pressadmin-2
Аԥснытәи аихамҩа аҿы авокзалқәа рхыбрақәеи аплатформақәеи реиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа ақалақь аихамҩатә вокзал аҿы аиҭашьақәыргылара-ргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит. Авокзал аҩныҵҟа зехьынџьара ажәытә хыбра ақәгараан иаанхаз аргыларатә гәам-сам аҟынтәи ирыцқьоуп. Иаахәаны ишьҭоуп ахыбра ҿыц азы иахәҭоу амаҭәахә зегьы.
Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа актәи аетап аҿы ахыб ҿыц аҟаҵара азԥхьагәаҭоуп. Аҩбатәи аетап аҿы ахыбра ахаҿратә ган рҿыцхоит.
Гагра ақалақь аплатформа «Абаҭаа» аҿы аҽазыҟаҵаратә усурақәа хыркәшоуп, иаарласны ахаҳәцәы ҿыц ақәҵара, иара убас абаркьылкаламҭаԥсатә маакырақәа реиҭашьақәыргылара иалагоит. Аплатформа аҿы афымцамҩангагақәа рыԥсаххьеит.
Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа «Рособоронекспорт» ахаҭарнакцәа дырԥылеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аҿы имҩаԥысит ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниеи Урыстәыла аҳәынҭқарратә Еилазаара «Рособоронэкспорт» ахаҭарнакцәеи реиԥылара.
Хҩык аишьцәа Поповаа Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҟынтәи аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьахеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа Идҵа ала, Алеқсандр, Никита, Максим Поповаа аԥшаара-еиқәырхаратә операциақәа рымҩаԥгараан аԥсеиқәырхаҩцәа рыцхырааразы Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҟынтәи аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьахеит.
«Аџьшьара зауз арԥарцәа уажәадагьы изныкымкәа Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа иҷыдоу аҭагылазаашьақәа раан хабарда ибжьаӡыз ауаа рыԥшаараҿы ирыцхраахьан. Урҭ аԥсеиқәырхаҩцәа русура армариареи еиҳа алҵшәа аарԥшреи рзы ирырҭон рхатәы аԥырҩыда иԥыруа аппаратқәеи урҭ иҭырхыз аматериалқәеи», - ҳәа иазгәаҭоуп аиқәырхаратә Хылаԥшырҭа иҟанаҵо адырраҭара аҿы.
Иҭыжьуп аҿыханҵеи аграфикеи реизакхьӡынҵа “Хазхаҭалатәи аколлекциа”.
Аҟәа. Нанҳәамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. /Алеқсеи Шамба/. Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы ахаша, нанҳәамза 2 рзы Аԥсны Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба Ифонд адгыларала иҭыжьыз аизакхьӡынҵа «Хазхаҭалатәи аколлекциа» аӡыргара мҩаԥысит.
Зтираж 300 екземплиар рҟынӡа инаӡо аизахьӡынҵа иалалеит 2022 шықәсазы Аԥснытәи агәыҳалалратә Фонд «Амшра» ацхыраарала Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы ицәыргақәҵаз 100 инареиҳаны аҿыханҵеи аграфикеи рырҿиамҭақәа.
Аӡыргара аартуа, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла асахьҭыхратә цәыргақәҵа Хада анапхгаҩы Ельвира Арсалиа, 2022 шықәсазы еиҿкааз ацәыргақәҵа аҷыдарас иамаз уи Аԥсны раԥхьаӡа еиҿкааз ахатәы коллекциақәа рцәыргақәҵаны иахьыҟаз ауп ҳәа иазгәалҭеит.
Аҳәынҭқарратә ансамбль «Кавказ» Аахыҵ Уаԥстәыла иқәгылараны иҟоуп.
Аҟәа. Нанҳәамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. К.Ҭарба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашара ансамбль «Кавказ», Б.Галаев ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашареи рышәаҳәареи ансамбль «Симд», нанҳәамза 26 рзы Цхьынвал ақалақь аҿы аконцерт «Аҩызара акәашара» еицымҩаԥыргоит. Уи Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра Урыстәылатәи Афедерациа ала азхаҵара амш 15-шықәса ахыҵра азгәаҭара иазкхоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура.
«Кавказ» асахьаркыратә напхгаҩы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Омар Ҭарба иажәақәа рыла, аколлектив 11 номер рыла иҟоу апрограмма ду еиқәнаршәеит. Аахыҵ Уаԥстәыла ахәаԥшцәа ирбар рылшоит абарҭ акәашарақәа: «Аԥсны аныҳәатә», «Исламеи», ауаԥс жәлар рыкәашара «Симд», «Аҟама ала акәашара», «Ашьхарыуаа рыкәашара», «Ауараа рыкәашара», ахореографиатә поема «Аиндаҭлара», «Аҭыԥҳацәа рыкәашара», уҳәа убас иҵегьи.
Атәылахьчара Аминистрра аҿы асержантцәа, асҭаршинцәа, аунтер-афицарцәа, уҳәа разыҟаҵара азнеишьа ҿыцқәа шьақәдырӷәӷәеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа асержантцәа, асҭаршинцәа, аунтер-афицарцәа, уҳәа разыҟаҵара азнеишьа ҿыцқәа «Аԥсны Арбџьармчқәа рҿы асержантцәа, асҭаршинцәа, аунтер-афицарцәа, уҳәа разыҟаҵара асистема аҿиара» шьақәирӷәӷәеит.
