Аслан Бжьаниа иажәақәа рыла, иахьа иҟоу апроблемақәа рӷьырак афинанстә лагалақәа маҷымкәа зҭаху роуп.
«Амҩатә инфраструктура имаҷымкәа афинансқәа ралагалара аҭахуп, аихамҩа акәзар, иахәҭоу арежими аформати ала аус ауӡом, избан акәзар, уи аԥаратә хархәагақәа алагалара аҭахуп, абаӷәазатә нхамҩа аҿиара аҭахны иҟоуп. Аҳаирбаӷәаза аганахьала аусура цоит, аха уигьы марианы имҩаԥысуам. Убри зегьы аҳәынҭқарра азы ихадоу зҵаарақәаны иҟоуп», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Уи аекономика мыҿиар егьырҭ аусхкқәагьы гәыгәҭажьхоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
«Атәылахьчара азҵаара Аԥсны аекономикатә лшарақәа рыҿиара ишиашоу иадҳәалоуп. Дарбанызаалак уи еиликаауазароуп», - ҳәа ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа рахь ихы рханы иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Аҳәынҭқарра Ахада ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа атуристтә усхкы аҿиареи апарт-отельқәа рыргылареи иадҳәалоу инарҭбаау аусшәҟәы роураны иҟоуп ҳәа иазгәеиҭеит.
«Ҳара зыдгалара мҩаԥааго апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, иарбоу аусхкы 10 шықәса ирылагӡаны иалагалазароуп 150 млрд. мааҭ. Мамзаргьы аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны иҳамоу 1 млрд 300 млн, мамзаргьы шықәсык ахь 15 млрд. мааҭ. Ари аиҟарамра акыр идууп», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Аслан Бжьаниа асеиԥш иҟоу апрогрмма дуқәа нагӡамхар, ауаа акыр изыргәамҵуа апроблемақәа жәпакы рыӡбара залыршахом ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Уи абанктә система аҿиара шхымԥадатәиу азгәеиҭеит.
Аҳәынҭқарра убасҵәҟьа аобиектқәа рыприватизациа аҟынтәи афеида амазар ахәҭоуп.
«Хыԥхьаӡара рацәала аҳәынҭқарратә мазара иаҵанакуаз аобиектқәа априватизациа рызуп, уи аҟынтәи аҳәынҭқарра афеида амаӡам, урҭ аобиектқәа баша игылоуп, аилыбгара иаҿуп. Амуниципалтә мазара иаҵанакуа аобиектқәа рацәаны қьырала ирыҭоуп, уи аҭагылазаашьагьы нагӡаны еилкаам. Ҳара иҳамаӡам ақьыратә шәатәқәа рышьақәыргылара азы иалкаау азнеишьа. Арҭ аԥҟарақәа еиқәыршәаны абжьааԥнытәи апрактика иалагалатәуп», – ҳәа иазгәеиҭеит иара.
Аилатәара ахыркәшамҭаз Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсны иамоу алшарақәа зегьы ахархәарала ашьапы иқәгылароуп, аҿиарамҩа ианылароуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.