быҭәбеи Виктор Фирсенкои агәабзиарахьчара аусхкы аҟны аҩганктәи аусеицура азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.
АҞӘА ИҞОУ «МОСКВА АҨНЫ» ОЧАМЧЫРА АРАИОН АШКОЛҚӘА АСАХЬАРКЫРАТӘ ЛИТЕРАТУРА ҲАМҬАС ИАРҬЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 3, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь иҟоу Москватәи акультура-усуратә Центр «Москва Аҩны» аԥшьаша, абҵарамза 3 рзы 500 цыра шәҟәы инареиҳаны асахьркыратә литература Очамчыра араион ашколқәа ҳамҭас иарҭеит.
Ацхыраара Моква ақалақь Анапхгара афинанстә дгылара иабзоураны иҟаҵоуп.
«Сынтәа ҳара ашколтә библиотекақәа рзы асахьаркыратә литература аахәараҿы ацхырааразы иҳадҵаалахьан Очамчыра араион ашколқәа ҩба. Урҭ рыла аҵаратә программа инақәыршәаны азыҳәамҭа еиқәыршәан. Иахьа ҳара арҭ ашколқәа 500 цыра инареиҳаны асахьаркыратә литература ашәҟәқәа ҳамҭас ираҳҭоит. Араҟа иҟоуп аклассикатәи асахьаркыратәи литература. Ҳара ашколхәыҷқәа ираҳҭаз аҳамҭа ргәаԥхап ҳәа, аҵаратә процесс аиӷьтәра иацхраап ҳәа агәыӷра ҳамоуп. Ас еиԥш алагамҭа ҳара есышықәса иҟаҳҵоит. Иааиуа ашықәс азы ҳара даҽа убри аҟара ашәҟәқәа Гал ақалақь ашколқәеи Очамчыра ақалақь абиблиотека Хадеи рыҭара ҳалшап ҳәа агәыӷра ҳамоуп», - ҳәа илҳәеит «Моква Аҩны» аҳәынҭқарратә субсидиақәа рыҟәша аиҳабы Мариа Соиа.
ЗВОЛЬҲАРАКУ АФЫМЦАЦӘАҲӘА «АҼГӘАРА» АҾЫ АҚӘЫӶӘӶӘАРА ИАЦҴАХЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 4 рзы, ашьжьымҭан, асааҭ 10 инаркны звольҳараку афымцацәаҳәа «Аҽгәара- 220» аҿы ақәыӷәӷәара иацҵахеит. Аенергетикцәа афымцацәаҳәа ақәыӷәӷәара иацҵо амҩангага аҟазшьарбагақәа гәарҭоит. Аԥышәа амҩаԥгара арежим иаанарԥшыз ала, ацәаҳәа ихымԥадатәиу аноминалтә қәыӷәӷәара амоуп.
Ацәаҳәа аҿы имҩаԥысуа аусурақәа ирылахәын «Амшынеиқәа» иатәу амаҵзурақәа зегьы.
АФИНАНСҚӘА РМИНИСТРРА АԤСНЫ АБИУЏЬЕТТӘ ҲАСАББАРА АВТОМАТИЗАЦИА АЗУРА АЗЫ АПРОГРАММТӘ ААЛЫҴ АИҚӘЫРШӘАРА АЗЫ АКОНКУРС МҨАԤНАГОИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Афинансқәа Рминистрра «Ареспублика Аԥсны абиуџьеттә ҳасаббара автоматизациа азура азы апрограмматә аалыҵ аиқәыршәара иазку аусурақәа рынагӡара азы» иаарту аконкурс мҩаԥнагоит.
Аконкурс алахәхара азы азыҳәамҭақәа ралаҵара аҽҳәара – абҵарамза 2 инаркны абҵарамза 18, 2022 шықәса аҟынӡа.
ЗВОЛЬҲАРАКУ АФЫМЦАЦӘАҲӘА «АҼГӘАРА» АҾЫ АҚӘЫӶӘӶӘАРА ИАЦҴАХЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 4 рзы, ашьжьымҭан, асааҭ 10 инаркны звольҳараку афымцацәаҳәа «Аҽгәара- 220» аҿы ақәыӷәӷәара иацҵахеит. Аенергетикцәа афымцацәаҳәа ақәыӷәӷәара иацҵо амҩангага аҟазшьарбагақәа гәарҭоит. Аԥышәа амҩаԥгара арежим иаанарԥшыз ала, ацәаҳәа ихымԥадатәиу аноминалтә қәыӷәӷәара амоуп.
Ацәаҳәа аҿы имҩаԥысуа аусурақәа ирылахәын «Амшынеиқәа» иатәу амаҵзурақәа зегьы.
АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА 25-ШЫҚӘСА АХЫҴРА АИУБИЛЕИ АЗГӘАНАҬОИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 2 – 5 рзы, Аҟәа ақалақь аҿы Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа 25-шықәса ахыҵра иазкны аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит, ҳәа иаанацҳауеит Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа апресс-маҵзура. Аԥснытәи аҳәынҭқарра иҿыцӡоу аҭоурых аҿы ари акыр зҵазкуа ахҭыс Ареспублика анаукатә еилазаара рыцазгәаҭара азы Аԥсныҟа иааит жәаҩыла асасцәа.
Абҵарамза 2 рзы аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа хацзыркуа усмҩаԥгатәны иҟалоит Аԥсны аҵарауаа ҿарацәеи аспирантцәеи рнаукатә конференциа.
«Ҩажәи хәба шықәса рыла Аԥсны еиҵагылеит аԥсабарадырреи агуманитартә ҭҵаареи рхырхарҭала иҿыцу аҵарауаа рабиԥара. Аԥсны анаукатә усзуҩ ҿарацәа иҿыцу адыррақәеи аԥышәеи рыла Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут, Аботаникатә Институт, Аексперименталтә патологиеи атерапиеи Ринститут, Аҟәатәи афизика-техникатә Институт, Ақыҭанхамҩатә Институт, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аекологиа Аинститут аилазаара иалалаз Агидрофизикатә Институт, уҳәа рҿы еиқәырханы иаанхаз анаукатә школқәа хәызмаӡам аԥышәа дырбеиоит, идырҭбаауеит. Аҭҵааҩцәа ҿарацәа рыцхырааразы ицәырҵит ҳаамҭа иақәшәо атехнологиақәа.
Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа асистема иаҵанакуа анаукатә усбарҭақәа афинанстәра акыр ишхьысҳазгьы, Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа апрезидиум, Академиа акадрқәа разыҟаҵареи аспирантуреи рыҟәша шәҩыла аҟыбаҩ злоу аҿар аҵак ду змоу аусурахь радыԥхьалареи разыҟаҵареи алшеит», - ҳәа иазгәаҭоуп Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа апресс-релиз аҿы.
«АМШЫНЕИҚӘАФЫМЦАМЧ» АԤСНЫ АХӘҬАК АҾЫ АФЫМЦАМЧ АЛА АИҚӘЫРШӘАРА АԤКРАҚӘА АЛАНАГАЛЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. «Амшынеиқәафымцамч» Аԥсны ахәҭак аҿы афымцамч ала аиқәаршәара аганахьала асааҭ 10:00 инаркны 15:00 рҟынӡа аԥкрақәа аланагалеит. Уи зыдҳәалоу звольтҳараку афымцацәаҳәа «Аҽгәара» аҿы имҩаԥысуа аиҭашьақәыргыларатә усурақәеи Урыстәылантәи афымцамч аашьҭра аганахьала ишьақәгылаз адефицити роуп, ҳәа иаанацҳауеит «Амшынеиқәафымцамч» апресс-маҵзура.
ПИЦУНДАТӘИ АОРӶАН 47 ШЫҚӘСА АХЫҴИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 1, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Пицундатәи аорӷан 47-шықәса ахыҵит. 47- шықәса раԥхьа, абҵарамза 1, 1975 шықәса рзы Аԥсны акультуратәи амузыкатәи аԥсҭазаара аҿы аҭоурыхтә хҭыс ду ҟалеит – Пицунда ақалақь аҿы зқьы шықәса зхыҵуаз аныхабаа аҿы аорӷан шьақәыргылахеит. Аорӷан аҟаҵареи ашьақәыргылареи ирыдҳәалоу аусурақәа нанагӡон Аилазаара «Алеқсандр Шуке»- иарбоу амузыкатә инструментқәа рҭыжьразы Германиа иреиӷьу афирмақәа иреиуоу. 47-шықәса раԥхьа адунеи амузыкатә хсаала аҿы аорӷан ахьышьақәыргылоу иҿыцу даҽа концерттә залк цәырҵит. Абар шьҭа ажәашықәсақәа инеиԥынкыланы ари зеиӷьаҟам, ҳреспублика иагәадуроу аинструмент аҭыԥангьы амузыка абзиабаҩцәа реиԥш, хыԥхьаӡара рацәала Аԥсны иаҭаахо асасцәагьы ргәалаҟазаара шьҭнахуеит.
Ари ижәытәӡатәиу аԥснытәи аныхабаа аҿы ишьақәыргылоу, зеиԥшыҟам акустика змоу амузыкатә инструментқәа раҳ иахылҵуа ауникалтә бжьы ахьӡ-аԥша ҳтәыла анҭыҵ инаҩхьеит. Аԥсны еиԥш Пицундатәи аорӷангьы акыр ауадаҩрақәа ирхысит, акырынтә «аԥсра иацәынхахьаз», аха уеизгьы, иааиԥмырҟьаӡакәа гәцакарала иаиуо ахшыҩзышьҭреи, иуадаҩу аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгареи ирыбзоураны, иахьа уажәраанӡагьы ари аныхабаа ианыҩуеит утәызтәуа, иршанхагоу уи абжьы.