Асержантцәа, асҭаршинцәа, аунтер-афицарцәа, уҳәа акомандаҟаҵаҩ еиҵбацәа разыҟаҵара акурсқәа Аҟәатәи Иреиҳаӡоу Азеиԥшарратә Командаҟаҵаратә Ҵараиурҭа абаза аҿы ишьақәыргылан, урҭ Аԥсны Арбџьармчқәа акадрқәа рзанааҭтә зыҟаҵара асистема иалагалахоит.
Атәылахьчара Аминистрра асаит аҿы иҟоу адыррақәа рыла, акурсқәа рхықәкы хаданы иҟоуп – асержантцәа, асҭаршинцәа, аунтер-афицарцәа, уҳәа акомандаҟаҵаҩ еиҵбацәа рырра-занааҭтә зыҟаҵара аҩаӡара ашьҭыхра, аҟәшеиҵақәа рҿы азинеиҿкаареи арратә дисциплинеи аԥҟаԥҵәатә ԥҟарақәа рықәныҟәареи хаҭалатәи аилазаара разыҟаҵареи рааӡареи, иара убас иуадаҩу арра-еибашьратә ҭыгылазаашьақәа рҿы рнапаҵаҟа иҟоу аруаа рнапхгараҭареи рхылаԥшреи алыршара рзы рдыррақәа реиӷьтәра.
Аԥсны алаинер Astoria Grande Аҟәаҟа ааԥхьара анаҭеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны акруизтә лаинер Astoria Grande адкылареи урыстәылатәи атуристцәа гәахәарыла рԥылареи иазхиоуп. Абри азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иажәақәа рахь азхьарԥш ҟаҵо адырра ҟанаҵоит ТАСС.
«Ареспублика атуристтә маҵзурақәа рырҭбаара иазхиоуп, агеографиатә лшарақәа ҳасаб азуны аԥхынтәи аамҭахәҭа азы акруизтә лаинерқәа рыдкылара еиҳа аперспективра злоу усхкны иԥхьаӡоуп, – ҳәа Баҭымтәи амшынтә баӷәазаҿы урыстәылатәи атуристцәа ирҿагыланы имҩаԥгаз акциақәа рзы игәаанагара ТАСС акорреспондент изеиҭаҳәо иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа. – Аҟәатәи амшынтә баӷәаза техникала Astoria Grande реиԥш иҟоу аӷбақәа рыдкылара алшоит. Гәахәарыла Аԥсныҟа ааԥхьара ҟаҳҵоит, аԥсуара ишаԥу еиԥш асасдкыларагьы ҳазхиоуп».
Нанҳәамза 22 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы имҩаԥысуеит Москватәи акәашара атеатр «Гжель» аконцерт.
Аҟәа. Нанҳәамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 22 рзы Р. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы Москватәи акәашара атеатр «Гжель» аконцерт мҩаԥысуеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура.
Аусмҩаԥгатә Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара ҟалеижьҭеит 15-шықәса аҵра иазкны имҩаԥысуеит. Аконцерт алагара аамҭа - 19:00 рзы, аҩналара хәыда-ԥсадоуп.
Амилициа аусзуҩцәа аҳәаанырцәтәи атәылауаа изакәанымкәа Аԥсны рыҟазаара иадҳәалоу 18 инарзынаԥшуа афактқәа шьақәдыргылеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәаанырцәтәи атәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи Аԥсны Аҳәынҭақарра иахьаҵанакуа рыҟазаара арежим анагӡара аганахьала административтә зинеилагарақәа раарԥшра иазкны имҩаԥгаз ареидтә усмҩаԥгатәқәа раан атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ауаажәларратә шәарҭадара Аусбарҭа, Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ауаажәларратә шәарҭадара амилициа аусзуҩцәа 18 инарзынаԥшуа азинеилагарақәа шьақәдыргылеит.
Ҭеимураз Хьышба ҳаҭыр зқәу асас иаҳасабала Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара атәылақәа Рыхәмарақәа раартра ацеремониа ихы алаирхәраны дыҟоуп.
Аҟәа. Нанҳәамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хьышба ҳаҭыр зқәу асас иаҳасабала Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара атәылақәа Рыхәмарақәа раартра ацеремониа алахәхаразы Минск ақалақь ахь дцеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны атуризм Аминистрра апресс-маҵзура.
Ареспублика Беларусь атуризми аспорти русхы аҿы аусеицура аҿиара, иара убас аҩ-ҳәынҭқаррак рыжәларқәа рыбжьара аилибакаареи традициала ишьақәгылахьоу аиҩызареи рырӷәӷәара ахшыҩзышьра ду анаҭоит.
Аимабзиаратә спорттә еимадара ашьақәгылареи арӷәӷәареи, аҿар рымаха-шьахатәи рдоуҳатәи, иара убас рлеишәатә хра злоу аҟазшьақәа рыҿиареи рыгәҭакқәа рынагӡаразы ргәазҭазаара арӷәӷәареи хықәкыс иҟаҵаны, Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара иахьаҵанакуа абар шьҭа ҩынтәны имҩаԥгахоит Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара иалоу атәылақәа Рыхәмаррақәа.








