- аԥсыӡтә ресурсқәа ралкаареи разԥхьгәаҭареи рзы анаукатә ҭҵаарақәа рымҩаԥгара азы аспециалистцәа разыҟаҵара;
- Аԥсны аԥсыӡкра аусхкы аҿы екологиала ишәарҭадоу иҭышәынтәалоу анхамҩатә усура азы ашықәс аамҭақәа зегьы зҵазкуа есышықәсатәи анаукатә ҭҵаарақәа рымҩаԥгара;
- Амшын Еиқәа аӡымҽхак аҿы ааглыхратә ԥсыӡкра азы ззин ыҟоу азеиԥш хыԥхьаӡара азы аԥҟарақәа, аинструкциақәа, анормативқәа, уҳәа егьырҭ анапхгараҭаратә усшәҟәқәа раԥҵареи алагалареи.
Апрограмма апроект адгалара мҩаԥго, аекологиа Аинститут адиректор Роман Дбар иҳәеит: «Иарбоу ахырхарҭа анхамҩатә усура аганахьала уахәаԥшуазар, ареспублика азы акыр зҵазкуа акәны иҟоуп. Убри аан, есышықәса анаукатә еилазаара иазырхоу азҵаарақәа рацәаны ицәырҵуеит. Аха урҭ зегьы рҭакқәа аҟаҵара залыршахом, избан акәзар, ари аусхкы еиҳа аамҭа ақәырӡреи аспециалистцәа разыҟаҵареи ахәҭаны иҟоуп. Иаагозар, иҳаҩсыз ашықәс азы, 60 нызықь тонн аԥсыӡ акра алыршахеит, сынтәа акәзар 10-нтә еиҵаны. Жәаҳәарада, Амшын Еиқәа аӡымҽхак аҿы аԥсыӡтә ресурс иадҳәаланы иҟоу аҭагылазаашьа зеиԥшрои, тенденциақәас иҟоуи, ҳаԥхьаҟа ҳаззыԥшуи ҳәа азҵаарақәа цәырҵуеит».
Арҭ азҵаарақәа рҭак аҟаҵаразы, аеколог иажәақәа рыла, анаукатә ҭҵаарақәа, аметодикатә усдуларақәа аҭахуп, аха зегьы раԥхьаӡа иргыланы, аспециалистцәа разыҟаҵара хымԥадатәуп.
«Ари ахықәкытә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны, иҷыдоу агәыԥ аԥҵоуп, аӡәы идамзаргьы, иҳаракӡоу акатегориа змоу аспециалисти аекологиа Аинститут аихтиологиа алабораториа аҿы аусуразы ҩыџьа аспециалистцәеи разыҟаҵара алыршахеит», - ҳәа иҳәеит Роман Дбар.