
pressadmin-2
АԤСНЫ ЕИЗГОУ АКОМАНДА АШЬАПЫЛАМПЫЛ АЗЫ ЕВРОПА АХРАҾАГАРА CONIFA 2023 АЛАХӘХАРА АЗЫ АҼАЗЫҞАҴАРАҚӘА ИРХЫСУЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 31, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны еизгоу акоманда CONIFA аверсиа ала ашьапылампыл азы Европа Ахраҿагара 2023 алахәхара азы аҽазыҟаҵарақәа ирхысуеит. Абри азы адырра Аԥсныпресс ахь иҟаиҵеит Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа апрезидент Ҭарашь Ҳагба.
CONIFA аверсиа ала ашьапылампыл азы Европа Ахраҿагара 2023 (EFC) мҩаԥысуеит 2023, рашәарамза 3 – 11 рзы Аҩадатәи Кипр аҿы.
Абҵарамза 9 рзы Ҭырқәтәылатәи Ареспублика Аҩадатәи Кипр аҳҭнықалақь Лефкош аҿы ConIFA европатәи аҟәша апрезидент Альберто Рискиои Аҩадатәи Кипр Ашьапылампылтә Федерациа апрезидент Ҳасан Сертоглуи алархәны апресс-конференциа мҩаԥгахоит. Араҟа урҭ Европатәи Ахраҿагара амҩаԥгара аҽазыҟаҵарақәа зегьы рымҩаԥысшьа атәы еиҭарҳәоит.
Иахьазы ишьақәырӷәӷәахеит CONIFA аверсиа ала ашьапылампыл азы Европа Ахраҿагара 2023 (EFC) алоготип, уи иаԥиҵеит CONIFA аконкурс аҿы аиааира згаз Стефано Вои (Stefano Voi). Алоготип адгалара мҩаԥган мшаԥымза, 2022 шықәсазы.
ТРАДИЦИАЛА ИШЫШЬАҚӘГЫЛАХЬОУ ЕИԤШ ЛЫХНЫ АҚЫҬАН ИМҨАԤЫСУЕИТ ҬАГАЛАНТӘИ АҼАҨРА АНЫҲӘА МҨАԤЫСУЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан, аҭоурыхтә дәы «Лыхнашҭа» аҿы традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш имҩаԥысуеит ҭагалантәи аҽаҩра аныҳәа.
Ари амш азы «Лыхнашҭа» аҿы еизеит хыԥхьаӡара рацәала ауаажәлар – Аԥсны ауааԥсыреи асасцәеи.
Ари аныҳәа зхы алазырхәыз Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа еизаз зегьы аныҳәа рыдиныҳәалеит. Уи ажәлар рахь ихы рханы аԥсышәала дрыдныҳәалеит:
«Ажәлар шәхаҵкы! Шәеибабара, шәеиқәшәара еснагь абзиа иазҳәазааит. Лыхнашҭа – Аԥсны аҳ иаҳҭынра ахьыҟаз, аԥсныжәлар ргәы иҵхо азҵаарақәа иахьрылацәажәоз, иахьырыӡбоз ҭыԥуп. Лыхнашҭа шаҳаҭра ауеит Аԥсны имҩаԥысхьо ахҭыс дуқәа.
Ҳахааны, иаҳдыруа ҳаԥсадгьыл азы иҟамлац агәкаршәра. Иахьагьы адунеи аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа жәбоит. Еснагь еиԥш иахьагьы иаҳҭахуп аидгылара, аилибакаара. Ҳәоуеиқәшәарыла, патула, ҳаҭырла ҳанеибаба, уаҵәтәи амш еиҳагьы еиӷьхоит. Ус сара сазхәыцуеит.
Иахьа аныҳәа ҳаиднакылеит, анхацәа шәчеиџьыка шәнапы иқәыргылан асасцәа шәырԥылоит. Иҭажәгало гәырӷьа-чысла инышәхлааит! Ҽаанбзиала!».
Ажәлар аныҳәа рыдиныҳәалеит иара убас Гәдоуҭа араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба.
«Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар! Ҳаҭыр зқәу Аҳәынҭқарра Ахада, еизаз зегьы. Гәдоуҭа араион Ахадара ахьӡала бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәоит. Иахьа ҳара ҳаизеит адунеи аҿы еицырдыруа, аҭоурых ду змоу ақыҭа аҿы. Ажәлар рлахьынҵа анырыӡбоз аамҭақәа зегьы рзы уи араҟа, Лыхнашҭа ауп иахьымҩаԥысуаз. Иахьагьы арҭ атрадициақәа рынагӡара иацырҵоит еиҵагылаз Лыхны аҿар. Ҳыҭыр зқәу ажәлар, Анцәа Ду имчала иахьа иаашәрыхыз, иҭажәгалаз аура зегьы афара-ажәра бзиа аиуо, абзиаразы инышәхуа иҟалааит! Арыцҳара ҟамлааит! Аринахысгьы араҟа абзиарақәа рзы ҳаизалаааит! Зегьы агәабзиареи агәамчи аизҳазыӷьареи шәзеиӷьасшьоит!»
«Лыхнашта» адәы аҿы гәдоуҭаа, афонҿыцаа, Гәдоуҭа араион 20 қыҭа аҟынтәи анхацәа аныҳәа азы ҷыдала иргылаз амшьамбақьалақәа рҿы еиуеиԥшым, хкы-хкыла еилоу аалыҵ, итрадициатәу аҩнымаҭәеи абзазаратә маҭәахәқәеи рцәыргақәҵақәа еиҿыркааит.
ЕЛЬВИРА ҬОДУА АШЬАПЫЛАМПЫЛ АЗЫ АҲӘСА РКОМАНДА «ЦСКА» АИЛАЗААРАҾЫ СУПЕРЛИГА-2022 АҾЫ АРАӠНЫ МЕДАЛ ЛАНАШЬАХЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ельвира Ҭодуа ашьапылампыл азы аҳәса ркоманда «ЦСКА» аилазаара аҿы Суперлига-2022 аҿы араӡны медал ланашьахеит.
Ахыркәшаратә етап 6-тәи атур аматч аҿы акоманда «ЦСКА» Ростов-на-Дону акоманда асчиот 3:0 ҳәа ириааит. Убас ала уи акоманда иалахәыз атурнир араӡны медалқәа ранашьехеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.
ОЧАМЧЫРА АРАИОН АҾЫ ИҞАЛАЗ АМҨА-ТРАНСПОРТӘ ХҬЫС АҾЫ ҨЫЏЬА АУАА ҬАХЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭа азааигәара, «Ԥсоу-Егры» еимаздо амҩаду аҿы иҟалаз амҩатә машәыртә хҭыс аҿы ҩыџьа ауаа ҭахеит.
Автомашьына «Ниссан» шаауаз амҩа аҿықәан игылаз аҵла иаахеит. Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ахь ахҭыс шыҟалаз азы адырра ҟалеит 20 сааҭи 18 минуҭи рзы.
АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АПОЛИТИКАТӘ РЕПРЕССИАҚӘА ИРЫЛАӠЫЗ РБАҞА АМҴАН АШӘҬ ШЬЫҴӘРАҚӘА ШЬҬАРҴЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәалашәара Амш. Шьыжьы инаркны Апарламент аҿаԥхьа иҟоу асквер аҿы игылоу аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз рбаҟа ахь инеины ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩцәа Кристина Озгани Владимир Делбеи, арепрессиақәа ирылаӡыз рыуацәеи рҭахцәеи, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
Аԥсны ХХ ашәышықәса 30 – 40-тәи ашықәсқәа рзы иҟаз аполитикатә репрессиақаа быжь нызықь ҩык инареиҳаны ирылаӡит. Арепрессиақәа ирықәшәаз рсиа аҿы иҟоуп еиуеиԥшым амилаҭқәа, азанааҭқәа ирыҵанакуа ауаа, урҭ реиҳараҩык 20 – 35 шықәса зхыҵуаз макьаназы иқәыԥшыз ауаа ракәын.
БАҬАЛ ЧЕЖЬИЕИ МАКСИМ СМИРНОВИ АҬАҶКӘЫМҞЬАРА АЗЫ УРЫСТӘЫЛА АЧЕМПИОНАТ АҾЫ АРАӠНЫ МЕДАЛ АИУРАЗЫ ИМҨАԤЫРГАЗ АИНДАҬЛАРА АҾЫ ЕИҬАХЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҭаҷкәымҟьаҩ Баҭал Чежьиеи урыстәылатәи аспортсмен Максим Смирнови Урыстәыла араӡны чемпион ҳәа атитул аиура азы имҩаԥыргаз аиндаҭлара аҿы еиҭахеит. Аиндаҭлара зыкапантә категориа 79 кьыла рҟынӡа инаӡо рыбжьара имҩаԥысуан, ҳәа иаанацҳауеит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.
8 раундк рыла ишьақәгылаз аиндаҭлара жьҭаарамза 29 рзы Москва ақалақь, Ирина Винер-Усманова лыхьӡ зху агимнастика Ахан арена аҿы имҩаԥысит.
АԤСНЫТӘИ АТХЕКВОНДИСТЦӘА ШӘАЧА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АКТӘИ АҬЫԤҚӘА 16 ААНЫРКЫЛЕИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 29 рзы Шәача ақалақь аҿы тхеквондо ИТФ азы иԥшшәылоу амаҟақәа Рфестиваль мҩаԥысит, уи рхы аладырхәит Аԥснытәи 30-ҩык аспортсменцәа. Атурнир аихшьаалақәа рыла аԥснытәи аспортсменцәа актәи аҭыԥқәа 16, аҩбатәи аҭыԥқәа 5, ахԥатәи аҭыԥқәа 5 ааныркылеит, ҳәа иаанацҳуеит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.
Актәи аҭыԥқәа ааныркылеит: Дамир Ванаба, Арсен Челикиан, Рамина Атуниан, Сергеи Григории Барцыц, Наира Ексузиан, Гурен Терзиан, Леонард Кериан, Нионила Ахриутина, Даниел Манукиан, Вероника Чакриан, Тигран Хамалиан, Руслан Трапизониан, Роланд Абрамиан, Аркади Саркисиан, Андреи Миносиан.
Атурнир араӡнытә ԥхьахәгаҩцәас иҟалеит: Даниил Барцыц, Камилла Папазиан, Бондан Ахриутин, Милена Косиани Станислав Касумиани.
МОСКВА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИААДЫРТИТ АШӘҞӘЫҨҨЫ ФАЗИЛЬ ИСКАНДЕР ИМЕМОРИАЛТӘ КАБИНЕТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 31, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Москва ақалақь, «Правда» амҩа, № 11 ала иҟоу Абиблиотека № 36 аҿы иҟоу Фазиль Искандер ихьӡ зху Акультуратә Центр аҿы иаатит ашәҟәыҩҩы Фазиль Искандер Имемориалтә кабинет. Амемориалтә кабинет аӡыргара-хәылԥазы ахь иааит Москва ақалақь алитературатә еилазаара ахаҭарнакцәа, хаҭала Фазиль Искандер дыздыруаз алитераторцәа, Фазиль Искандер иҭаацәа иреиуоу, Москва инхо аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа, ашәҟәыҩҩы иҟазара абзиабаҩцәа, уҳәа убас аӡәырҩы.
Ахәылԥаз Абиблиотека Акультуратә Центр анапхгараҭарала еиҿкаан. Аусмҩаԥгатә аиҿкаара рхы аладырхәит иара убас ашәҟәыҩҩы иҭаацәеи иара убас Москватәи аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәеи. Аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит Москватәи Аԥсуа диаспора Анапхгараҭара Ахантәаҩы Беслан Агрба, ҳәа иаанацҳауеит Москватәи аԥсуа диаспора аофициалтә саит.
Аусмҩаԥгатә алагеит Амемориалтә кабинет адемонстрациа ала, анаҩс асасцәа уи аекспонатқәа дырбахеит. Уи мҩаԥылгеит ашәҟәыҩҩы иԥшәмаԥҳәыс Антонина Михаил-иԥҳа Хлебникова-Искандер.
Ахәылԥаз мҩаԥигон Евгени Попов – ашәҟәхыҩҩы, Аурыс Пен-центр авице-президент.
Ахәылԥаз ааиртит Урыстәылатәи Афедерациа жәлар рартист Авангард Леонтиеев. Уи ашәҟәыҩҩы изаау ирҿиамҭақәа иреиуоу-ажәабжь «О море» исахьаркны даԥхьеит.
ЖЬҬААРАМЗА 31 РЗЫ ИАЗГӘАРҬОИТ АМШЫН ЕИҚӘА ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АМШ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 31, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаармза 31 рзы иазгәарҭоит Амшын Еиқәа Жәларбжьаратәи Амш. 26 шықәса раԥхьа, жьҭаарамза 31, 1996 шықәса рзы Амшын Еиқәа иаԥну аҳәынҭқаррақәа фба — Болгариа, Румыниа, Ҭырқәтәыла, Қырҭтәыла, Урыстәыла, Украина рыбжьара — Амшын Еиқәа ареабилитациа иазку ауснагӡатәқәа рзы астратегиатә План рнапаҵыҩра мҩаԥысит. Убасҟангьы ари аекологиатә ныҳәа аԥҵаразы аӡбамҭа рыдыркылеит.
Аплан амшынтә ҵакыра ганрацәалатәи аҭҵаара ашьҭахь еиқәыршәан. Аҭҵаарақәа ишаадырԥшыз ала, уи аԥсҭазааралшара аҵыхәтәантәи ҩажәижәаба шықәса ирҿырԥшны уахәаԥшуазар акыр еицәахеит, иарбоу аӡытә ҵакыра ауникалра злоу аԥсабаратә комплексқәа рыиаӡаара азы ашәарҭара ду шьақәгыланы иҟоуп.
Амшын Еиқәа иаҿықәгылоуп Урыстәыла, Украина, Румыниа, Болгариа, Ҭырқәтәыла, Аԥсны, Қырҭтәыла.
Амшын Еиқәа Жәларбжьаратәи Амш ахықәкы хаданы иҟоуп амшын аҿы мҽхакы ҭбаала аԥсыӡкра, аӡы ааглыхратә црыҵқәа алагалара, иара убас аглобалтә ԥхаррахара, уҳәа ирыхҟьаны иаиуа аԥхасҭа азы адыррақәа жәларбжьаратәи ауаажәларратә еилазаара аҟынӡа анагара.
ҲТӘЫЛА ԤХЬАҞАТӘИ АԤЕИԤШ - ҲАРҴАҨЦӘА РОУП: ААУ АҾЫ АРҴАҨЦӘА РЗАНААҬТӘ ДЫРРА АҨАӠАРА АШЬҬЫХРА АЗЫ АКУРСҚӘА ААТИТ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 31, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы ареспублика абжьаратәи ашколқәа аҭоурыхи ауаажәларрадырреи рырҵаҩцәа рзаҵааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхра азы акурсқәа аатит.
Урҭ рхы аладырхәуеит ареспублика араионқәа зегьы рҟынтәи 40-ҩык инарзынаԥшуа азыӡарҩцәа.
Акурсқәа ААУ иҟоу апедагогика аспециалистцәеи аквалификациа ашьҭыхра азы Ареспубликатә Центри атәыла аҵарадырреи абызшәатә политикеи Рминистрреи рыла еиҿкаахеит.
ААУ иҟоу апедагогика аспециалистцәеи аквалификациа ашьҭыхра азы Ареспубликатә Центри адиректор Медеиа Ченгелиа арҵаҩцәа бзиала шәаабеит ҳәа ралҳәеит алекциа атематика атәы рзеиҭалҳәеит.
Уи лажәақәа рыла, аҭоурыхи ауаажәларрадырреи рурокқәа рҿы ахықәкы хадақәа ириуоуп – аҵаҩцәа аҭоурыхтә гәалашәареи Аԥсадгьыл ахь абзиабареи рылааӡара ауп.